Site icon Abhaz Online

Серҭаҧ Ажьиба- Сертап Ажиба

Серҭаҧ  Џьемаль-иҧа Ажьиба

Аруаю ҧхьатәа

Серҭаҧ  Џьемал- иҧа   Ажьиба диит жьҭаара 6 ,1956 ш.  Самсун ақалақь . Аҭаацәараҿы ирызҳаит ҩыџьа аишьцәа . Абжьаратә школ ашьҭахь , Серҭаҧ  Сҭампыл арратә коллеџь дҭалоит, анаҩс далгоит  Анкаратәи арратә  Академиа , алеитенант ичын иманы. Аҵара ашьҭахь ,Ардаҳан ақалақь архәҭаҟны аусура далагоит. Аршьаҟатә гәыҧ аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дҟалоит. Серҭаҧ арратә маҵура дуқәа ныҟәигеит Ҭырқәтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы. Тәанчара данцоз , ирратә уалҧшьа хиркәшеит  Анкара архәҭаҿы , аршьаҟатә гәыҧ деиҳабны , аполковник ичын иманы Серҭаҧ  Ажьиба , амҳаџьырра аамҭа еиқәаҵәақәа дырзааҭгыло, еиҭеиҳәеит 1853 ш. ииз иабду Шьаҳангьери иҧшәмаҧҳәыси иареи, гәыҧҩык ижәлантәқәеи  Ҟарачы- Черқьесск,  Дамхәырцынтәи ихдырҵәаз шракәу. Ҳабдуцәа аамҭала Аҧснынтәи  Нхыҵ- . Кавказҟа иахнагаз роуп. Устәи 1870 ш., ҩаҧхьа  Ҭырқәтәылаҟа иқәымҵыр амуит -иҳәоит ҳџьынџьуаҩ. Серҭаҧ Ажьиба  2013ш,. Аҧсны  Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу  Аиааира амш аламҭалазы, раҧхьаӡа акәны агәыҧ дрыцны иҧсадгьыл ахь дааит. Очамчыра араион ада, егьирахь зехьынџьара аныҟәарақәа мҩаҧигеит. Еибадырит иашьцәеи ижәлантәқәеи иареи.  Ажьиаа сеимаркуан, доусы иҭахын иҩнахьы сигарц. Дареи сареи агәыблыра ду ҳабжьалеит, бзиа ҳаибабеит.. Ҳанеиҧырҵуаз еибаҳҳәеит аимадара шҳабжьазаауа -еиҭеиҳәоит иара. Серҭаҧ Аҧснытәи абзазара аинтерес ду аҵоуп ҳәа иҧхьаӡоит. Иџьеишьеит аҳәса ахацәа рацкьыс аус ахьыруаз. Ауаа реизыҟазаашьа ҟәанданы ибеит. Аҧсабара акузар, раҧхьа ишииз иаанхеит иҳәеит.  Серҭаҧ иҭаацәагьы  Аҧсныҟа аара ргәы иҭоуп. Иҧа Џьемали, иҧҳа Сечили рабдуцәа рхәышҭаара ахьеиқәыз адгьыл ршьапы ықәдыргыларц рҭахуп. Ҧхьаҟатәи рыҧсҭаӡаара адырҳәаларц агәазыҳәара рымоуп.

Ахыҵхырҭа:С.  Ажьиҧҳа

Амра ашәаҳәақәа

Exit mobile version