Site icon Abhaz Online

Џьиҳан   Ахәаҷба-Джихан Ахуачба

Џьиҳан Абдураҳман- иҧа  Ахәаҷба

Апрофессор

Џьиҳан Абдураҳман- иҧа  Ахәаҷба диит жьҭаара 29 , 1959 ш. Ҳендеқь ақалақь . Иаби иан  Фиқрие  Арӡынҧҳаи ирааӡеит быжьҩык ахшара , хҩык аҧҩацәеи ҧшьҩык аҧацәеи. Џьиҳан абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит . Сҭампыл ақалақь ауниерситетқәа руак , аклассикатә литература афакультет. Уи даналгалакь ихьчоит адоктортә диссертациа . Османтәи алитературатә ала. Аҵара ашьҭахь , ауниверситет аҿы аусура даанхоит, дыпрофессорхоит.  Џьиҳан атранслитерациа инапы алакын. Арабтә шәҟәыҩҩцәа , апоетцәа рырҿиамҭақәа алаҭын ахь иеигон. Ирантәи абызшәа ҟнынтә аҭырқәшәахь еиҭеигахьеит афилософ  Мевлана ишәҟәқәа. Ихаҭагьы  Амдара захьӡу , иныҟәарақәа ирызку ашәҟәы ҭижьхьеит, иҵегьы аҩра даҿуп. Џьиҳан идыруеит аҧсшәа, аҭырқәшәа, араб , иран, афранцыз англыз бызшәақәа. Џьиҳан иҧсҭазаара абжеиҳан аусуреи, анаҩс иҭаацәа ирзикит аҟнытә ,  Аҧсныҟа дцартә еиҧш аҭагылазаашьа имамызт . Аха уажәшьҭа дтәанчаҩуп , ихшарагьы ирызҳаит. Аб гәҭакыс иҟаиҵеит ихәыҷқәа иманы иџьынџьдгьыл аҭаара . Руаӡәк идамзаргьы уахь аангылара иҭаххар,  Џьиҳан изы иразҟы духон. Аҧсныҟа изныкымкәа дцахьеит сашьа Ирфан. Иара  Адаҧазар ақалақь аҧсшәа аҵаразы акурсқәа еиҿкааны имоуп азы, ирацәаӡаны ашәҟәқәа ирҭоит.. Саргьы сзыҧхьаша ,сыҧсадгьыл аҭоурыхи , сыуаажәлар рыбзазареи, ркультуреи ртәы зҳәо алитература сзааигоит-ҳәа азгуеиҭеит  Џьиҳан. Џьиҳан амҳаџьырра аамҭа дазааҭгыло иҳәеит , Аҧснынтәи ихырҵәаз иабду  Аиса шиакәу. Иара  Шәача азааигәара инхоз ахҷыҧсаа дреиуан . Сабду адунеи аниҧсахуаз саб дхәыҷын, убри аҟнытә ҳҭаацәара иадҳәалоу аҭоурых уиаҟара издыруамызт. Акзаҵәык иҳаҳауаз ҳара ҳаҧсадгьыл Аҧсноуп,  уахь ҳхынҳәыроуп ” ҳәа акәын. Џьиҳан  Ахәаҷба хәҩык ахшара драбуп . Имоуп хҩык аҧҳацәа Аишьеи , Фатмеи, Аслеи, убас  ҩыџьа аҧацәа – Аҳмеҭи  Селими.

Ахыҵхырҭа : С. Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа.

Exit mobile version