Site icon Abhaz Online

Уур Бганба- Уур Бганба

Уур  Садула-иҧа Бганба

Аспорт азы жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аӡбаҩ

Уур Садула-иҧа Бганба диит абҵара 8, 1972ш.  Адаҧазар ақалақь аҟны . Иаби иан Иумран  Кәыҵниаҧҳаи ирааӡеит ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи . Уур абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит. Сақариатәи ауниверситет абҩарҵәыреи аспорти рфакультет. Иазгәаҭатәуп , Уур ашкол дахьынӡаҭаз карате асекциа дшалаз. Иара иқәратәи икапантәи гәыҧқәа рҟны хынтә  Ҭырқәтәыла  ачемпионат аҿы ахҧатәи аҭыҧ ааникылахьан , 1989-1991 ш.рзы  Ҭырқәтәыла дачемпионын. Европатәи ачемпионат аҿгьы ахҧатәи аҭыҧ даҧсахахьан. Ианашьоуп карате амаҟа еиқәаҵәа афбатәи аҩаӡара . Ауниверситет ашьҭахь Уур аррамаҵура дахысуеит . Анаҩс иҽазикуеит аспорт азы аӡбаҩ иус. Иахьа жәларбжьаратәи аҩаӡара аӡбаҩс дыҟоуп. Ҭырқәтәыла карате  азы  Афедерациа ахада дихаҭыҧаҩуп. Адгьылбжьаратә мшын атәылақәеи , Европеи,  Адунеи зегьтәи карате азы  Афедерациақәа дырхаҭарнакуп. Уур  Бганба далахәымкәа , карате азы адунеитә ҩаӡара змоу ачемпионатқәа мҩаҧысуам. Убри аҟынтә иара лассы-лассы атәылақәа дрыбжьоуп. Уур  Бганба  Адаҧазар ақалақь еиҿкааны имоуп карате азы асекциа ,арахь иныҟәот быжьбеи ,ҩынҩажәижәаба шықәсеи зхыҵуа рҟынӡа аспортсменцәа. Амҳаџьырраан, Уур  иабду иабду . Абдуллаҳбеи иҧа  Османбеи диманы  Ҭырқәтәылаҟа дааит  Сақариа азааигәара инхеит. 2016ш. Ҭырқәтәыла иҟоу  Қырҭтәылатәи  аконсултә ҭыҧ аусзуҩцәа , Ҭырқәтәыла карате азы  Афедерациахь иашшуа иалагазаап  Уур Аҧсныҟа ацара  игәы иҭоуп ҳәа анраҳа . Адунеитә ҩаӡара змоу аспорттә  ӡбаҩ иџьынџьдгьыл даҭаар, Аҧсны егьырҭ атәылақәа еицырдыруа иҟалоит ҳәа агәшәара рызцәырҵызаап. Аха аофициалтә визитла акәымзаргьы , Уур иҧсадгьыл ахь дааит. Хәымш иалагӡаны иибаз, иаҳаз рацәахеит.  Аамҭа кьаҿ иалагӡаны сахьӡеит сыжәлантәқәа рдырра , рзааигәахара, ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҭаара. Даҽазны санцо , исҭахәуп сҭаацәагьы згар-иҳәоит иара. Уур хҩык иҧацәа Фурқан ,Оқани, Кузеи ргәыблыра рџьынџьдгьыл аҟны инхар издыруада мышкызны руаӡәы нхара дааргьы.

Exit mobile version