Абраскьыл
Даара ибзиан Абраскьыл ихәыҷра. Уи мшызҳа изҳауан. Ихшыҩ ҵаулан, дыӷәӷәан , деилҟьан. Ажәытәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны ирлас -ырласны иақәлон идырҳәуан ақәылацәа. Абраскьыл иқәлаз иҩызцәа еизганы, аӷацәа дыриааит. Аԥсны ақәлара иаҟәыцит, иҭынчрахеит. Абраскьыл иӡбахә анраҳалакь ишәон аӷацәа . Ижәлар бзиа дырбон Абраскьыл . Ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы ираҳауа иалагеит . Арҳәцәа Аԥсны ақәлара ианаҟәыҵ ,аҭыраси амӷ бааԥси рықәхра далагеит Абраскьыл .Уи ашьҭахь амхқәа ибзиан аҽаҩра ҭырго иалагеит .Аҳаскьын иаҵәа бзиан игыло иалагеит. Арахәи аџьмақәеи ахьара бзиан ирырҭо иалагеит. Ибаны даақәгыломызт Абраскьыл ауаа цәгьақәа. Иара убыс анцәа иаԥхьа ихы лаирҟәыр иҭахымызт. Иҽы Арашь дақәтәан ажәҩан ахь дхалон. Иаҳәа аԥҭақәа ирылақшан амацәыс алаих’уан. Адгьыл аҿы аҵлақәа ирықәыз аҵиаақәа иԥырхагамхарц азын ихиҵәон дымлаҟәырц азын. Ауаа Абраскьыл , Анцәа иаԥхьа ихы лаирҟәит ҳәа ргәы иаанамгар азын. Абраскьыл диман аӷа-Адау. Уи шьха дуук аҿы дынхон . Инап дуқәа рыла амшын ихгылаз аӷбақәа ӡаирҟәылон. Амла данаклакь , аԥсыӡ амра аҿы иӡны , абҩақәеи , акьатеиқәеи ҭымгаӡакәа ифон. Ҽнак знаю Абраскьыл инхарҭа дазааигәахан наиқәҿиҭит :
Узҿи уара уа:?
Адау: Иумбаӡои? Аԥсыӡ сфоит.
Абраскьыл: Уаҳа акгьы уаԥсаӡами.
Амшын сҭаԥалан аӡы хсырҽҽиот, амшын ааигәа-сигәа инхо ауаа уареи шәӡаасырҟәылоит..Уҽыхьча :иҳәан адау аӡы дҭаԥаларц иҽазикит. Аха Абраскьыл дахьӡеит адау ишьапы аҵәы алаҵара Адау адгьыл дықәҳаит. Ашьа убысҟаҟ ирацәахеит, Абраскьылгьы амшын ахь дагахьан. Адау ишьапала шәышықәса зхыҵуаз аџьа хыижәеит данкаҳа.
Анцәа изымычҳауа далагеит Абраскьыл ихымҩаԥгашьа . Имаҵаҩцәа ааизиган , ахылаӷьара дҭашәыжь уа дгәаҟлааит ихы аҭыԥахь иааианӡа ҳәа реиҳәеит. Аха Абраскьыл Ерцахә аҟаҵәара ҽыҵәахырҭас иҟаиҵеит. Анцәа имаҵуцәа уахь ианазааигәахоз иара ирашь дақәтәан амшын аҟәарахьы деихон .Уа ацаҟьа ашьапаҿы икәымжәы нышьҭаҵан иԥсы ишьон. Аха Анцәа имаҵуцәа амшын ахь ианылбаауаз иара Арашь дақәтәан Ерцахә акаҵәара ахь дцон. Ус ихы еиқәирхон Абраскьыл. Уаҳа ԥсыхәа анырмоу Анцәа имаҵуцәа аџьныш лахь ицеит. Уи Абраскьыл ажәа илҭахьан лус хәымгақәа дшырҟәаҵуа , аха игәаӷ лыман. Бҳацхраа быда ԥсыхәа ҳамам ҳәа илыҳәеит . Ажәқәеи ацәқәеи шьны , рцәақәа рхыхны, нас ахәы ахьақәым аган ала Ерцахә акаҵәара аҿы ишьҭашәҵа. Иара убас ахәыӡ ақәшәыԥса ҳәа наралҳәеит . Арашь уи ианаӷрагылалакь иқәҵәрааны икаҳауеит. Абраскьылгьы усҟан икра мариахоит. Аџьнышь ишралҳәаз еиԥш иҟарҵеит. Амаҵуцәа абжаҩык агахь егьырҭ ашьхахь ицаны Абраскьыл изыԥшуа инатәеит. Есымша еиԥш Арашь Абраскьыл игәы иҽыннаҵеит. Абраскьылгьы Арашь днақәтәан Ерцахә ашьхахь деихеит. Аха Арашь ықәҵәраан , Абраскьыл ақәҵыха дахьымӡакәа аҩхаа иҭаҳаит. Анцәа имаҵуцәагьы, Абраскьыл даанкылан адаҷла дҿаҳәаны аҳаԥы аҿы даанрыжьырц реиҳәеит. Аџьнышь Ҷлоутәи аҳаԥы аҿы дҭакнарҳарц рыҵалҳәеит. Иара убас Арашьгьы уа иҭакнарҳаит. Адаҷқәа аиха иалхыз ашьаҟа иадҿарҳәалеит. Ашьаҟагьы иҵаулан адгьыл иаларсын. Анцәа аџьнышь илыдиҵеит аҳаԥы дахылаԥшларц аӡәгьы уахь деалмышьҭларц. Абраскьыл амла дакны дыԥсырц . Аха аџьнышь Абраскьыл дрыцҳалшьеит. Ахши аҟаби жәны изналгон. Арашьгьы аџыр ххны иалҭон. Анцәа уи анеиликаа дгәамҵын аџьныш дланы дҟаиҵеит, насгьы дишәит. Есымша Абраскьылгьы Арашьгьы хьчаҩыс дрымазарц. Ала адаҷ арбзара иалагеит .Абраскьыл деиқәсырхоит ҳәа. Иарбзацыԥхьаӡа адаҷ абырфын арахәыц еиԥш иҵаӷахон. Аха ала аԥсы ашьарц ианынатәалакь еиҭа идаҷхон.
Дыцәаӡамызт Абраскьылгьы. Уи ишилшоз ала ирҵысуан аиха иалхыз ашьаҟа . Уажәы уажәшьҭан икаҳауеит ҳәа дшыԥшуаз ҵыск ааины иқәтәон . Ашьаҟа аҵысра иаҟәыҵуан. Убас акырынтә иҽазишәеит Абраскьыл , аха башан. Игәы ԥжәаны ажьаҳәа ала дасит, аха ашьаҟа еиҳагьы адгьыл иҵалеит. Ҽнак зны агәыӷьра змаз ауаа ҭалеит аҳаԥы, аԥшӷәынҵәмцақәа кны. Раԥхьа аҳәыҳәқәа ԥыруа инеиуан. Кыраамҭа ицон ауаа амлеи ахьҭеи иакны . Аҳәыҳәқәагьы ирцәыцәгьан аҳаԥы аҩныҵҟа аԥырра. Аҵыхәтәан дырбеит Абраскьыл . Уи ашьаҟа арҵысра даҿын. Аҳәыҳәқәа аниба рықәҿиҭит:
Иҟои адунеи аҿы ? Уажәыгь рызҳара иаҿума аҭыраси аҳаскьын бааԥси.?
Ауаа хәымгақәа ауаа қьиақәа рыргәаҟра иаҿума?
Аиеи ирызҳауеит аҳаскьын бааԥсқәа, идыргәаҟуеит ауаагьы. Адаҷқәа аахьархьарын , аҳаԥсҩы дааӷызит. Еех ҽеира ыҟам макьана стәылаҿ . Имам аҭынчра ауаҩы адгьыл аҿы. Ихаԥыцқәа еихарӷәӷәаны еиҳагьы ашьаҟа арҵысра далагеит . Есымша еиԥш аҵыс ааины иқәтәоит ҳәа иалагеит ашьаҟа , аха аҳәыҳәқәа ирымуит. Ауаа Абраскьыл иахь иццакны анеира иаҿын . Рыбжьқәа неиуан Абраскьыл иҟынӡа . Уи аамҭазы лашарак каҷҷеит алашьцараҿ . Иӷәырӷьан Арашьгьы аакьыркьырит. Абраскьылгьы дааӷәгәырӷьан ишимчыз ашьаҟа дазеит. Адаҷқәа ааԥҵәан ашьаҟа каҳаит. Аҵысгьы аҵыхәтәа ԥҵәан акылҵәара иҭаҳаит.
Зны-ӡынла ауаа Абраскьыл иҳәынҷара даҽакала еиҭарҳәоит. Уи есымша илабашьа деиқунархон ҳәа . Ашәарҭара данҭагылоз уи илабашьа адгьыл иҵаирсуан . Нас уи дахьынҳаланы дыԥон ус иҽирӡуан ҳәа. Аӷацәа рыла дахьамбоз. Анцәа имаҵуцәа аҵларкәыкә еиқәаҵәа , Абраскьыл илабашьа ԥхасҭанатәырс азын иаҳәахьан. Уи аус ҟанаҵар ахылԥа ҟаԥшь арҭоит ҳәа рҳәахьан. Аҵларкәыкә Абраскьыл дахьыҟаз ԥшааны уи дахьынӡацәаз алабашьа акылҵәара иалагеит. Абжа аҟынӡа ишкылнаҵәаз Анцәа имаҵуцәа иранаҳәеит. Дара Абраскьыл иахь еихеит. Абраскьыл урҭ аниба илабашьа иҽхьанҵаны дыԥоит ҳәа дшаҿыз , иаиҩшан дкаҳаит.Дара наихьӡан дыркит.
Ас акәыз анс акәыз, аха Абраскьыл ажәлар ргәаларшәараҿы даанхеит. Ихаҵарақәа ҿырԥшыгас ироуит ауаа ….
Х.С . Бгажба Предания и мифы
Перевела с русского М. А. Хурхумал
