Site icon Abhaz Online

Фарықә  Рыфаҭ -иҧа Ашәанба- Фарук Ашванба

Фарықә  Рыфаҭ -иҧа Ашәанба

Аполициа аусзыҩу иахьа тәанчара иҟоу

Фарықә  Рыфаҭ -иҧа Ашәанба диит нанҳәа 3 1950 ш. Диузџье ақалақь азааигәара  Тавақкасбеи ақыҭан . Иаби иан  Феридеи Ашәҧҳаи ирааӡеит хҩык аҧацәеи аҧҳаи. Фарықә абжьаратә школ даналга ашьҭахь, Ерзурум ақалақь ауниверситет, адинтә факультет далганы ашкол аҟны аусура далагоит. Анаҩс Анкара, аполициатә   Академиаҟны хымз акурсқәа дырхысны   Малаҭиа аполициа ахырхарҭала амаҵура ныҟәигоит. Париж Ҭырқәтәыла аконсултә ҭыҧ ашәарҭадаратә маҵзура деиҳабын. Болгариеи Ҭырқәтәылеи рҳәааҟны аҳәаахьчаҩцәа ршәарҭадаратә маҵура  дахагылан , убас Едирнеи , Ерзуруми  ақалақьқәа рҟны аҳәынҭқарратә маҵзураҟны аполициа аусзуҩцәа хылаҧшра риҭон.  Есқьишьеҳири  Кониеи ақалақьқәа рҟны аполициа аиҳабы ихаҭыҧҩаус аус иухьан, убас . Сҭампыли  Анкареи  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинспектор хадас дыҟан. Ажәакала  Ҭырқәтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟны аполициа ахырхарҭала амаҵура дуқәа ааникылон. Зень иреиҵаз ачын аҟнытә иреиҳ аҟынӡа днаӡеит. Фарук  Ашәанба 2015 ш. раҧхьаӡакәны  Аҧсны дыҟан . Жәамш иалагӡаны иҩызцәеи иареи зехьынџьара  иныҟәеит. Ҳаҧсадгьыл аҿы ҳаҟанаҵы  Ҷлоу ақыҭаҿы Инаҧшьаа рҭаацәараҿы ааҧхьара ҳаҭаны ашьтәа ҳзыршьит. Даара ибзиаӡаны ҳрыдыркылеит, ҳаҭыр ҳақәырҵеит. Ак заҵәык сгәы еихьызшьыз , иҳадтәалаз абыргцәа раасҭа  , ҳара иҳацны инеиз еиҳа аҧсуара ныҟәыргозшәа збеит-ҳәа азгәеиҭеит ҳџьынџьуаҩ. Фарықә аурысцәеи аҭырқәцәеи ҳаҧсуараҿы рышьҭра нрыжьит ҳәа азиҧхьаӡоит. Иҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгыло, Фарықә иҳәеит амҳаџьырра иахнагаз 10 ш.зхыҵуаз, иабду  Басиаҭ шиаку. Иара Гәылрыҧшьынтәи  иуацәа  Амҷаа дрыцны  даазап. Иани иаби ирыҧсҭазаашьахаз дырым. Басиаҭ 20 ш.анихыҵуаз аррахь иҧхьеит. Уи ашьҭахь аҭаацәара далалеит хәҩык ахшара ихылҵит. 42ш.дшырҭагылаз Ҭырқәтәыла имҩаҧнагоз аибашьра аҿы ахәра иоуит. Адаҧазарынӡа ииулак дааит, аха аҩнынӡа дзымнаӡакәа , амҩахь иҧсҭазаара далҵуеит. Басиаҭ иҧсыбаҩ атәымуаа анышә иамардеит.. Фарықә иҧҳацәа   Зеинеҧи , Хилали , иҧа  Кадыри есқьынагьы ирзеиҭаиҳәот иуаажәлар знысыз арыцҳара атәы. Иара излаилшо ала ихшара рџьынџьдгьыл ахь ихьаирҧшует.

Ахыҵхырҭа : С.Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа

Exit mobile version