Елиф Саадеҭҭин -иҧҳа Ашьхарааҧҳа диит нанҳәа 24. 1973 шықәсазы , Адаҧазар азааигәара ,аҧсуа қыҭа Кузулуқ.
Лаби лан Аисун Аикәысыҧҳаи ирааӡеит хҩык ахшара.,ҩыџьа аҧҳацәеи аҧеи. Абжьаратә школ ашьҭахь , Елиф дҭалоит Сҭампыл ақалақь ауниверситетқәа руак ,аиуристтә факультет. 13 шықәса . Сҭампыл адукатс дыҟан ,анаҩс аусура даауеит Сакариаҟа. Елиф даныхәҷыз аахижьҭеи Аҧсныаӡбахә лдыруан. Рани раби рҭоурыхтә дгьыл ахь абзиабара рыларааӡеит.90- тәи ашықәсқәа ралагамҭазы ,арантәи Кандид Ҭарба ,. Сакариа дцаны ҳџьынџьуаа Кавказ акәашарақәа дирҵон. Ҩ-автобуск рылагьы 18-19 ш.зхыҵуаз аҿар Аҧсныҟа иааигахьан, уи далан Елифгьы Елиф Ашьхаараҧҳагьы . Ҳара ҳхаҿгьы иаҳзаагомызт ,абас гәаартыла бзиабарала ҳажәлар ҳрыдыркылоит ҳәа . Усҟан иаҳнырыз аҧхарра,иахьагьы иҳацуп-лҳәоит аҧҳәызба. Аҧсны . Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, Ҭырқәтәылантәи иааны еибашьуаз Ефқан Цыба ланҭаха . Елиф лаҳәшьа Фигьени , лҩызцәа Зелиҳа Ажьиҧҳаи, Аишьегьиуль Ашәҧҳаи ,лареи иҧсыжра аҽны , ргәы иҭаркит ашьоура . Ҳҭаацәа ирамҳәакәа,иҳамаз ҭины абҵарамза зы Шәачаҟа ҳаҧрит ,устәи ауадаҩрақәа ҳашрыниоз ,мчыла аҳәаа ҳахысны . Аҧсныҟа ҳааит. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ҳацхыраара рыдаҳгалеит. Ҳаҧсадгьыл ашьаарҵәыра ишҭагылазгьы ,есыҽны аҩнаҭақәа рҟны аҳәҳәабжь шгозгьы,ҳгәы иабари ҳәа иҳавагьежьуан -илгәалашәоит лара. Ҩымзи бжаки рышьҭахь ,аҭыҧҳацәа ыргәыбзыӷуа шәашьцәа шәыкәахшоуп ,шәара шәзы ҳгәы ҭынчӡам ,акы шәацәымшәанҭ, иҳацәҭахаз зегьы ршьа уны Аиааира ҳгоит ҳәа раҳәо . Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵеит ҳаруаа.. Елиф аибашьра ашьҭахь 25 ш.анҵы ауп Аҧсныҟа даартә еиҧш ианыҟала . Зхы иақәиҭу ,ихьыҧшыму Аҧсны лшьапы анықәлыргыла илоуз ацәаныррақәа зны дарччеит зны дарҵәыуеит. Зегь раасҭа дзеигәырӷьаз , аибашьра ашьҭахь акыр шықәса шҵхьоугьы ,еиҵагылаз абиҧара ҿыц рабдуцәеи, рабацәеи , рыҧсадгьыли, рыуаажәлари рахь ирымаз агәыбылреи , абзиабареи ахьыдмырӡыз ауп.
Ахыҵхырҭа : С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа.



































