Иашьар Шьефқьеҭ-иҧа Арӡынба
Сақариа араион Федерациақәа Реидгыла аиҳабы
Иашьар Шьефқьеҭ-иҧа Арӡынба диит жәабран 15, 1954 ш Адаҧазар ақалақь азааигуара , Қузулуқ ақыҭан. Аҭаацәараҟны ирызҳаит ҩыџьа аишьцәеи ҩыџьа аиҳәшьцәеи. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь Иашьар арра маҵурахьы иҧхьоит, дрышьҭуеит Кипрҟа . Уа дшыҟаз аибашьра иалагоит, иауеит ахәра. Иашьар аҩныҟа даныхынҳәлакь аусура далагоит адәыӷбатә зауад аҟны еиҿкааны ирымаз ашьапылампылтә команда азыҟаҵаҩс, иагьақәирӡуеит 25 ш.1985 ш.инаркны . Иашьар еиҳабыс дахагылоуп Сақариа араион, аспорттә Федерациақәа Реидгыла. . Аҭоурых далацәажәо Иашьар иҳәеит амҳаџьырраан Ҧсҳәынтәи иабду иаб Иусуфи иҧшәмаҧҳәыс Аҭрышҧҳаи , ҩыџьа иҧацәа Мусеи ,Алуҭеи Самсунҟа изӡхыҵыз. Аамҭак ашьҭахь , Ҳендеқь ақклақь ахь нхара ииасит. 2008 ш. Иашьар раҧхьаӡакәны . Аҧсныҟа дааит , драбадырит иашьцәа- ижәлантәқәа иоуит атәылауаҩшәҟәы Аҧсны аҳәаа санахыҵ , иҟасҵара сзымдыруа , ҿыц адунеи сықәнагалазшәа сҟалеит. Исҧылоз зегьы гәыдыскылар акәын исҭахыз-игәалашәоит ҳџьынџьуаҩ. Иашьар иҳәеит азнык азын иабду иаб Иусуф изы дышгәамҵыӡ , ари џьанаҭ дгьыл ныжьны Ҭырқәтәылаҟа дахьцаз. Иҧсадгьыл аҟны дымҧсуаз аасгәахәит, аха усҟан аӷацәа аӡәыр игәы иаҭаху иазҵаауазма , ишлаӷырӡышуаз рхәышҭаарақәа ирхырҵон – ҩаҧхьаигәы иалоу аҭоурыхтә хҭыс дазыхынҳәуеит иара. Фышықәса раҧхьа . Иашар иҩызцәеи иареи. Дранда иаадыртит апомидор ааӡарҭа.. Ҳџьынџьуаҩ игәы иҭоуп Аҧсны аекономика ашьҭыхра иахәо анаплакқәа раҧҵара , иуаажәлар усурҭа ҭыҧла реиқәыршәара. Иашьар Арӡынба дҭаацәароуп. Хҩык ахшара имоуп , ҩыџьа аҧҳацәа Филизи , Елизи , аҧа Барыши.
Ахыҵхырҭа :С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа



































