
Ааигәа аԥсуа чара ахьымҩаԥысыз, аԥсҭазаара ахьеилашуа аҭаацәара аԥызҵаз аҩнаҭа .Аҩны , агәара анаԥшҩы илаԥш ацәиӡартә иҟоуп. Ацәажәабжь зыҩныҩуа акҿаҩраҿы ,иҵегь иацнаҵар аҭахәшәа амца агәгәаҳәа иахакнаҳау афҩы лаҳа- лаҳауа ауада иҩноуп .Аԥшәма ԥҳәыс дымтәаӡакәан акҿаҩраҿы акы даҿуп. Аԥшәма хәыцрак дынҭанагалеит. Иааигәа итәаз иаҳәшьаду илгәалашәоз ахҭысқәа рыла ихәыцра даалылхуан . Зцәыргара ицәыцәгьоу гәалашәарак дыҭҟәаны дакын. Нас , лоунытә даақәыԥсычҳан иажәа дналагеит. Ҭаацәала аԥсуа мца ҳакәшаны ҳаатәалон . Ҳаб еснагь ашырԥазӡа дгыланы инапы злакыз аусахь дцон. Ақыҭаҿы уи Виктор ҳәа акуын ишишьҭаз , ашәҟәы Ҳалуашь Владимир ҳәа данын. Ҳҭаацәа дуун, аха имгәамҵӡакәа инхоз ҭаацәаран . Ҳан Ладариа Ҭина аҩны аус аколнхараҿы илыдзи еилалыгӡон. Ҳаргьы иҳалшоз ала ҳлывагылан, – иҳәеит агәараҿ инхо Виктор Ҳалуашь иԥа Валери . Ҳалуашь Виктор Константин -иԥа шамахамзар зегьы дырдыруан . Узидгылалакь аказы мап уцәикуамызт . Агәы ҭбаа” ҳәа изырҳәон. Асовет еидгыла еилахаанӡа уи аџьабаа дуӡӡа ибеит иқыҭа гәакьа Мгәыӡырхәа . Изныкымкәа ақыҭаҿи , Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиуми ахь депутатс далырххьан. Мгәыӡырхәа аусҳәарҭа ааигәара уажәы Мгәыӡырхәаа ирызку абаҟа ахьгылоу амашьынаҭаргыларҭеи егьырҭ атехникақәеи рзы ахыбра гылан. Аӡәы имашьына акы агхама , атрактор ԥхасҭахама Виктор имахәар хьашьаа уаҟа дрывагыланы, еиқәыршәаны ириҭон. Виктор аҭоурых змаз аҭаацәара дырхылҵшьҭран . Иаҳәшьазаҵә Валентина илгуаларшәо иаҳӡеиҭалҳәеит “Ҳаб амал змаз уаҩын , инхарагьы ӷәӷәан. Виктор дхәыҷын , агара дгаран , ҳаб дандырӡуаз . Ҳан Канџьариа Маниа аколнхара даҵгәаны , лырахә , лышәахә зегьы рҭыԥ иқәҵаны , анхара дуӡӡа иҟаз дшацхраауаз иаалықәшәан дыԥсит . Ҳаб иҩнаҿы ҳлааӡеит ҳаҳәшьаду Катиа захьӡыз, уи Алшәынбақәа дрыман. Абас цәгьала иааӡаз ҳакәын. Виктор аҭаацәа -хьышь дрылан, шьҭа ибӷа еиҵихит анаҳҳәоз , аибашьра рыхьӡеит. Ҳалуашь Виктор иԥацәа афҩык Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагылан. Борис, Константин, Џьон, Леонид -ахԥатәи абатальон аҟны еибашьуан Валери анџьныртә-аргыларатә батальон аҟны . Борисгьы , Џьонгьы , Константингьы “Агәымшәаразы” амедалқәа ранашьоуп . Ҳалуашь Резо Владимир иԥа диит хәажәкыра 6, 1985ш. Мгәыӡырхәа ақыҭан .Иан сыжәҵыс хәыҷы ҳәа дишьҭан.Иан Тина (Арда )ахатәы аиашьа длымаӡамызт , убри аҟынтә , лаб иҩны ашә аартызарц азын илҭахын лԥацәа аӡәы лан длылҭарц. Лыԥшәмеи лареи еиқәшаҳаҭны Резо 5 шықәса анихыҵ дыргеит Лыхныҟа , Ладариа Тарас игәараҭа еихеиҳарц , иациҵарц .Лхәыҷқәа аџьџьаҳәа ианеицыхәмаруаз Лыхны иаанлыжьыз имбара зны-зынла дахәаҽуан. Убри аҟынтә мчыбжьык ҩынтә -хынтә ибжьыслон .Резо зҿы дыҟаз ианду Ачуаз-ԥҳа Валиа лмоҭа дивагьежьуан , иаргьы цәгьала бзиа дибон Лыхны даннеи уи ахьыӡ Ҳәыҳә ҳәа илҭеит. Избанзар дгәыбзыӷын , лажәа дахыԥомызт. Резо ашкол ахь аҵара аамҭа анааи дҭалеит Џьамҽыӷратәи ашкол , уи ашьҭахь абжьаратә ҵара хиркәшеит Лыхны. Резо деилҟьан. Еиуеиԥшым аусурҭақәа рҿы аус иуан .Инапы алакын акомерциа. Аԥсны иадҳәалаз азҵаарақәа дрызҿлымҳан .1989 ш.иҟаз аибарххарақәа дрылахәын . Усҟан уи ахәра иман. Нанҳәа 14 рзы аибашьра ишалагаз иаҳаит Белоруссиа . Убри аҽныҵәҟьа дыԥрит Адлерҟа . Уаантә Чечниаҟа дцеит .Уаҟа зҽеизызгоз агәыԥқәеи иареи еиқәшәеит . Ихазы абџьар ԥшааны , шьхала иаауаз Нхыҵ-Кавказаа дрыцны дааит.Уи уахгьы ҽынгьы дызлагылаз иҩызцәа Лхаа рышҟа дцеит . Уи далалеит Руслан Зарданиа наԥхгара зиҭоз агәыԥ .Резо иашьцәеи иареи уарла шәарла ахырӷәӷәарҭақәа рҟны еиқәшәалон , ус ианду лахьи иԥшәма Ҭариа Флоридеи ибаразы дзааӡомызт .Резо иҩнаҭаҽы дазҳауан иԥа Денис . Урҭ дынрылаԥшны , игәы шҭынчымыз ашҭа дынҭыҵлон . Резо деибашьуан Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы . Иара дызлаз агәыԥ алахәын ианартәи ажәылара . Усҟан командирс иҟаз Руслан Зарданиа раԥхьа днагыланы аӡы ирит. Аха ианартәи ажәылара ԥхьаҟа ицартә аҭагылазаашьа амоуит, урҭ хьаҵыр акәхеит. Резо инапы хәын. Ахәра шимазгьы аҩны дузаанкыломызт . Иаҳәшьаду Валентина илҳәеит Резо уаншьцәа ргәараҭаҿы иҟоу хаҵас уара оуп. Уԥазаҵә Денис дааӡатәуп , уанду дзыдыԥшыло , дзықәгәыӷуа уаҳа аӡәгьы длымаӡам . Ухәыц ! Унапы угәыдыҳәаланы уцаргьы узлеибашьуеи? ҳәа анысҳәа , иара иҽаасгәыдижьлан зегьы ҟалоит . Аиааира ҳара иааҳгоит иҳәан дынсыдҵит. Резо инапы ихәда ишыхшьызгьы иҩызцәа ахьтәаз Ешыраҟа дцеит. Иҟалап ажәылара шыҟало ала ргәы рҽанырҵазар. Уи март мзазы акәын. Акыр игын. Дахьиз иаб игәараҭаҿы дааит. Иани иаби убысҟаҟ еигәырӷьеит , идтәалеит ,иацәажәеит. Нас ацара аамҭа анааи иреиҳәеит Ешыраҟа дышцо. Аԥсшәақәа еибырҳәан , агәашә дҭыҵны акыр днаскьахьан . Дааҭгылеит . Иашьҭахьҟа данааԥш иани иаби имеиҭаҵӡо игылан . Ашырҳәа даагьежьын , рыгәгьы рмыхьыртә , аха ииҳәаз еилыркаартә ус иҳәеит ” Саб аибашьраҿы иҟамло акгьы ыҟаӡам . Сҭахараны иҟалозар , иудыруазар сҭахуп , Лыхныҟа ус сымаӡам! Нареиҳәан , иарҭмаҟ инапы злаимыхьуаз ала ибӷа инкыдиҵан , иашьҭахьҟа дымԥшӡакәан , амҩа днанылеит. Ицәаара ахьынӡарбоз , изԥшуа игылан иани иаби.
Уи ашьҭахь , Аҟәа агаразы , март 15-16 -тәи ажәылара иалагеит. Руслан Зарданиа ицымхәрас наԥхгара зиҭоз ииасраны иҟан Аладатәи Ешыра ала . Уи аҽны зашьа дҭахаз Руслан Зарданиа ицымхәрас командирс дыҟан Даур Ахба. Резо дродистын. Иҟаз ианыз аштаб ахь ишьҭуан. Арахь инапы ихәыз уамак ихәаӡомызт, арациагьы иавтоматгьы деицрыҵан. Рыдҵа анагӡаразы ԥхьаҟа иҵон, дара иааныркылараны иҟаз аҭыԥаҿы инеит, аха рышьҭахьҟа ирыцхраауаз, иааираны иҟаз аӡәгьы зымнеит. Иахьтәаз аӷацәа рыкәшеит. Резо ацхыраара дааҟәымҵӡакәа даҳәон , уи аамҭазы ахы иқәшәеит. Уи иԥсы ахәага ҭан , 5-45 ҳәа изҿу ахоуп иаанхаз. Иҩызцәа ЛадариаГарик, Гәынба Мыз даҽа ҩыџьеи , иҳәазаны иԥсы аиқәырхаразы шьҭахьҟа игьежьырц иалагеит. Аха изымцоушәа анырба аҭабиаҿы дырҵәахит. Аибашьра ашьҭахь Гәдоуҭа акультуратә хан аҟны имҩаԥгаз март15-16 ажәылара иазкыз аиԥылараҿы Руслан Зарданиа иҳәеит “Резо жәытә-натә аибашьра даҿызшәа , зегьы иара идыруан. Аҿыцәахреи , аӷа иҽицәыхьчареи ихахьгьы иааигомызт Резо еиԥш иҟаз иҩызцәеи рылоуп Аԥсны Аиааира шагаз,”ҳәа. Резо Ҳалуашь аҭабиаҿы дҭыганы алашьцара рҽалакны аӡиас дрыманы иҭалеит. Зҳәаақәа ирҭыҵны иҟаз Гәымсҭа дрымнахит , нас ихьӡаны цәгьала аӡы дырыргеит. Ашьыжьымҭан , март 16 1993 шықәсазы , асааҭ ԥшьба реиԥш иԥсҭазаара далҵит . Зыхшаара 6 ҩык аибашьра иҟаз ани абри лацәеихьшьык ҟарымҵеит . Виктор иҽааилаҳәаны , ашҭа дынҭыҵит . Уи дынишьҭалеит игәыла Ӡаԥшьба Аликгьы . Гәдоҭа аштабаҿ ҳнеит -иҳәеит Алик Ӡаԥшьба.Уа ирҳәеит иҭахази ихәуи шырацәоу. Адәыӷба аԥылара шаҭаху. Ҳарҭ иаразнак уахь ҳцеит . Аԥшрагьы ҳақәымшәеит. Маҷк ааҵхьаны адәыӷба ҟаауа , Лыхны абжьаларҭаҿ иаангылеит. Ацхырааразы игылаз ажәлар рацәан. Иҭыргоз рсиа иаԥхьон. Аӡәгьы дахьыҟамыз , игылаз ирыман ицон . Ус Ҳалуашь Резо ҳәа рҳәеит . Иаб Виктор пшьшьала иԥа днеихагылеит. Ҽымҭӡакәан днаганы машьынак днақәаҳҵан, аҩныҟа дҳаман ҳааит.
Ҳалуашь Резо дахьынхоз ианшьцәа ргәараҭа ашә аркуп. Усҟан аибашьра данцоз аҩны иаанижьыз Денис Ҳалуашь ԥшьышықәса ихыҵуан.20 ш.дшырҭагылаз Денис машәырла дҭахеит. Резо иашьа, аҩны иҟоу Валера, иҭоурых иҳәонаҵы ихы- иҿы ианубаалон агәырҩа . Уи ихәыҷра инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз иҟаиҵозаалакь иус иԥсадгьы ишадиҳәалоз иҳәеит. Иахьа Резо Ҳалуашь иаб игәараҭа ԥшӡоуп, еихаҳауп аишьцәа рыбзоурала. Иаҳәшьазаҵә Изольда лыԥхара ицын есымша . Урҭ зегьы ргәаҵаҿы дшыҟаз дмажәӡо дынхеит Резо. Иара ихаҭа иҵәҩаншьап ыҵшәеит, зынӡа акгьы ыҟаӡамӡәа ашә нкыднаҵеит аибашьра. Уи агәырҩа дуӡӡа инахәланаԥсеит аԥсҭазаарақәа рацәаны.
Ҳалуашь Резо Виктор -иԥа изкны
Аҟәа аԥшәымара аниуаз аӷа,
Иара дрылан иҿагылаз хаха
Зынӡа изымдырӡо , иара ашәара
Дыршәаны аӷа дҭеицалон адамра
Иара илаӡааз иԥсадгьыл агәбылра
Аргама аибашьраҿ иааирԥшит абра
Резо даԥсаҵәҟьоуп , иаб Виктор иԥара
Иаб дмырԥхашьакәа даԥылеит аԥсра
Аб дызмырԥхашьоз аԥа ԥсра иқәӡам -рҳәоит
Иаргьы ԥсра иқәӡамкәа наӡаӡа даанхоит
Есшаргьы , абраҟа иара ихьӡ рҳәалоит
Аԥснынреиԥш наӡаӡа иара ихьӡ лашахоит
Ахыҵхырҭа
Ашәҟәы апроект Роман Ажиба
Атекстқәа равтор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа
Аԥхьажәа Ваниа Ҭарба
Атекстқәа ирыцу ажәеинраалақәа Леуа Леиба
Азеиԥш редакциа Енвер Ажиба
Ашьҭахьажәа Павел Пкьын





































