Абизнес амҩаҧысшьа иахылаҧшуа
Озгьиур Ажьиба
Озгьиур Нуреҭҭин-иҧа Ажьиба диит жәабран 27, 1979 ш. . Сақариа ақалақь . Иаби иан Сиулаи Қапҧҳаи ирааӡеит аҧеи аҧҳаи.
Озгьиур абжьаратә школ даналга дҭалоит . Болу ақалақь ауниверситет. Ус арра дцоит. Ашьҭахь , Измит ақалақь амашьынақәа ахьаҟарҵоз афирма” Hundai” аҟны аусзуҩцәа рхылаҧшҩыс хәышықәса аус иуит. Анаҩс , Ҭаифун Арӡынба Ҭҟәарчалынтәи . Ҭырқәтәылаҟа ӷбала иааишьҭуаз арацәа адкылареи , афабрикақәа рахь ашьҭреи дахылаҧшуан, убас Аҧснытәи ахәахәҭра ҭыҧ дуқәа рзы атауарқәа дәықәиҵон. Иахьа Озгьиур аус иуеит Џьенгьиз Ажьиба иҟны. Ҭырқәтәыла ақалақьқәеи ,Европеи, Африкеи рахь ирышьҭуа ахәахәҭратә ҭыҧқәа рзы адулаҧқәеи , архьшәашәагақәеи, авитринақәеи, акыӷәрақәеи ахьыҟарҵо ” Pasifik ” захьӡу, ҧшь-фирмак русура аҩаҧысшьа дахылаҧшуеит . Озгьиур Ажьиба 11ш.ҵуеит кик-бокс азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧигоижьҭеи. Изныкымкәа дрылахәын ачемпионатқәа , иааникылахьеит аҧхьатә ҭыҧқәа. Уажәы аҿарацәа азыҟаиҵо далагеит. Иҭаацәаратә ҭоурых дазхьаҧшуа , Озгьиур иҳәеит амҳаџьырран Аҧснынтәи Ҭырқәтәылаҟа ихнагаз иабду иабду Сасрыҟәеи уи иҧшәмаҧҳәыс Кәыз Кәаӡҧҳаи шракәу. Дара Қьефқьен иӡхыҵит, устәи ицеит аҧсуа қыҭа Аҧсара ,уаантә Бычка ақыҭа нхарҭас иалырхит. Дара ирхылҵит ҧшьҩык аҧацәа. Озгьиур лассы-лассы Аҧсныҟа даалоит , игәы иҭоуп иҧсадгьыл ахь наӡаӡа ахынҳәра. Ҳаҭыр зқәызҵо,згәыбылра зду, бзиа избо сашьцәа Ажьиааи сҩызцәа гәакьацәеи нхоит Аҧсны. Дареи сареи лассы-лассы ҳаибабоит, ҳаиҿцаауеит. Агәыӷра сымоуп сабдуцәа , рабдуцәа иахьрызқәаҭыҧу, сдацқәа ахьынтәаауа сҭоурыхтә дгьыл ахь мышкызны схынҳәып ҳәа-азгәеиҭоит иара. Озгьиур Ажьиба даараӡа иџьысшьаз акәны иҟоуп ихатәы бызшәала аҷҷаҳәа дахьцәажәоз. Хымҧада , уи зыбзоуроу иҭаацәа роуп, аха иҧсадгьыл ахь ихиҵаз ацҳа иара атәы ҟанаҵеит.
Ахыҵхырҭа: С Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа



































