Сҭампылтәи аџьармыкьаҿ.
…Длымҭиир-уа длыдыҧсылон,
Длымҭиир – еиҳа еицәан,
Илзыҧшыз зегь лыбла ихгылон,
Амла, ачымазара-нцәан…
Дцәыҵагылан, џьара, акәакьаҿ,
Дааит зегь раҧхьаӡагь шьыжьы.
Уа Сҭампылтәи аџьармыкьаҿ,
Ирылыҩуан ан лыбжьы:
-Сыҷкәын иоуп, дсааӡеит снапала,
Дал – Аҧсны пшӡа агәаны,
Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы…
Лҧа заҵә дихәаҧшуан, дуазыруан,
Мап, илбомызт даҽа мҩак,
Даазхәоз тәыс дҟаиҵон, илдыруан,
Аха имоурыз ча-ҿаҵак!..
Аҧа рыцҳа ҧшьаала дгылоуп,
Иан длыхәаҧшуеит ибла ҭраа,
Аҧагь, ан леиҧш,гәаҟрак далоуп,
Уажәы-уажәы длазҵаауеит ус уа:
-Сан,бызцәажәои ҭырқә бызшәала,
Арҭ зынӡа аҧсшәа рмаҳаӡои?
Былаӷырӡқәа зцои еиқәҳәала,
Сан, аҩныҟа ҳамцаӡои?
Сыҷкәын иоуп, дсааӡеит снапала,
Дал- Аҧсны пшӡа агәаны,
Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы…
-Сан, бызцәажәои ҭырқә бызшәала?
Сан, бызҵәуеи еимаҭәаны?
-Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы…-
…Длымҭиир – уа длыдыҧсылон,
Длымҭиир-еиҳа еицәан,
Илзыҧшыз зегь лыбла ихгылон,
Амла, ачымазара -нцәан…
Мушьни Лашәриа



































