Зыԥсҭазаара иазымхәыцыз аибашьҩы.
Валера еилҟьаз , иҵаулаз , еснагь иҿыцыз акы зхәыцуаз аҩызцәа рацәаны измаз ҷкәынан. Ихәыҷра ашықәсқәа иаб иқыҭа Мгәыӡырхәа иадҳәалан. Аԥхынра анааилакь иаб иаҳәшьа Наташа захьӡыз лахь дҩеиуан. Ақалақь аҿы изызҳауаз диеԥшымызт, иаҳәшьаду длыдгылан длыцхраауан нас ахәылбыҽха анааилакь уаҟа адәы ԥшӡаҿы ампыл асра иҽалаирхәуан . Акиносахьа ҳахәаԥшуашәа уи ихәмаршьақәа уамашәа ҳазҿлымҳан. Иқәлацәа идирбон еиҳа имарианы ишастәу. Зегьы рыԥсы илан. Аҟәантәи ақыҭахь данаауаз ирацәаны ача ааигон , игәырӷьаҵәа изыԥшыз акака надиркуан. Усҟан ҽеишәа иаҳзеилымкаауаз, аха иахьа ибзианы иаҳгәалашәо ицәажәашьа, ихымҩаԥгашьа иҩыза изын игәы аҭбаашьа ауа изы ицхраашьа ухаҿы иаанхаратәы аҭагылазаашьа ҟаиҵон. Ажьиба Влера Зосим-иԥа диит 1958 ш. пхынгәы мза 24 рзы Аҟәа ақалақь амацурауаа рҭаацәараҿы. 1965 ш.инаркны 1975ш.ацара иҵон А..Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи 2 тәи абжьаратә школ аҟны. 1977-80ш.арратә уалԥшьа наигӡон Москва азааигәара Монино аҟны. Уи ашьҭахь Валера дҭалоит Саратовтәи арадиотехникум , дагьалгоит ибзиаӡаны. Абраҟа анаукатә ҭҵаарақәа ринститут аҟны апрактика дахьахысуаз еибадырит аԥҳәызба Вера Коновцовои иареи. Реибадырра аҭаацәара бзиа алҵит.
Ажьиба Валера 7ш.шихыҵуаз иаб иԥсҭазаара иаалырҟьаны далҵит. Иаҳәшьа хәыҷы дымиӡацызт. Абас дшыхәыҷыз аԥсҭазаара ауадаҩрақәа дналагылеит. Уи амчымхара иацыз зегьы дагәылаԥшит. Иан Клеопатра Александр-иԥҳа Диневскаиа аус луан , иара аҩны иҟаиҵашаз аныҟаиҵалак, рыҵаҟа иҟаз абиблиотека аҟны дтәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон. Шамахамзар лҳәеит иԥшәма Вера аклассика инаркны дызмыԥхьаз шәҟәык ыҟамызт. Дахьыҟазаалакь иажәа ԥшӡан, ихәыцра ҵаулан. Иара идырра еснагь иациҵон, дахьцозаалак ашәҟәқәа ааигон.Уи ибиблиотека дуун. Валера иан џьабаала лааӡарем, насгьы лыԥсҭазаара зегьы лхәыҷкәа иахьрылҭази рзы цәгьала дылзааигәан, длыцхраауан, лара лылымкаа акрифаӡомызт. Иаҳәшьа Альдонеи иани еснагь илаԥш рзын. Иан Клеопатра Александр -иԥҳа лҳәеит Вера,-ҽнак димбар изычҳаӡомызт , урҭ Альдонагьы иаргьы , иангьы зегьы рыԥсы еихәлан, еизыгәыблҩцәан..Иара еснагь игәы иалан иаб ақәра маҷны ианиҵеит ҳәа. Валерагьы иаб иқәра ауп ианиҵаз. Аԥсны аибашьра ианалагоз Валера иԥшәма Вера аус луан Аҟәа Сухумприбор аҟны. Лара далгеит Саратовтәи аполитехникумттә институт. Валера ажәытә ҳаблаҿы ауада иман. Иани иаҳәшьеи ақалақь агәҭаҿы иаб иуадақәа рҿы инхон. Валера аибашьра акыр ишадхалоз ицәа иалашәахьан.Иаҳәшьеи иԥшәмеи иԥҳа хәҷы Адрианеи цәыббра 10 рзы Саратовҟа Вера лҭаацәа рахь идәықәиҵеит . Иара иан длыдхалеит. Иагьа ҟалҵандазгьы лыԥсҭазаара абжа ахьылзылгаз ақалақь аанылмыжьит .Иан игәы дшыҵхоз Гәдоуҭаҟа иашьцәа рышҟа даауеит. Абраҟа зеиҿкара иаҿыз Шамиль Басаев игәыԥ далалоит. Валера аибашьра иалагаанӡа аус иуан аԥсуа телехәаԥшраҿы видео-нџьнырс.Уи иҩызцәа акырӡа иҳәеит аусурахь днеирц , аха иара Аҟәа ирласны аҭарцәра акәын ихы иҭаз. Аибашьҩы , апоет Енвер Ажьиба иҩуеит: Аибашьра ишалагазҵәҟәа , ателехәаԥшреи арадиодырраҭареи ирыдҳәаламыз ауаа рхы ианадырхәалоз , уи азҟаза Валера иӡбеит абџьар шьҭихырц , амалагьы арратә корреспондентс дҟаларц. Уи ибзиаӡаны идыруан , аибашьратә ҭоурых иашаҵәҟьа аныжьразы аԥхьатәи ацәаҳәаҿы аҟазаара шаҭахыз. Абла иабоз ахҭыс шҵабыргхоз. Аибашьра аан Валера иабџьари иҭыхга камереи иманы днеит Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭахь.
Валера раԥхьатәи ахәра роуит Шроматәи ажәылараан . Ахы ақәшәеит ишьапы .Уи уаанӡагьы ихьуан ашьапылампыл данасуаз..Раԥхьа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны дԥырҟеит, аха еиҭа аԥҟара анаҭахха уи иԥшәма Вереи иаҳәшьа Альдонеи Саратовҟа дыргеит. Уаҟа данԥырҟа хымз ишьапы дықәгылар шыҟамлоз иарҳәеит, аха иара аӡәгьы дизымӡырҩыкуан ҩымчыбжь рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа. Ишьапы ақәыргылара ахьицәыуадаҩыз алаба икыр акәхеит.Усҟан Шамиль Басаев наԥхгара зиҭоз агәыԥ амрагыларатәи афронтахь иҟан. Убри аҟынтә далалоит Сергеи Матосиан наԥхгара зиҭоз абатальон. Аибашьра ианалага , Валера иԥшәма ԥҳәыс Вера длыҳәеит , рыԥҳа длыманы Саратовҟа дцарц .Саратовҟа цәыббра 3 рзы амҩа сықәлон. Изакәу сыздырам сгәы хьанҭан , цәалашәара бааԥсык сыхон, иара иакәзар дааҟәымҵӡакәан аҭаҭын дахон. Убас ҳаиԥырҵит . Вереи лыԥҳаи ателеграмма цәыббра 11 рзы ирзынаишьҭит . Шәара шәышԥаҟоу? Сара сыбзиоуп ҳәа. Урҭ мҩаԥызгоз аԥҳәыс еснагь зҵакы бзиаз асалам шәҟәқәеи ателеграммақәеи ҳазналгон. Дышҭахоз атәы ӡныз аннеи уи аԥҳәыс илызцәырымгеит. Дцәырымҵӡеит. …исхашҭӡом Адриана хәыҷы лҵәыуабжьы лыӷызбжьи .Аҟәа агараан 22.09.1993ш.Учхоз ҳәа иахьашьҭоу дҭахоит Валера Ажьиба.
Ажьиба Валера иан Аҟәа даанханы дыҟан, уи цәгьала иҭахын лылаԥш аҭаԥшра, лацәажәара. Ус иҳәалон рҳәеит аибашьцәа арысҟаамҭа аӡәгьы даанҳмыжьӡацызт ҳәа. Зны уҳәан-сҳәанны иаҳаит иан дахьыҩназ аҩны рыблит ҳәа . Усҟан уи ихигаз , ашьҭахь еиликааит аганаҿы игылаз шакәыз. Валера ҩынтә дхәын аибашьра адәаҿы , илшон дымцаргьы аха уи иқалақь иԥсы злаз аҭарцәра игәы иҵхон. Аибашьҩы апоет Енвер Ажьиба иҩуеит аибашьраҿы аоператор ихьчам цәҟьароуп .Уи ус шакә еиҭа иааԥшит Гагра ахақәиҭтәраан. Дҭахеит аԥсуа журналист гәлымҵәаз Анзор Кәарҷелиа. Валера иакәзар ӷәӷәала дхәын.Ахәшәтәырҭа ашьҭахьгьы ишьапы ақәгыларазы аамҭа рацәа иҭахын, аха иара ицхыраагӡартә лаба ааиҵаргыланы дцоит еибашьра. Валера иҭахара сааҭқәак шагыз иареи сареи ҳаиқәшәеит Гәымсҭа ахықәаҿы. Аԥсшәа еибыҳәараҵәҟьа ҳахьӡомызт, деиханы дцон иҩызцәа рахь , Аҟәаҟа ихы рханы . Ари аибабара иара изын ишҵыхәтәантәихоз ицәа иалашәан дыҟазшәа ҩкассетак ҭыхны инижьит , сҩызцәа срыхьӡап иҳәан днасԥырҟьеит. Уи аилкааха сеимырӡеит урҭ акассетақәа ахьинижьыз иззынижьыз . Иахьа уажәраанӡагьы Валера иҭыхымҭакәа ҳәа лымкаала дырраҭарақәак шызымбогьы , агәра ганы сыҟоуп , урҭ еиқәхазар, аӡәыр инапаҿы иҟалозар , убарҭ роуп аҵабырг иашаҵәҟьа аазырԥшуа , урҭ зегьы ҭыхуп аԥхьатәи ацәаҳәаҿы . Валера иԥшәма Вера дихцәажәон зыԥсадгьыл зыԥсы ақәызҵаз лыԥшәма , илгәалалыршәон 11 ш.реицынхара иацыз ахаареи ауаҩреи. Сара еснагь сыхәмарны ус сҳәалон , хынтә хаҵа сцеит, сызыццазгьы рыхынтә аӡәы иоуп ҳәа. Раԥхьа сара сҭаацәа ачҳара ҳзыруит. Аԥсны ҳанааи Валера иан ачҳара луит, нас Мгәыӡырхәа ақыҭан. Валера дахьцозаалакгьы ихазы акгьы дашьҭаӡамызт , иҭахӡамызт. Иара изын раԥхьа дгылан иан. Уи лышҟа имаз абзиабара ҭбаан, ицқьан. Еснагь лааигәара аҟазара бзиа ибон, иара еиԥш ҳаргьы лара лзын ус аҳҟан, ҳаҟоуп иахьагьы. Уи лԥазаҵә ихьаа лара лзын игәыҿкаагоуп , еснагь длызхаӡом. Иабхәараа дара бзиа дырбон. Уи ихшыҩ ду гәарҭахьан, иагьеигәырӷьон иаԥырҵаз аҭаацәара. Валера аибашьраҿы данҭаха иан Аҟәа дыҟан дырзаамгаӡеит. Иԥшәма Вера лашьеи лареи ԥырны иааит. Валера анышә иқәымԥсаӡакәан , ус дҭагылан, дылдырбеит.
Валера ажәытә ҳаблаҿы ауада ахьимаз лассы-лассы дцалон Вера. Зны зынлагьы ацәымза алыркуан . Аибашьра ашьҭахьтәи ақалақь ахаан исхашҭӡом . Алашара ыҟаӡамызт . Убас зныктәи сцараан искыз сԥараҭра адиван инықәҵаны , хыхь ҳаҩнаҿы Гал аӡәы дҭаханы даарган , сдышшылауеит ҳәа сҩықәнеит. Санылбаауаз снехьԥшит 12-13 ш.зхыҵуаз ҷкәына хәҷык . Уаҟа Валера дышҭахаз атәы зҳәози аԥара исымази зегьы еидкыланы игеит, абас аҭагылазаашьа ӷәӷәа ҳҭагылеит. Аха Валера иашьцәеи иҩызцәеи рыла ҳшьапы ҳақәгылеит.Валера иԥҳа Адриана далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә институт. Дҭаацәароуп. Длымоп аԥа Павел Валера дыззықәԥоз аҭынчра ижәлар ирымоуп иахьа . Аиаҭымра иалҵыз , иӷәӷәахаз зхәышҭаареи зҭаацәареи рыхьчаразы игылаз , заби зани змырԥхашьаз.Зыԥҳа хәыҷы лҭынчра нагӡахарцаз иаанымгылаз, заҳәшьа заҵәы лбара иахьымӡаз . Зыԥшәма лакә-фырхаҵаҵас зыԥсҭазаара лзаанзыжьыз. Ажьиба Валера есымша зышҟа днеиоз иаҳәшьадугьи лыԥсҭазаара далҵит. Иҩызцәеи иареи ахьыхәмаруаз адәы ԥшӡа ус ишьҭа шагыз иаанхазшәа , исахьа адырбалоит иҩызцәа .Иахьа ампыл иасуп ахәыҷқәа ирарҳәоит Валера иҭоурых, уи игәымшҽара иӷәӷәара. Ажьиба Валера Зосим -иԥа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳаракы ихҵоуп. Джуп Мгәыӡырхәа ақыҭан.Уи иԥсҭазаара дазымхәыцӡакәа дызнылаз амҩа аҵыхәтәанынӡа данысит.
Ажьиба Валера Зосим-иԥа изкны
Ҳаҳҭны қалақь аныҟаз
Аӷа инапаҿы
Убра акәын дахьыҟаз
Еицамкәа ихаҿы
Агәымшәақәа иҩызцәа
Уи дрыцны деибашьуан
Уахгьы -ҽынгьы џьа дмыцәа
Иуалԥшьа наигӡауан
Ахы иқәшәеит дызгашаз
Аӷа цәгьа иҭирҟьаз
Уи дҭамхаӡеит абашаз
Дреиоуп ҳа ҳзыхьчаӡ
Аҩызцәа шәара ижәлыруаз
Ихьӡ иақәӡам аԥсра
Игәышԥала иихьчауаз
Иацәигеит атәра
Уи иама ахақәиҭра
Еиҵамха ԥхьаҟа ицоит
Иануп иара ахьышьҭра
Иазҳауеит иӷьацоит.
Ахыҵхырҭа:
Ашәҟәы апроект Роман Ажиба
Атекстқәа равтор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа
Аԥхьажәа Ваниа Ҭарба
Атекстқәа ирыцу ажәеинраалақәа Леуа Леиба
Азеиԥш редакциа Енвер Ажиба
Ашьҭахьажәа Павел Пкьын

Зыԥсҭазаара иазымхәыцыз аибашьҩы.
