Site icon Abhaz Online

Ахьчаҩи Ажәеиԥшьаа рыԥҳаи.

Ашәарыцаҩ қәыԥш аԥслаҳә деихсит,  аха имшьӡеит ихәит. Аԥслаҳә ыҩны ицеит нас иаангылан ашьҭахь ихьаԥшит. Нас ахьчаҩ ихәаԥшын , нас еиҭа иҩит. Ахьчаҩгьы аԥслаҳә ашьҭақәа дырхылан ,Иахьизымдыруаз  аҭыԥқәа , изымдыруаз аҩхаа аҿы днеит. Амҩахәасҭа ацха иалхыз қәацәк аҿы днанагеит. Аԥхьа дгылан изтәыда ари аҩны ҳәа дышхәыцуаз . Бжьык алагеит: Уҩнал ҳәа.

Ахьчаҩ ақәацә дыҩналазар абнацә ацәа ихарԥаны уаҩышлак иԥаҵа дуны  дтәан. Уи аԥстәқәки , аԥсаатәқәеи рынцәахәы – Ажәеиԥшьаа иакун.

Бзиала уаабеит : иҳәеит ихааӡа аҭаҳмада.

Иганаҿы аԥшьырҳаи  амҳаҵәи шьҭан

Амла уакызар ҟалап: Харҵәык ыф.

Ахьчаҩ амҳаҵә иган аԥшьырҳа аҟынтәи ахарҵәы афара далагеит. Аха хымҳаҵәк анифа игәы изхара шыҟалаз  ибеит. Ахьчаҩ днаԥшааԥшызар ибеит адәҳәыԥш аҿы хԥслаҳәк шыхәмаруаз. Илаԥш рыдзалеит урҭ, уи збаз аҭаҳмада диазҵааит: Узыԥшуазеи , иубазеи?

Аԥслаҳәқәа адәҳәыԥш аҿы ихәмаруеит иҳәеит: ахьчаҩ.

Уи аԥслаҳәқәа ракәӡам, уи сыԥҳацәа роуп иҳәеит абырггьы.  Рымаҭәақәагьы абнамаҵла аҵаҟа ишьҭоуп иҳәеит . Аганаҿ иқәу сыԥҳа аиҵбы лыҵкы ауп , егьырҭ хаҵа ицахьеит. Унеины лыҵкы лмырбаӡакуа иузыгар иҟало убап иҳәеит абырг. Иҽирхаҵан ахьчаҩгьы аҵкы лнамҵасит , убри аамҭазы аиҳаьацәа рыҵкқәа ршәырҵеит .Аиҵбы цкыда даанхеит. Лых дуқәа рыла лыхтра хылҩеит. Аиҳабацәагьы ари ҳамаҳә иоуп , ари ҳамаҳә иоуп ҳәа аҳәҳәара иалагеит. Ахьчаҩ ацкы налиҭан , зегьы Ажәеиԥшьаа иҩнахьы рҿынархеит . Аҩны иацәыхарамкәа , аиаҵәара иарганы амҳара аацәырҵит.. Аишәа дырзиар адҵа рыдиҵеит Ажәеиԥшьаа. Иласыз Ажәеиԥшьаа имаҵуҩы Шәакәаз  иаразнак , абгаџьма, аџьма , ажьа ишьит. Акәац ачуан иҭаҵаны ижәит. Абҩақәеи, ацәақәеи џьара ҭыԥк аҿы еизигеит. Ажәеиԥшьаа илаба наирхьырсын иаразнак акуаци , ацәеи нархылеит. Ус иҟаз ракән уи нахыс ашәарыцаҩ иԥылоз , ишьыр иҟалогьы уи акун. Хышықәса ҵит уи ашьҭахь .Уи аамҭа иалагӡаны ахьчаҩ иԥҳәыс аԥҳа длоуын , ӡыӡлан длылҭеит аҩаӡара. Аҩбатәи лԥа абнацә далҭеит аҩаӡара. Ахԥатәи ашьабысҭа далҭеит аҩаӡара. Ҽнак зны иҭаххеит ахьчаҩ ауаа рахь дцарц , иԥҳәысгьы илеиҳәеит .

Саб азин имх лҳәеит ларгьы. Ахьчаҩгьы дцеит Ажәеиԥшьаа иахь. Ажәеиԥшьаагьы ахьчаҩ дааизыӡырын ус наеиҳәеит:

Иудыруама адәҳәыԥш ауаа рырахә ахьдырҳәа?

Аиеи иҳәеит ахьчаҩ.

Угьежьы уҩныҟа , убри адәҳәыԥш аҿы унхала, амала уԥҳәыс лгәы иаамыхәо ак ҟаумҵан , мамзар бзиала уақәшәом иҳәеит.

Иуҳәо закәи , сара ахаангьы ус ак ҟасҵом иҳәеит ахьчаҩ.

 

Exit mobile version