Aаԥынрак азын, Анцәа идҵа иманы Адгьыл ахь дылбааит уи имаҵаҩы -Ашаҩы .Адунеи иқәыз ауаатәыҩса ааизганы аизара ду мҩаԥигеит . Даазышьҭыз Анцәа иажәа дацныҟәаны, зны урҭ зегьы дрыҿцәажәаны , рҟазшьа , рлеишәа дацклаԥшны иҭиҵааит . Уи нахыс досу иқәнагоз ззигәахәуаз, Адунеи хәҭа -хәҭала ишаны Анцәа ихьӡ ала атәылақәа рзишеит. Амш акыр инаскьахьан , аизарагьы анҵәамҭахь инеихьан. Зхатә тәылақәа зауыз ауаатәыҩса ашҭа ааныжьны , aшаҩы ириҭаз атәылақәа рахь идәықәлахьан. Убри аамҭазы, ихы пату ақәҵаны, дыԥхашьа -ԥхаҵо ашҭа дааҭалеит аизара иалахәымыз аӡәы. Уи дгәаҭаны дааизыԥшит, амҩа ақәлара зҽыназызкхьаз Ашаҩы . Уара узусҭада ? -днаиазҵааит уи.
Саргьы , зегь зымчу Анцәа ишаны Адунеи иқәиҵаз среиуоуп , Ашаҩы ухаҵкы . Саԥсуоуп-ҿааиҭит иаргьы , уи днаиеихырхәаны .
Уажәраанӡа уабаҟаз?! Адгьылшара уагхеит . Адырра урымҭаӡеи? Уцҳаражәҳәаҩцәа исыгырмыжьӡеит, ухаҵкы . Исарҳәеит уара сшаауԥхьаз…
Нас узагхазеи ?!!!
Ахара шсыду здыруеит , аха ааишьа сымамызт , аҭамзаара шьҭаҵо деиҭаацәажәеит Аԥсуа.
Узыниазеи?
Ӡык насықәҭәаны , исымаз ахәыҷы ала сҽааилаҳәаны аизарахь саарц сҿаасхон еиԥш, сасык сгәашә даалагылеит. Хықәкыла сашҭа данҭала, иныжьшьак сзыҟамҵеит. Акысгьы амла дакуан, акы днасмырцҳакәа сзиԥырымҵит.Абри ауп сынзырхаз, саҭамзааит! -иҳәеит.
Ашаҩы уи иажәақәа акыр даадырхәыцит еиҭа ихы наиқәикит.
Узыниаз еилыскааит Аԥсуа . Ухымҩаԥгашьазы ӷәыбӷан сызуҭом. Аха зылԥха ҳаура Анцәа игәаԥхарала снапы ианиҵаз аус нсырҵәахьеит. Адунеи адгьылқәа шаны ирысҭахьеит. Ихы -игәы имахьха , аха уаҳа ажәак мҳәакәа Ашаҩы иҿаԥхьа дгылан Аԥсуа . Ҵабыргуп, даҽа тәыла хәыҷык нханы иҟоуп, деиҭаацәажәеит Ашаҩы, аха уи Анцәа иара ихазы инкылан имоуп… Ҳшамкәан ҳазшаз Анцәа ихазы иалихыз атәыла секануам. Исыхьыз сыхьгәышьеит , уи азы ӷәыбӷан сызҭарыда.. Исымоу сашҭа хәыҷы сахимбаауазар схы аласыгӡап, деиҭаацәажәеит. Аԥсуа ицәажәашьа , ихымҩаԥгашьа ихы -игәаҟны иааины бла хаала днаихәаԥшит Ашаҩы , абасгьы ҿааиҭит:
Сыблаҿы уааит , сыгәгьы уақәшәеит, Аԥсуа . Исгәаԥхеит улеишәа , уцәажәашьа , ухымҩаԥгашьа. Узыниаз изеиҭасҳәап Анцәа . Убри ауп иахьа уара узы исылшо.Ашаҩы иажәақәа наҳәаны ажәҩан ахь дыԥрырц иҽыназикуан еиԥш, ҿааиҭит Аԥсуа.
Мҩа ҳаракы уанысит , амла уамккуа уҟам, Ашаҩы ухаҵкы ! Ухы рацәас исзумбан, сашҭахь умҩахыҵ, исымоу ахәыҷы унацҳап. Амла ушакуа адгьыл ахьынтә уанца, ҳшамкәан ҳазшаз Анцәагьы иаҳџьишьарым , ҳара аԥсҭазаара зиҭаз адгьылуаа. Ҳаи, уара Аԥсуа ! Игәы иахәаӡаны даацәажәеит Ашаҩы , – Анцәа игәаԥхаҵәҟьаны иишаз аӡәы уакәны избоит сахьухәаԥшуа .Макьана уаҩытәыҩсак иашҭа сҭамлаӡацт. Уажәтәиала сымҩа санылоит . Аха усзыԥшыз , аӡын ахәаша сузаауеит , учеиџьыкагьы усҟан агьама збап. Абас , наҳәаны , иҿаԥхьа игылаз Аԥсуа ихцәы бырфын инапы нықәшьны , ажәҩан дналаӡҩа дцеит Ашаҩы .
Аԥсуа иашҭа хәыҷы ахь днынҳәит.Уинахыс аамҭа акыр цеит. Ааԥын ииасит , аԥхынра цеит, ҽаҩраҭагаларгьы мҩасит.Ус аӡынра иааҭанагылеит. Есхәаша аамҭазы дгыланы афатә ԥха ҟаҵаны Ашаҩы иаара дазыԥшын. Акыр аҳәашақәа ииасны ицеит. Ашаҩы ихабар ыҟамызт , аха уи изкыз афатәқәа , ахәылбыҽха ианазааигәахалакь , игәашә аԥхьа днагыланы , амҩа ианыз ауаа аамҩахганы ирҿеиҵон. Ашаҩы уаҳа ихабар ыҟаӡамызт . Аԥсуа дзыниаз заҳахьаз ауаа, дҵәылырх’уа иалагеит” . Анцәа имаҵуҩы макьана уаҩытәыҩса иашҭа дҭамлаӡацт , уара зхатә тәылацәҟьа змам уашҭахь дшымҩахымҵуа шԥаузымдыруеи!-рҳәеит.
Иара , убас аҽԥныҳәа ширҭозгьы иаҳауаз ҷҳауа днеиуан , арахь дызҿыц даҿын, есхәаша Ашаҩы ихәы ҟаҵаны дизыԥшын. Ус, аӡынра аҽарцәгьеит , акырӡа ибааԥсхеит : аӡиасқәа аҵаа рхылеит. Аԥсуа дызҿыц даҿын- есхәаша Ашаҩы дизыԥшын. Аӡынра акыр инаскьахьаны аҽнышьыбжьон ажәҩан аадыды -мацәысит . Иаалырҟьаны ажәҩан лашьцара агәы ааимҟьан адгьыл инықәԥхеит амра ашәахәақәа хааӡа. Лассы иныҵаба ицеит уаанӡа аҳәылы-ҳәылыҳәа иауаз асы . Инышьҭабеит адгьыл аҟны ишьҭазгьы. Иааԥсаҳәан , аӡыҭра иалагеит аӡиасқәа ирхыз аҵаагьы . Аиаҵәара рыҟәнылеит уаанӡа ашәыб зқәыз аҵлақәа, ишәҭит ибыбышӡа . Иеицлабны ашәаҳәара иналагеит аԥхарра збаз аԥсаатәқәа. Рыбла иабаз рызхамҵо , иҟалаз џьашьахәыс ишьҭырхит ауаа. Ирбоз змааназ рзеилымкаауа уи нахыс иҟаларызешь ҳәа иԥшуан. Ус, еиҭа ажәҩан ааимҟьан, зегьы деицырбо, дхьыраӡынԥсараха даацәырҵит Ашаҩы . Ауаа зегьы уи длаԥшықәцаны , дабацари, дабатәари ҳәа изыԥшуан . Иара дмыццакӡакәа иаҳа -иаҳа дылбаауа, зегьы, зегьы дшырбоз , дышиашаз Аԥсуа иашҭа агәҭа днықәгылеит . Алӡынрак уи иаара дшазыԥшызгьы, Аԥсуа иибаз даршанхеит. Азныказы иԥылашьа дақәымшәо , ииҳәара изымдыруа даамахеит, аха нас иҽааизганы , афатә мазеины изныз агәыблаа аашьҭыхны днеиԥылеит. Суҭаауеит ҳәа ажәа усҭахьан , суҭааит- даацәажәеит Ашаҩы . Уӡбахәқәа , уҟазшьа , узыниаз, тәылада ушынхаз зегьы иасҳәеит Анцәа . Уинахыс акыр дузкылԥшит, узҿыз зегьы ибеит. Снаԥхьаны исыдиҵеит иузиӡбаз уасҳәарц , убри азы сагьуҭааит. Ишамкәан ишаны адунеи иқәиҵаз ауаатәыҩса абас иҟандаз ззигәахәуаз ала уара уибеит, Аԥсуа , игәы узцеит. Иара ихазы иалихыз атәыла уара иуаҭәеишьеит. Геи-шьхеи еимаздо ари атәыла ԥшӡа наӡаӡа Аԥсуа тәылас имазаамт иҳәеит. Амала, агәаҽанызаара уиҭоит . Ас еиԥш иҟоу атәыла ссир зхазы изҭаххо рацәаҩхоит , ахьчара узымариахом.Ианузыхьча иухылҵуагьы иаргьы аԥсҭазаара бзиа шәыманы шәҟалоит. Аха ахьчара аншәылымша , ма иныжьны шәанца , азныказы хныҟәгарҭак шәақәшәаргьы , ԥсынҵыр дук шәоуа шәзыҟалом. Шәышнеи-шнеиуа адгьыл инықәӡыҭ ицаз асы шәаҩызаха шәниаӡаа шәцоит. Ус шәмыхьырц азы, шәыԥсадгьыл шәыбла аҷыц еиԥш шәеиҷаҳалароуп , ианаҭахха уи ахьчаразы шәхы шәамеигӡароуп. Ишәхамышҭыша даҽа ажәаҭынхагьы шәзааицҳауеит” Атәылақәа рацәоуп , аха ԥсадгьылс иҟоу акы заҵәык ауп. Аԥсҭазаара агьама ахьамоу, досу иԥсадгьыл аҟноуп. Шәахӡыӡаала шәыԥсадгьыл! Иациҵоит даҽакгьы ,: Ныӡаарҭас иҟоу тәым дгьылуп , бзазарҭас иҟоу -ԥсадгьылуп. Анцәа иҿахәы неиҭаҳәаны , аԥсуа ичеиџьыкагьы агьама набаны , иааимҟьаз ажәҩан дналаӡ дцеит Ашаҩы.
Абас Анцәа иара ихазы иалихыз атәыла ссир Аԥсуа ианеишьеит. Уинахыс , Аԥсуа ихылҵшьҭра Анцәа иажәа иацныҟәеит, иранеишьаз рыԥсадгьыл аҳаҭыр рбеит, Аԥсны ҳәагьы хьӡыс иарҭеит.Иаԥырҵеит рхатәы бызшәа , ртәыла аԥсабара еиԥш ибеиоу , иԥшӡоу аԥсуа бызшәа. Ианаҭахыз ашьа азкарҭәеит, рыԥсадгьыл рыхьчеит. Иаԥырҵеит Аԥсуара зыхьӡырҵаз алеишәа , ақьабз ссирқәа .Абас Анцәа дуӡӡа иҿаԥхьа ҽыԥныҳәа рызымҭашаз ала рхы мҩаԥыргеит. Ианысит фырхаҵарала иҭәыз аҭоурыхтә мҩа . Рыԥсадгьыл иахӡыӡаауа ирыхьчоит иахьагьы.
Акьыԥхь иазирхеит Анзор Кәакә -иԥа Мықәба
Как абхазу досталась Апсны
Жәлар рҳәамҭа
Асахьаҭыхҩы Анна Сангулиа-ԥҳа




































