(Авариант)
1
Ажәеиԥшьаа рашәа
О, радоу , реироу радагьа ,
Жәеиԥшьҟан аҳ ду зыххь згара,
Ашара азыҳәа цыршә мгәаҟьала
Ари еиӷьу иаҭәашьа!
2
Ари ақыжә абаа зуҭаз
Хуц мшы аланы иҭ
Дахьныҵыҵлакгьы икуа, имаӷра ҭәны
Кут-ԥыцушәа ихиоу!
Нестор Конџьариа иҳәамҭоуп . Гагра араион , Бзыԥ ақыҭа. Ианҵоуп 1948
Ажәеиԥшьаа рашәа
Оо, рид рид гурҷаҷга!
Ицәажәзаргьы -аҵыс ҭыҩра зхагылоу,
Бажәызаргьы -ахацагу зхагылоу
Џьма -ссазаргьы -цәа ԥхьаӡара
Ажәеиԥшьаа , суҳәоит , иҳаҭәашьа !
Уара Жәеиԥшь -Жәеиԥшьырҟан аҳ ду
Жәибжьи жәахеи ҩаижәи жәаба
Абызаргьы -ҩра, х-ра зхоу
Цәажәызаргьы -жәыхә-жәаф зхоу
Қуасабзаргьы -цәажәымгуаҟьак
Иԥслаҳәзаргьы -ҳацаҟь шьап дук
Абри зашәоу , злыԥха ҳаура
Ажә ҳфеит , аҿа ҳаҳәоит
Уаа , Жәеиԥшь -Жәеиԥшьырҟан, Аҳ ду!
Уаҳаид Аҳагба иҳәамҭоуп
Гудоҭа араион Аҷандара ақыҭан
Ианҵоуп 1948ш.