Site icon Abhaz Online

Сҩызцәа ахьыҟоу сышԥамцои?!-Алхас Ажьиба

Сҩызцәа ахьыҟоу сышԥамцои?!

Зылақәа шашаӡа иаарту, акан бзиа змоу аԥсуа ԥхәыс, згәы аарту , зчеиџьыка ҭбаау , збызшәа  цқьаӡа змоҭацәа ирызназго , иахьа ицәгьоуп ус еиԥш иҟоу аҳәса рыԥшаара. Уи илылаз аԥсуара , аламыс , аԥсадгьыл абзиабара илыхшаз зегьы ирылалааӡеит. Дцәажәон уи аԥҳәыс ҭынч-ҭынч . Зны-зынла лыбжьы лымпыҵҵызшәа анылбалакь, аҭамзаара нышьҭаҵан дызҿыз аҳәара дналагон.Занду илыдибаҳәалаз лмаҭацәа лгәыдкыла илҳәоз иазыӡырҩуан!

– Акызаҵәык сгәы сзырхьуа , сызбылуа џьара ҷышәракгьы иара ихьӡала акы ианым.20 шықәса нҭакәкәа ицеит. Иҭахаз зегьы рыхьӡ аҳәареи ашәҟәқәа ранцареи иаԥсоуп. Дара аӡәыкны рхы иазымхәыцкәан еидгыланы аиааира ҳзааргеит. Убри аҟынтә иналкаа-аалкааны есымша иддырбо акәымкәа ҳара згәы кылҵәоу иҳацәҭахазгьы ртәы рҳәар , ҳара ҳзы игәырҟәандахоит.

Ажиба Дмитрии ,  Гыцба – Ажьиба Изольдеи Мгәыӡырхәа ақыҭан иааит нхара 1963 ш. Ирааӡеит ԥшьҩык ахшара : Џьамбул , Мадонна , Ирина , Алхас .

Дмитри аусуразы  зхы иацәымаашьоз уаҩын. Уи занааҭла дмашьынаныҟәцаҩын . Усҟантәи аамҭазы зыхьӡи зыжәлеи еидгыланы ирҳәоз хаҵан. Иԥшәма Изольда ҩышықәса анылхыҵуаз лаб Гыцба Алықьса Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡахь дыргеит, уаҳагьы дзымхынҳәит. Уи хабарда дыбжьаӡит . Лан Мышәба Валентина лхәыҷы лаб иҩнаҿы длааӡеит. Лашьцәа Мышәаа быжьҩык аибашьра иалаӡит , 5 -ҩык аиспанка иагеит. Убас Изольда лхәыҷра ашықәсқәа цәгьан . Аха уи ахьаҭарақәа зегьы дыриааины , аҭаацәара даналала  анцәа ишиҳәара дыҟан. Лангьы лгәабзиара уашәшәырхо ианалага лара лыҩны длыман. Изольда дзаҵәын .Изольда Гыцба -Ажьиба еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус луан хәыҟаҵаҩыс аԥсшьарҭақәа “Золотой берег”, “Дзержински ” “Рица”.Абас аиаҭымра иалҵны аҭаацәара бзиа аԥызҵаз Изольда лыԥшәмеи иареи рыхшара ирегәырӷьон.1990 ш. Дмитри Зосим-иԥа иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит . Ихшаара  арыцхраара, ршьапы ақәыргылараҿы арывагылара анаҭахыз. Ран излалылшоз ала дрыҵагылеит. Аҷкәын аиҳабы Џьамбул далгеит автомҩатә техникум Мадонна  -ААУ, аекономикатә факультет, Ирина -Москватәи аҳәынҭқарратә университет -аекономика , аиҵбӡа ихьӡын Алхас

Ажьиба Алхас Дмитри-иԥа диит 1968 ш. ажьырныҳәа 18 рзы , Мгәыӡырхәа ақыҭан. Далгеит Аԥшьдәанытәи абжьаратә школ 2 . Ашкол  даналга дҭалоит Аҟәатәи акулинартә училишье уи дагьалгоит ибзиаӡаны , иреиҳаӡоу   3-тәи аквалификациа иманы , уи ашьҭахь дрыдыркылеит аресторан “Риҵа ” аҟны официантс. Аррамаҵура дахысуан Иркәтсктәи аҿацә ақалақь Тулун. Арра дахьынӡаҟаз дахысит хәымызтәи ахәыҟаҵацәа ркәрсқәа, уаҟа  ирҭеит аԥшьбатәи аҳаракыра аквалификациа. Аррантә даныхынҳә дгьежьит аус ахьиуаз аресторан “Риҵа” ашҟа , уа ԥыҭрак аус аниу диаргоит аресторан Нарҭаа ашҟа . Уаҟа аус иуанаҵы дҭалоит ААУ  аҽазыҟацаратә курсқәа , аекономикатә факультет ахь . Алхас Ажьиба қәҿиарала аԥышәарақәа аҭаны аекономикатә факультет дҭалеит. Аҵара инаваргылан иҽалаирхәуан адунеизыгьтәи аекстросенсқәа  ркәырскәа .Урҭ еиҿыркаауан Аҟәа ақалақь аҟны. Уи иахьа ишьақәнарӷәӷәоит ирҭаз адиплом . Аҵара игәы ахшәаӡомызт . Зегьы илан . Аспорт дазҟазан Карате ҳәа изҿу асекциахь дныҟәон. Ауниверситет данҭала ус сеиҳәеит  . Сан бгәа ԥаҳҵәеит, быбӷа киҵыхха баҳамҭаӡеит.Сара шәсыргәамҵӡакәаны схала схы сахәаны , аусгьы уны , аҵарагьы сҵоит иҳәеит. Алхас ахышьҭыхра , аҽырбара иашьҭаз ҷкәынан ” лҳәеит иан.Ауниверситет аҿы  иҵара игәаларшәо Џьамбул хҭыск ҳзеиҭаиҳәеит. Актәи акурс анхиҩоз акәын. Алхас аматематика ибзианы ицааиуан , аха аԥышәарақәа ахьиҭиуаз илаҟәыз ахәшьара ирҭеит. Апрофессор А.А. Гәарамиа ишҟа арзаҳал алаиҵеит аԥышәараҿы иоуз ахәшьара дшақәшаҳаҭымыз ала . Аҳәарагьы ҟаиҵеит иара идикыларц . Еиҿкааз акомиссиа  А.А.Гәарамиа идикылон аԥышәара. Алхас ихы  дшақәгәыӷуаз еиԥш иагьыҟалеит. Идыррақәа ахәшьара бзиа инаҭеииҭ . Абас деилыҷҷан , ихшыҩ дуун , иҭбаан. Аԥсны аибашьра ианалагоз Алхас аҩны дыҟан . Ашҭа дынҭҟьеит. Имаҭәақәа амҩахь ишәҵо дыҩуа дылбааит. Иҭаацәа еилвркааит Гәымсҭатәи ахырхарҭахь дышцаз. Далан  Галактион Чыкәбар наԥхгара зиҭоз асапиорттә – нџьныртә батальон. Аибашьҩы , апоет Енвер Ажьиба иуеит абас  ,”Алхас Ажьиба раԥхьаӡа акәын дызбаз ауаҩы диршанхон.Ажәытәан , ажәҩан ҵиԥссауан ҳәа зырҳәоз , Нарҭаа дуқәа ирхылҵшьҭраз аԥсуа уаҩы нырха дааугәалаиршәон.Амала аҭәыха имоуӡеит умҳәозар. Иблагәқәа  ҭбааӡа , ахаҵа анцәа дигәарԥханы данишо дшишо  еиԥш , ԥшӡарас иҟоу зегьы иара иҟны еизыркәкәаны . Иааӡашьагьы даҽакын . Иҩнаҭа иҟан даҽа ҩнаҭак иузадымкыло хазҿыдарақәак . Иаб Дмитри иакәзар , иԥсы ахьынӡаҭаз ижәлантәқәа  рзыбаҩ ҳәа ишьҭан”

Дызлаз батальон абананамгеи ?! Алхасгьы акы дацамхо дрышьҭан. Ажьырныҳәатәи  ажәылараан Галактион Чыкәбар еибашьцәа иманы далахәын ” Уи амшқәа -иҳәеи иашьа Џьамбул -данрыхцәажәоз иԥси -иԥси еихьӡомызт Гәымсҭа измырӡеит, ажра иахьынӡаҭагылаз   иҭыҵвртә аҭагылазаашьа рмоуит . Алхас иҩызцәеи иареи ажәылара арманшәаларазы рыдҵа нагӡаны ианааи ауп ари анрыхь . Ажәылара ицоз ацҳа нырцә иаанхеит. Алхас ахьҭеи аҵааи дахьылагылаз ишьаԥқәа цааркхеит. Иԥсы шҭаз дааргеит , аха  дуашәшәыран. Ажьиба Алхас иашьа Џьамбул Ростов дигеит. Уаҟа ахәшәтәырҭа дҭеиҵеит. Аха амҩа иахьықәызгьы, уа ианнеигьы ииҳәоз акы акәын”сҩызцәа , урҭ ахы иаҿагылоуп , счврхьызыгӡароуп ҳәа. Иашьа дгьежьны Аԥсныҟа дааит . Алхас иаҳәшьа Москва аҵара иҵон . Уи Ирина илҭахзеит уаҟатәи аҳақьымцәа дыдлырбарц . Иаргьы дақәшаҳаҭхеит. Алхас иаҳәшьеи иареи анеибаба амҩа дықәларц шиҭаху леиҳәеит. Ирина диҳәеит мышқәак даангыларц . Аҳақьымцәа рахь дылгарц шылҭаху ,насгьы амаҭәаԥхақәа илҭарц. Ибла ҟәазқәа аалашан , дааччан ус леиҳәеит :” Сара аибашьра ауп сахьцо амаҭәа ирыласхи ” ҳәа. Убас иаҳәшьа бзиала ҳәа лаҳәанв дзынҳәит Аԥсныҟа

Алхас данааи ауа- аҭахы зегьы иҳәеит хәыҷык дыӷәӷәахаанӡа аҩны даангыларц . Аха 2 тәи абригада , 1 тәи арота , командирс дыҟан В. Багаҭелиа “Сҩызцәа , сашьцәа ахьыҟоу сышԥамцо ҳәа урҭ рышьҭа дхыланы дцеит. Цугуровка иахьылҭалаз аума иалагеит. Уҳәан-сҳәанқәа рацәахеит…Илбааит , иҭаршьит, иаанрыжьит… Уи аамҭазы уаҟа аибашьра ӷәӷәа цон. Ихәны иҟаз ирӡылбаагоз лбааргеит, аибашьҩы Борис Гәымба усҟан дхәын , данылбааргоз Алхас дибеит. Сылаԥш дыҵашәеит Алхас , иумбозгьы иакәмызт. Ишьамхы арсны иӷра инапы ҭакны дтәан . Абас Цугуровкеи Шромеи ргараан Алхас Ажьиба дыбжьаӡит. Мызкы иназынаԥшуа уи ихабар рыздырӡомызт . Ахра аҿаҩа зегьы еимырдеит , аха ихабар ыҟамызт.Алхас Ажьиба аӡәгьы дидыруа дыҟамызт. Мызкы ааҵхьан Афон аӡәы дшааргаз ала ахдырра рырҭеит иҭаацәа.Уаҟа ианнеи иԥсыбаҩ Гудоҭаҟа иааргахьан .Иагьеи иани имаҭәақәа рыла дырдырит.Унапы згәы иаақәшьны анышә иауҭаз ибаргузеи? Дызбада ,иитахзи , ацыхәтәан ажәас ииҳәазеи?Иаразнак дыршьызар ибаргәзеи, аха ? Аҵыхәтәан илыбаауаз Иналик Ажьиба ” Уаала ҳара уҳацны ҳәа анеиҳәа ус еиҳәеит сшәыхьӡоит, акурс аҿы аҵара сыцызҵоз сбызцәа ааиуеит, ҳаицны ҳалбаауеит ҳәа еиҳәеит.Даныршьуаз ицыз здыруазтгьы , избазтгьы иара иԥчы ҭазшәа сгәы иабалон, Аха усгьы аӡәгьы ҳамбеит. Срыкәахшоуп дызхамышҭкәа анышәынҭра дахьамоу инеиуа иҩызцәа аус ицызуаз. Ажьиба Алхас ихцәажәоз зегьы ирҳәоит уи илаз  ауаҩра атәы. Ԥсабарала дҭынчын , ибжьы ҭганы дцәажәаӡомызт, аха урҭ зегьы ирхыҳәҳәон ихаҵара . Зны -зынла сыбжьы аарӷәӷәаны акы анаасҳәалак, аҭак сиҭаӡомызт . Аха игәы ишалсыз злаздыруаз илақәа рыла акәын-лҳәеит иан. Иашьа Џьамбулгьы аибашьра цанаҵы уахык аҩны ихы ахчы илаимҵеит. Конџьариа Артур напхгара зиҭоз атыл ацхырааҩцәа ргәыԥ далан. Иахьа дҭаацәароуп ,ԥшьҩык ахшара драбуп. Ашҭа цқьа ду иқәҩҩуеит Алхас Ажьиба ицәа  зхьырбаауа Асҭан ибжьы .Уи еснагь иқьышә иқәкыз “иҟасҵалакь Аҟәа сынхоит” ҳәа , уажәы- уажәы иан иааиҭалҳәалоит. Алхас иԥсы зегьы ахьықәыз Аҟәа иԥсҭаазаарагьы ақәиҵеит. Ианашьоуп”Агәымшәаразы” амедал.Аҟәа агара хәҷык агын .Сахьынаиаз аԥхыӡ збеит. Таксик дақәтәахуп Алхас ” Шәабаҟоу , Шәыәоума?Иҟоу шәымбаӡои?ҳәа. Мышқәак рышьҭахь Аҟәа ҭадырцәит . Уи иԥсы иабахьан.

Ажьиба Алхас иазкны

Уара уҟан Аԥсны анҭыҵ

Иреиҳау аҵара уҭан .

Аӷацәа аҳәаа ианахыҵ,

Акгьы аанмыжькәа зегь рбылуан.

Ари улымҳа ианааҭас,

Ҽнакгьы узаанымгылт убра

Амҩа уқәлеит, уа ушиашаз

Уазааит у-Ԥсадгьыл , Аԥсынра

О, Аԥсны ԥшӡа , Аԥсны рыцҳа

Уажә аҿҿаҳәа амца акәын

Иҟауҵозеи , уара уаҳа?

Угылт , аӷа имҩа укын

Уани уаби аԥсшәа узрамҳәеит

Узаауаз џьушьан ухынҳәны

Уаб иашҭа уаҳа узҭамлеит

Угәырӷьа чча-ччо уеибганы

Аха дара уара урзааргеит

Аӷацәа рхымцала ушьны

Аиааира аӷацәа ирзымгеит

Имцаргьы амуит игьежьны

Аԥсны еиқәхеит аҿар рыла

Урҭ урылоуп уаргьы аӡәыс

Ишәҭааит, иҿиааит, Аԥсынтәыла

Дамоуаит тәым уаҩык аҳыс

Алхас иҭахаз урылам

Уаанхоит еснагь уԥсы ҭаны

Уԥсадгьылгьы уацәшәартә иҟам

Наӡаӡа иҟоуп ихьчаны.

Ахыҵхырҭа

Ашәҟәы апроект Роман Ажиба

Атекстқәа равтор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа

Аԥхьажәа Ваниа Ҭарба

Атекстқәа ирыцу ажәеинраалақәа Леуа Леиба

Азеиԥш редакциа Енвер Ажиба

Ашьҭахьажәа Павел Пкьын

Exit mobile version