Ихнымҳәыз аб
Мгәыӡырхәа ақыҭан Аԥцхәа ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿы дынхон Дбар Заур Фазлыбеи -иԥа. Заур еиуеиԥшым аамҭақәа раан зны Урыстәыла дынхон , даҽазны Аҟәа.1980-тәи ашықәсқәа раан иабду Иабырҳам дахьынхоз агәарахь дхынҳәит.Иԥшәма Қриа Маринеи иареи ирхылҵит ԥшьҩык ахшаара. Аӡӷаб аиҳабы машәырла лыԥсҭазаара далҵхьан. Иҭынхеит х-ҩык ахшара : Даур, Ҭемыр , Кристина.
Дбар Заур Аԥсны аибашьра ианалага аҩны ддәылҵит . Уаҳа ихабар аӡәгьы издыруам. Аибашьра иадҳәаланы иадҳәаланы аинформациа аилкаара заларшамхеит.



































