Иаҳхамшҭуа афырхацәа.
Дарбану изгәаламшәо 1989ш. Охәреи иҟаз аидыслара? Усҟан Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә еиҿыхарақәа ашьакаҭәаранӡа инанагеит. Убраҟатәи аидыслараҿы дҭахеит Мгәыӡырхәа ақыҭаҿ ииз , изызҳаз Агрба Џьон Заканбеи -иԥа . Агрба Џьон Заканбеи-иԥа диит ҳаҭыри пату зқәыз аҭаацәараҿы . Иаб Заканбеи ачеиџьыка бзиа змаз уаҩын. Иан Валентина Папба еицырдыруаз рҵаҩын . Аус луан Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҟны , лара аиҵбыратәи классқәа ддырҵаҩын . Валентина Папба арҵаҩра инаваргылан арҿиара лнапы алакын. Уи данқәыԥшыз ажәеинраалақәа лыҩуан, акьыԥхь аҿы лассы-лассы дцәырҵуан. Заканбеи Валентинеи ирааӡеит х-ҩык ахшара. Ҩыџьа аԥҳацәеи рԥазаҵәи. Абжьаратә ҵара иалгеит рыхҩык. Џьон даныхәаҷыз инаркны иҩызцәа дахьрылагылазаалак даарылыукаауан. Иқәра иақәнаумыргатә деилҷҷан, дҟәышын. Ашкол данҭаз инаркны уи цәгьала иҭахын аиуристтә ҵара далгарц. Аха уи агәахәара нагӡаанӡа ақырҭцәа иԥзҭазаара ҿахырҵәеит. Уи иуалԥшьа шынаигӡоз Охәреи дыршьит -лҳәеит Саида Агрба -Аҩӡба. Агрба Џьон ашкол даналга арратә уалԥшьа дахысуан Дальни Восток. Даныхынҳә Қарҭ дҭалоит иреиҳаӡоу амилициа школ. Далган даауеит 1988 ш. Убри ашықәс азыҵәҟьа аусура далагоит Гәдоуҭатәи араионтә милициаҿы 1992 ш. Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа ӷәӷәахеит. Аибашьра иалагаанӡа ԥшьымшҟа бжьан . Убри аамҭазы Охәреи ақырҭцәа аидысларақәа мҩаԥыргон. Усҟан аԥсуа гвардиа еиҿкааны иҟаз ала еиҿҟаан аҳәаа ахьчареи арӷәӷәареи. . Уахь Аԥсны амилициаҿы иҟаз еиҳа зыгәра ргоз ауаа аладырхәит. Убас зпатриотизм ӷәӷәаз, иԥышәаз Џьон Агрбагьы ддәықәҵан . Уаҟа иахьнеиз аҳәаа ахьчараҿы ауаа маҷын. Убри аҟынтә ирхьчоз аҭыԥ рацәан. Џьон Агрбеи Гәрам Габниеи џьара еицтәан. Урҭ игәарҭеит ақырҭцәа шрыкушоз .Аха рааигәара ирыцхраашаз ыҟамызт. Џьон иҟаиҵаз адҵала Гәрам ԥыҭк днаскьеит. Ԥыҭҩык еицуп рҳәартә. Аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Ахысыбжьқәа заҳаз Џьонраа рҩызцәа ирыцызгьы арахь еихеит. Аха абраҟа дҭахоит Агрба Џьон Заканбеи-иԥа 1990 ш.Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны имҩаԥыргон 1989ш.иҭахаз аҵеицәа ирызкыз аиԥылара. Уаҟа дықәгылан дцәажәеит Гәрам Габниа. Џьон иара дҭахеит , уи ала сара сеиқәирхеит.Иҟалап иахьиҳәаз сымласкьазтгьы ус ҟамларгьы .Уахь сара сынаскьарала иара амца ихахьы игеит. Сара соуп ихагылаз.Илақәа ҭырхаха дсыхәаԥшуан .. Аҵыхәтәан “Сан “ҳәа иҳәеит. Иахьагьы , сыԥсы ахьынӡаҭоугьы уи схашҭраны сыҟаӡам . Усҟан сара ахәра соуит, иара снапаҿы иԥсы ихихит. Габниа Гәрам лассы -лассы дцон Џьон инышәынҭрахь . Аԥсны аибашьра ианалага марттәи ажәылараан хаҵала дҭахеит. Агрба Џьон иҭахара Аԥсны ахы -ацыхәа зегьы еиднакылеит. Аԥсуа жәлар рҵеи днаскьаргон рнапы дықәыргыланы. Иан Валентина Папба лмыткәма ажәҩан арлашьцон.Адышшылара инеиз Владислав Арӡынба дгәыдкыланы “сыҷкәын ицәа ухызбаауеит” ҳәа иалҳәеит .Уи ашьҭахь аамҭа ԥыҭк цеит, Гәдоуҭа амузеи аиҿкара хшаҿыз заҳаз иаалгеит лыҷкәын Џьон аррантә илзааишьҭыз асалам шәҟәқәа. Урҭ убасҟаҟ дрыхӡыӡаауан, иҵәахны илыман. Абыржәы избошәа сыҟоуп изҭаз арҭамаҟ ду. Ус иааҭыганы иаҳлырбеит, нас ус ҳалҳәеит. Уажәы ишәзаансыжьӡом амузеи анаашәыртуа ишәзаазгоит”ҳәа. Амузеи аҳартаанӡа Џьон иан машәырла дҭахеит, еидкыланы илымаз исалам шәҟәқәа бжьаӡит.
Џьон -лҳәеит Мгәыӡырхәа ашкол рҵаҩыс имаз Емма Роман -иԥҳа -актәи акласс инаркны ҳалаҿы изҳаит. Иан дырҵаҩын , иара еснагь лара длыцын. Ашкол аҩныҵҟа имҩаԥыргозаалакь дрылахәын, деиҿкааҩын, даԥхьагылан . Аҭоурыхи асахьаркыратә литературеи бзиа ибон, амаҭәарқәа зегьы ицааиуан .Џьон аԥсынҵры имоуит, акәымзар хара ицоз , акыр злыҵуаз , аԥеиԥш змаз иакәзаауан , аха.. Ҳҵаҩцәа зегьы раԥхьа иҭахаз , иаҳхамышҭуа фырхаҵаны ҳгәаҿы иаанхаз ҵаҩуп… Агрба Џьон Заканбеи-иԥа дҭахеит ианашьоуп Агәымшәараз амедал. Джуп Мгәыӡырхәа ақыҭан. Дҭаацәараӡамызт.
Раԥхьа аӷа иҿагылаз Џьон Агрба изкны.
Аӷа хәымга иҭыҩра дҭыҵны
Аԥсны аҳәаақәа даархыцны
Амал зегьы игарц дахьаа
Дымлашьы-млашьы иҿанааиха.
Дарбан усҟан аҳәааҽ игылаз
Аӷа хәымга иҿагылаз?
Мгәыӡырхәатәи афырхаца
Уара уами Џьон ахаҵа!
Уаб иҵәҩан шьап ула иӡит
Аха Аԥсны еиқәхеит имыӡит
Ула иабоит ҳара ҳхьыԥшымра
Аха иҭамшәеит уара умра.
Иара лашо жәҩан икыдуп
Адунеи ишақәлоу дыруп
Аԥсны ушахамшҭуа ,Џьон иудыруаз
Уи дфырхаҵан , зегьы ижәлыруаз



































