Аԥсҭазаара бзиа иазгәышьуаз

Ԥхынгәы аԥхьатәи амшқәа руак азы Вианор ицны аҩны иааит Фатеи Банџьеи Дбараа. Имтәаӡакәан ишгылаз акы инацҳаит. Вианор акы дашьҭоушәа ауадақәа зегьы дрыҩнаԥшит. Аибашьраҿы иҟоу еилызкаарц зҭаххаз , ус ибжьы нарықәиргеит Аҟәа лассы иҭаҳарцәоит ҳәа. Ашҭа иҭыҵразы рҿынархахьан Вианор даагьежьын иашьа иԥҳа , усҟан ҩышықәса зхыҵуаз Саида даашьҭихит. Нас лхы игәы инадиҵан агәашә аҿынӡа днеигеит. Асаара днаиргылан бхала бызцару? Ҳәа дынлазҵааит. Зани заби зышьҭахь инхаз Саида хәыҷы урҭ рахь лҿыналхеит, уажә-уажәы иашьҭахьҟа дышԥшуаз имашьына дынҭатәеит. Аус ааруны игәашә днадҵит Вианор. Цугуровка аҳаракыра агаразы иалахәын Мгәыӡырхәаа ргәыԥгьы. Ԥхынгәы 2 инадыркны 9 рҟынӡа аибашьцәа драԥхьагыланы деибашьуан Вианор. Аҳаракыра ианылбаауаз иара ахы иқәшәеит, ӷәӷәала дхәын. Аибашьра аан џьоукы иҭахаз дылбааргон , џьоукы ихәыз, џьоукы ус дара рыԥсқәа еиқәдырхарц шьҭахьҟа иеихон. Вианор иааигәара зхала иаанхаз Ажиба Гулик акыр дицхрааит , аха дигартә еиԥш аҭагылазаашьа имамызт. Аибашьцәа изларҳәо ала Вианор Гулик диҳәеит сызлахысуа сыҭаны уара узцоӡар уца ҳәа , ма шәаџәҳәаҩыс уҟалап ҳәа. Гулик Вианор иманшәалаз ҵла дуӡӡак игәаҩаны иҟаз ԥшааны , дҭаҵаны дызлахызшаз иҭаны , иԥсы иманы иҩызцәа рҿы дааит. Абраҟа аиҿыхара ӷәӷәа ҟалеит. Вианор даагатәын , дааныжьтәӡамызт. Уи иаагаразы ицеит Гулик Жьибеи Фата Дбари , Георги Попкови. Аха урт рцара лыҵшәадахеит . Гулик аӷацәа рнапаҿы дҟалеит. Цәгьаԥсышьала дҭархан . Вианор ихабар ыҟаӡамкуан дыбжьаӡит. Мгәыӡырхәа ркомандир Фата Дбар иҩуан :Ԥхынгәы 9 рзы Цугуровкатәи ажәылара аан Вианор аибашьцәа драԥхьагылан игеит . Хыхь аҳаракыраҿы аибашьцәа ириашаны иртәеит.Иахьынӡарылшоз аҳаракыра аанкылан ирыман. Ихьаҵтәуп ҳәа адҵа аныҟарҵа аибашьцәа зегьы лбааишьҭит , иара даангылеит аӷа иара ишҟа дхьарԥшны , аибашьцәа тәоушәа ҟаҵаны . Нас дырхәит , уи ашьҭахь хабарда дыбжьаӡит ҳәа . Вианор аибашьцәа еизшаны рдәықәҵарараҿы анаԥхгара рыҭараҿы ихы ҿырԥшыганы иаарԥшит . Раԥхьатәи амшазы аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ҩба ԥжәан . Аӷа дахцан , иҭыԥгьы аанкылан. Абри ажәылараҿы 16-ҩык ҳацәҭахеит. Ихәын 43-ҩык . Аӡәы илбаагара х-ҩык аҭахын. Напы аҳаркит зхы иамыхәоз ахәцәеи иҭазази рылбаагара . Абраҟа аӷацәа ирҿагыланы ҳамҩа аазыртуаз Вианор иакәын. Еилаҳкааит ҳамҩа аазыртуаз Вианор дшырхәыз . Алашьцарагьы иақәшәан ауза дааргартә аҭагылазаашьа ҳмоуит Адырҩаҽны еигьа ҳургьы даҳзымԥшааит. Гәынба Вианор ажәыларахьынтә дыхнымҳәӡеит. Иан лхахьгьы иаалгарц лҭахымызт лыҷкәын имаара акы иазҳәоуп ҳәа. Аҩны иҟаз иашьа иаразнак аибашьцәа лбааны иазьыҟаз днеит. Зегьы ирҳәоз акы акәын . Ишьҭоуп дрыԥшаауеит ҳәа. Цугуровка иаҿалеит , иԥшааит Аха уи аҵла ду ҳәа изҿыз иахьгылазгьы уаҩы имбеит. Аибашьра ашьҭахьгьы хәышәтәырҭоума , иара Цугуровка аладахьы ауаа иаҳбаз роума аӡәгьы еилкааны ак рызҳамҳәеит- иҳәеит иашьа. Гәынба Вианор дыхәмаршәа иҩызцәеи иҭаацәеи рыҩныҵҟа иҳәалон аӷа инапы аҵаҟа ахаангьы сҟаларатәы ахаангьы аҭагылазаашьа исҭаӡом .Урҭ рзы еснагь ратронк ҵәахны исымоуп ҳәа .
Ҳаибашьцәа акыр иааскьаанӡа уи ихысыбжь раҳауан. Нас ахаҵа ӷьеҩгьы хабарда дабацарыз. ? Вианор еиԥш агәаҵәа ӡыӷраз ахаангьы аӷа инапаҵаҟа ҟалашьа имаӡамызт. Ақырҭуа бызшәа бзиаӡаны идыруан. Аибашьра адәаҿгьы ихы иахьаирхәоз , иахьицхрааз рацәаны. Издыруада иԥсы ҭаны џьара дыҟаӡар ! Ибжьы ҳа ҳҿынӡа имааӡозар?
Аԥсны афырхаҵа Вианор Гәынба изкны
Уабаҟоу, нас , аӡы уагама.
Уҵәахны урымоума џьара?
Уӡбахәк ыҟам маӡа-аргама?
Иаҿуп еснагь уара узыԥшра
О ҳаԥсадгьыл ҳадгьыл гәыраз
Дҵәахны думоума , џьара?
Ан ахцәышла лгәаҟра удыруаз
Ихабарк лырҳа шьҭа лара
Ашьха иагәылс илеиуа ҳӡиас
Иудыруазар ихабар?
Ҿымҭкәа иуан баша униас
Ан лгәы ҭынчымхои иуҳәар!
Ан рыцҳа дгәаҟуеит, дуазыруеит
Лԥа иӡбахә ахьылмаҳауа
Лцәа ианыруеит , илдыруеит
Дшыҟам лыбжьы ахьиаҳауа.
Ахыҵхырҭа:
Ашәҟәы апроект Роман Ажиба
Атекстқәа равтор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа
Аԥхьажәа Ваниа Ҭарба
Атекстқәа ирыцу ажәеинраалақәа Леуа Леиба
Азеиԥш редакциа Енвер Ажиба
Ашьҭахьажәа Павел Пкьын




































