Site icon Abhaz Online

Сима  Селаами-иҧҳа  Агырҧҳа -Сима Агрба

Сима  Селаами-иҧҳа  Агрҧҳа

Апрофессор

Сима Селаами -иа Агрҧҳа диит цәыббра 14, 1974 ш. Сақариа . Лаби лан Шьивеқьар Аҩӡҧҳаи ирааӡеит хҩык ахшара, ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи. Артвин ақалақь  абжьаратә школ далганы , Сима дҭалоит Киутахьиа ауниверситет,  аменеџьмент -економикатә факультет. Анаҩс лзаанаҭ еизлырҳауеит . Сақариа ауниверситет аҿы. Адокторантура далгоит  Лондон , илыхьчоит аменеџьмент ахырханҭала адоктортә диссертациа. Аҵара ашьҭахь ,аусура далагоит Балықьесир ақалақь ауниверситет аҟны . Иахьа  Сақариатәи ауниверсирет аҿы дыпрофессоруп. Сима Агрҧҳа аҭоурых далацәажәо , илҳәеит амҳаџьырра аан; 1874 ш. Аҧсны ,. Кәланырхәа ақыҭантәи лабду иаб Ҭебеқьи , иҧшәма ҧҳәыс  Гәмасина  Цыгәҧҳаи , ҧшьҩык рыхшареи Ҭырқәтәылаҟа имаар амуа ишыҟалаз.”Иҳамоу адыррала ,  Ҭебеқь иҭаацәеи иареи атәым дгьыл ахь ианахырца , 28 -ҩык еицны иаазап. Иара усҟан 32 ш.ихыҵуан . Ахҵәацәа  Сақариа азааигәара ;  Бычкыдере ақыҭаҿы анхара иалагеит. Араҟа иит  Ҭебеқь даҽа ҩыџьа иҧацәа -еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ. Сима  Агрҧҳа лашьцәеи лареи ишыхәыҷқәаз  Аҧсны аӡбахә рдыруан. Раб  Қьефқьен ианигалоз , шәыҧшишь, абрахь ауп ҳаҧсадгьыл  Аҧсны ахьыҟоу ҳәаны , амшын егьи аган ахь инапы ирхон.

Амҳаџьырра ргәалашәара амш аназгәарҭоз, ҳаб  Қьефқьен дымцакәа , ҳаргьы ҳамгакәа иҟамлацызт. Амшын нырцә ҳадгьыл ыҟоуп ҳха ҳанхьаирҧшуаз, лакәызшәа исыҧхьаӡон.;- ҳәа азгәалҭеит Сима.

Сима лаб акыр шықәса аполициаҿы аус иуит, аинрал ичин аҟынӡа днаӡеит.

2009 ш.рзы, Сима лҭаацәа дрыцны , Аиааира амш азгәкҭараан ,  Аҧсны дыҟан.

” Аҳәаа ҳаназааигәаха , Аҧсны  Аҳәынҭқарра ҳәа аҩыра анаҳба ҳгәеисыбжь еиҳа еиҳахеит, ҳалабжышқәа хыҳәҳәалеит,- илгәалашәоит лара.Аҧсны рыҟазаара иалагӡаны , рдацқәа ахьынтәаауа   Ҟәланырхәа ақыҭа рбеит. Еибадырит рашьцәеи дареи, ирнырит агәыблыра ду.

2017 ш. Сима  Агрҧҳа далахәын Аҧсуа -абаза жәлар адунеизегьтәи рконгресс. Ҳџьынџьуаҩ дравторуп ,англыз бызшәала иҩу ” Абырг асоциалтә сфераҟны инаҧхгараҭара” ” Аҧсуа еилазаараҟны аҧҳәыс лҭыҧ ” захьӡу академиатә статиақәа. Сима  Агрҧҳа дҭаацәароуп ҧшьҩык аҧҳацәа лымоуп.  Ашьхарыуа ҧҳәызбацәа ирыхьӡуп : . Лашьын,Чынла ,  Гәында ,  Риҵа.

Селами  Агрба ихшара ирылаирҵәаз аҧсуара шьаҭас иҟаны ауп иахьа имоҭацәа ишрызҳауа.

Ахыҵхырҭа : Саида  Ажьиҧҳа

Exit mobile version