Аԥсны Афырхаҵа, аибашьҩы гәымшәа Игор Аргәын иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 60 шықәса ихыҵуан.
Ҳаԥсадгьыл аӷа дшақәлаз ажәабжь Игор Аԥсны анҭыҵ дшыҟаз иаҳаит. Зыԥшрак ҟамҵакәа Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа иалаз ачечен гәыԥ дацны, ашьха дхыҵны даауеит. Иџьынџь ахьчара дазгылеит аԥхьа Бзыԥтәи афронт аҟны, иара уа дшыҟаз Гагра ахақәиҭра дазықәԥеит.
Анаҩс II-тәи Ешыратәи абаталион дахәҭакны Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан. Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз Ианартәи, Марттәи ажәыларақәа дрылахәын.
1993 шықәса лаҵарамзазы Мрагыларатәи афронт ахь диаргоит: Ԥақәашь, Аҭара, Аӡҩыбжьа, Тамшь уҳәа реиҳа иуадаҩӡаз адҵақәа назыгӡоз агәыԥ ҷыда далан.
Убас, ԥхынгәымза алагамҭазы Кәыдры ацҳа азааигәара иуалԥшьа дшаҵагылаз ӷәӷәала дырхәит. Аӷа инапаҿы дҟалагәышьеит агәеиҵамха. Ахлымӡаах изааргеит, ддыргәаҟит, дытҟәангьы игәамч ианамыхәаӡа – иааигәыдҵан дыршьит.
Иҟоуп иԥсыз, иҟоуп ишыбзаз иԥсыз, иҟоуп ԥсра зқәым. Игор Аргәын – ԥсра зқәым Аԥсны Афырхаҵа иоуп.
Ҳара ҳаибашьра ҟалаанӡагьы ахьӡ-аԥша ирҳахьан Афганистан. Уаҟа хамеигӡарада аинтернационалтә уалԥшьа ахьынаигӡаз азы аџьшьаратә медалқәа ианаршьеит Асовет Еидгыла ахьӡалагьы, Афганистан ажәлар рыхьӡалагьы.
Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар. Аҟәа, 2022
Афото: Аԥсны агәалашәара ашәҟәаҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа



































