Кьыршьал Чачхалиа
ИСХАРОУЗЕИ
(Ашәа)
Лассы-лассы бысгәалашәоит,
Шаҟа схәыцра балоузеи!
Амацәыс еиԥш бысҿалашоит,
Шаҟа ба блашароузеи!
Бзиа бызбоит, ишԥасҳәари…
Уаҳа ҳәашьас иамоузеи?
Ба бҿы исымҳәар иабасҳәари,
Ишсабҳәара, исхароузеи?
Ааԥын ааит! Иԥшӡарахеит,
Амш шаҟа иԥхарроузеи!
Бысзалымхәа сгәы балахеит,
Ишԥазури, исхароузеи?
Ашәҭқәа ҿалеит ибыбышӡа,
Шьыри, шаҟа иԥшӡароузеи!
Ԥхыӡла бызбоит схы анықәысҵа,
Ишԥасҳәари, исхароузеи?
Быда ихәарҭам сыԥсҭазара,
Ишԥазури, бҳәаруазеи?
Ба боуп, сымш, са смазара.
Иҳәа, мшәан, исхароузеи?