Енгьин Феҳми -иҧа Кәаӡба
Афымцазҟаза- Анџьныр
Афымцазҟаза Феҳми-иҧа Кәаӡба диит хәажәкыра 22,1966ш. Диузџье ақалақь .Иаби иан Ҳаиат Ҭарҧҳаи ирааӡеит хҩык ахшара, ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи. Енгьин абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит Каисери ақалақь ауниверситетқәа руак. Афымцазҟаза-анџьныр изаанаҭ иоуоит. Аҵара ашьҭахь, хәышықәса аус иуеит ателеимадараҟны анџьнырс. Анаҩс Диузџье ақалақь Ахадара, аргыларатә проектқәа рыҭҵаара аҟәшахьы нџьнырс даарыҧхьоит. Енгьин хылаҧшра риҭоит аҳәынқарра апрограмма имҩаҧысуа аргыларақәа , дацклаҧшуеит рхаҭабзиара. Аҭоурых дазхьаҧшуа, ҳџьынџьуаҩ иҳәеит амҳаџьырраан, Аҧснынтәи Ҭырқәтәылаҟа ишахнагаз иабду иабду Данаҟаи фҩык иҧацәеи. Кәаӡаа рҭаацәа Самсун иӡхыҵит, ашьҭахь Есқьишьеҳир ақалақь ахь иааит. Енгьин иабду иаб Џьан, Диузџье иазааигәоу, аҧсуа қыҭа Аҧсара анхара далагоит. Енгьин даара дазҿлымҳауп Аҧсны аҭоурых. Аҳра аныҟаз аамҭақәа , амҳаџьырра уҳәа ирызкны дрыҧхьахьеит имаҷымкәа ашәҟәқәа . Иара иабду дихааным аҟнытә, иҧсадгьыли ижәлари ирыдҳәалоу ажәабжьқәа иазҳәоз димамызт, иаб иакәзар, уигьы иидыруаз рацәак ыҟамызт. Аҭоурыхтә шәҟәқәа рыла насгьы Аҧсны ицо, иаауа сашьцәеи сҩызцәеи сразҵаауа еилыскааз маҷым. Уажәы агәаҳәара дуӡӡа сымоуп хаҭала сыҧсадгьыл саҭааны избарц, сыхшаара агәыбылра дсыркырц- ҳәа ҳаилиркааит ҳџьынџьуаҩ. Енгьин Кәаӡба иазгәеиҭоит Аҧсны ашьапы иқәгыларц иҭышәынтәалоу ҳәынҭқарраны иҟаларц азы , азаанаҭ бзиақәа змоу аҧсуаа рыҧсадгьыл ахь ихынҳәыроуп ҳәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа. Аҧсны иамаз ахыҧша азыргьежьтәуп. Уи алшоит аҧсуаа зегьы ҳаицхыраар, ҳажәҩахыр еибаҳҭар . Азеиҧш ус ҳаҧсадгьыл аҿиарамҩахь икылнагоит. Аекономика ӷәӷәахар, Аҧсныҟа наунагӡа ахынҳәра зҭаххо еиҳагьы иацлоит- ҳәа иҧхьаӡоит иара. Енгьин Кәаӡба дҭаацәароуп. Иҧеи иҧҳаи ыҟоуп . Аҧҳәызба илыхьӡуп Мелике, арҧыс Мели-Мерҭ.
Ахыҵхырҭа . С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа



































