Сима Селаами-иҧҳа Агрҧҳа
Апрофессор
Сима Селаами -иа Агрҧҳа диит цәыббра 14, 1974 ш. Сақариа . Лаби лан Шьивеқьар Аҩӡҧҳаи ирааӡеит хҩык ахшара, ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи. Артвин ақалақь абжьаратә школ далганы , Сима дҭалоит Киутахьиа ауниверситет, аменеџьмент -економикатә факультет. Анаҩс лзаанаҭ еизлырҳауеит . Сақариа ауниверситет аҿы. Адокторантура далгоит Лондон , илыхьчоит аменеџьмент ахырханҭала адоктортә диссертациа. Аҵара ашьҭахь ,аусура далагоит Балықьесир ақалақь ауниверситет аҟны . Иахьа Сақариатәи ауниверсирет аҿы дыпрофессоруп. Сима Агрҧҳа аҭоурых далацәажәо , илҳәеит амҳаџьырра аан; 1874 ш. Аҧсны ,. Кәланырхәа ақыҭантәи лабду иаб Ҭебеқьи , иҧшәма ҧҳәыс Гәмасина Цыгәҧҳаи , ҧшьҩык рыхшареи Ҭырқәтәылаҟа имаар амуа ишыҟалаз.”Иҳамоу адыррала , Ҭебеқь иҭаацәеи иареи атәым дгьыл ахь ианахырца , 28 -ҩык еицны иаазап. Иара усҟан 32 ш.ихыҵуан . Ахҵәацәа Сақариа азааигәара ; Бычкыдере ақыҭаҿы анхара иалагеит. Араҟа иит Ҭебеқь даҽа ҩыџьа иҧацәа -еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ. Сима Агрҧҳа лашьцәеи лареи ишыхәыҷқәаз Аҧсны аӡбахә рдыруан. Раб Қьефқьен ианигалоз , шәыҧшишь, абрахь ауп ҳаҧсадгьыл Аҧсны ахьыҟоу ҳәаны , амшын егьи аган ахь инапы ирхон.
Амҳаџьырра ргәалашәара амш аназгәарҭоз, ҳаб Қьефқьен дымцакәа , ҳаргьы ҳамгакәа иҟамлацызт. Амшын нырцә ҳадгьыл ыҟоуп ҳха ҳанхьаирҧшуаз, лакәызшәа исыҧхьаӡон.;- ҳәа азгәалҭеит Сима.
Сима лаб акыр шықәса аполициаҿы аус иуит, аинрал ичин аҟынӡа днаӡеит.
2009 ш.рзы, Сима лҭаацәа дрыцны , Аиааира амш азгәкҭараан , Аҧсны дыҟан.
” Аҳәаа ҳаназааигәаха , Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳәа аҩыра анаҳба ҳгәеисыбжь еиҳа еиҳахеит, ҳалабжышқәа хыҳәҳәалеит,- илгәалашәоит лара.Аҧсны рыҟазаара иалагӡаны , рдацқәа ахьынтәаауа Ҟәланырхәа ақыҭа рбеит. Еибадырит рашьцәеи дареи, ирнырит агәыблыра ду.
2017 ш. Сима Агрҧҳа далахәын Аҧсуа -абаза жәлар адунеизегьтәи рконгресс. Ҳџьынџьуаҩ дравторуп ,англыз бызшәала иҩу ” Абырг асоциалтә сфераҟны инаҧхгараҭара” ” Аҧсуа еилазаараҟны аҧҳәыс лҭыҧ ” захьӡу академиатә статиақәа. Сима Агрҧҳа дҭаацәароуп ҧшьҩык аҧҳацәа лымоуп. Ашьхарыуа ҧҳәызбацәа ирыхьӡуп : . Лашьын,Чынла , Гәында , Риҵа.
Селами Агрба ихшара ирылаирҵәаз аҧсуара шьаҭас иҟаны ауп иахьа имоҭацәа ишрызҳауа.
Ахыҵхырҭа : Саида Ажьиҧҳа



































