Џьиҳан Абдураҳман- иҧа Ахәаҷба
Апрофессор
Џьиҳан Абдураҳман- иҧа Ахәаҷба диит жьҭаара 29 , 1959 ш. Ҳендеқь ақалақь . Иаби иан Фиқрие Арӡынҧҳаи ирааӡеит быжьҩык ахшара , хҩык аҧҩацәеи ҧшьҩык аҧацәеи. Џьиҳан абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит . Сҭампыл ақалақь ауниерситетқәа руак , аклассикатә литература афакультет. Уи даналгалакь ихьчоит адоктортә диссертациа . Османтәи алитературатә ала. Аҵара ашьҭахь , ауниверситет аҿы аусура даанхоит, дыпрофессорхоит. Џьиҳан атранслитерациа инапы алакын. Арабтә шәҟәыҩҩцәа , апоетцәа рырҿиамҭақәа алаҭын ахь иеигон. Ирантәи абызшәа ҟнынтә аҭырқәшәахь еиҭеигахьеит афилософ Мевлана ишәҟәқәа. Ихаҭагьы Амдара захьӡу , иныҟәарақәа ирызку ашәҟәы ҭижьхьеит, иҵегьы аҩра даҿуп. Џьиҳан идыруеит аҧсшәа, аҭырқәшәа, араб , иран, афранцыз англыз бызшәақәа. Џьиҳан иҧсҭазаара абжеиҳан аусуреи, анаҩс иҭаацәа ирзикит аҟнытә , Аҧсныҟа дцартә еиҧш аҭагылазаашьа имамызт . Аха уажәшьҭа дтәанчаҩуп , ихшарагьы ирызҳаит. Аб гәҭакыс иҟаиҵеит ихәыҷқәа иманы иџьынџьдгьыл аҭаара . Руаӡәк идамзаргьы уахь аангылара иҭаххар, Џьиҳан изы иразҟы духон. Аҧсныҟа изныкымкәа дцахьеит сашьа Ирфан. Иара Адаҧазар ақалақь аҧсшәа аҵаразы акурсқәа еиҿкааны имоуп азы, ирацәаӡаны ашәҟәқәа ирҭоит.. Саргьы сзыҧхьаша ,сыҧсадгьыл аҭоурыхи , сыуаажәлар рыбзазареи, ркультуреи ртәы зҳәо алитература сзааигоит-ҳәа азгуеиҭеит Џьиҳан. Џьиҳан амҳаџьырра аамҭа дазааҭгыло иҳәеит , Аҧснынтәи ихырҵәаз иабду Аиса шиакәу. Иара Шәача азааигәара инхоз ахҷыҧсаа дреиуан . Сабду адунеи аниҧсахуаз саб дхәыҷын, убри аҟнытә ҳҭаацәара иадҳәалоу аҭоурых уиаҟара издыруамызт. Акзаҵәык иҳаҳауаз ҳара ҳаҧсадгьыл Аҧсноуп, уахь ҳхынҳәыроуп ” ҳәа акәын. Џьиҳан Ахәаҷба хәҩык ахшара драбуп . Имоуп хҩык аҧҳацәа Аишьеи , Фатмеи, Аслеи, убас ҩыџьа аҧацәа – Аҳмеҭи Селими.
Ахыҵхырҭа : С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа.



































