Site icon Abhaz Online

АБРИ СОУП САРА-Дырмит Гәлиа

 

АБРИ СОУП САРА

Харантә иааз сасра,
Икарандашь кны дсазҵааит сара:
– Суҳәоит исоуҳәаразы, узусҭада уара?..
– Сара адунеи ду аԥа соуп,
Иара убри алагьы сара сыҽхәаҩуп.

Еилырганы иуасҳәап: сара саԥсыуоуп!
Аԥсуа жәлар рԥа соуп сара,
Ажәытәӡа зны аџьамцәеи арабцәеи
Кавказ иқәцаны иказцаз иреиуоуп дара.
Сара саԥсыуоуп, стәыла хәыҷ ала сыҽхәоит.

Сара бызшәала сырзааигәоуп, срашьоуп
Аедыгьқәа, ачерқьезқәа уҳәа.
Сара срашьоуп ажәларқәа зегь – адунеиаҿ инхауа.

Сара сырԥоуп абылра, аццышә иалҵыз.
Сара сырԥоуп ԥхьаҟа ицо ажәларқәа.
Сара саԥсыуоуп.
Сҭоурых –
Ажәытәӡа иалоуп…
Сара – исашьоу иашьа соуп!

Сара – саԥсыуоуп! –
Сышьха шлақәа сырԥоуп,
Стәыла саԥоуп.
Сабдуцәеи урҭ рабдуцәеи
Анышә иахьамоу саԥоуп!..
Исашьоу – срашьоуп,
Ақьиацәа зегьы –
Сара сыуацәа роуп!
Дырмит Гәлиа

Аусумҭа автор: Гьаргь Гәлиа (апоет иҧа)

Exit mobile version