Уур Садула-иҧа Бганба
Аспорт азы жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аӡбаҩ
Уур Садула-иҧа Бганба диит абҵара 8, 1972ш. Адаҧазар ақалақь аҟны . Иаби иан Иумран Кәыҵниаҧҳаи ирааӡеит ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи . Уур абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит. Сақариатәи ауниверситет абҩарҵәыреи аспорти рфакультет. Иазгәаҭатәуп , Уур ашкол дахьынӡаҭаз карате асекциа дшалаз. Иара иқәратәи икапантәи гәыҧқәа рҟны хынтә Ҭырқәтәыла ачемпионат аҿы ахҧатәи аҭыҧ ааникылахьан , 1989-1991 ш.рзы Ҭырқәтәыла дачемпионын. Европатәи ачемпионат аҿгьы ахҧатәи аҭыҧ даҧсахахьан. Ианашьоуп карате амаҟа еиқәаҵәа афбатәи аҩаӡара . Ауниверситет ашьҭахь Уур аррамаҵура дахысуеит . Анаҩс иҽазикуеит аспорт азы аӡбаҩ иус. Иахьа жәларбжьаратәи аҩаӡара аӡбаҩс дыҟоуп. Ҭырқәтәыла карате азы Афедерациа ахада дихаҭыҧаҩуп. Адгьылбжьаратә мшын атәылақәеи , Европеи, Адунеи зегьтәи карате азы Афедерациақәа дырхаҭарнакуп. Уур Бганба далахәымкәа , карате азы адунеитә ҩаӡара змоу ачемпионатқәа мҩаҧысуам. Убри аҟынтә иара лассы-лассы атәылақәа дрыбжьоуп. Уур Бганба Адаҧазар ақалақь еиҿкааны имоуп карате азы асекциа ,арахь иныҟәот быжьбеи ,ҩынҩажәижәаба шықәсеи зхыҵуа рҟынӡа аспортсменцәа. Амҳаџьырраан, Уур иабду иабду . Абдуллаҳбеи иҧа Османбеи диманы Ҭырқәтәылаҟа дааит Сақариа азааигәара инхеит. 2016ш. Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәылатәи аконсултә ҭыҧ аусзуҩцәа , Ҭырқәтәыла карате азы Афедерациахь иашшуа иалагазаап Уур Аҧсныҟа ацара игәы иҭоуп ҳәа анраҳа . Адунеитә ҩаӡара змоу аспорттә ӡбаҩ иџьынџьдгьыл даҭаар, Аҧсны егьырҭ атәылақәа еицырдыруа иҟалоит ҳәа агәшәара рызцәырҵызаап. Аха аофициалтә визитла акәымзаргьы , Уур иҧсадгьыл ахь дааит. Хәымш иалагӡаны иибаз, иаҳаз рацәахеит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны сахьӡеит сыжәлантәқәа рдырра , рзааигәахара, ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҭаара. Даҽазны санцо , исҭахәуп сҭаацәагьы згар-иҳәоит иара. Уур хҩык иҧацәа Фурқан ,Оқани, Кузеи ргәыблыра рџьынџьдгьыл аҟны инхар издыруада мышкызны руаӡәы нхара дааргьы.



































