Серқан Ергьин-иҧа Аиқәысба
Ҭырқәтәыла атеатри акинои рактиор
Серқан Ергьин-иҧа Аиқәысба диит 14 цәыббра,1991 ш. Сҭампыл ақалақь аҿы . Абжьаратә школ даналга ,Сҭампыл атеатралтә консерваториа. Хышықәса раахыс арҧыс атеатри акинои рҟны арольқәа наигӡоит. Дыхәмаруеит: “Аҧсҭазаара ашәа” .” Узқәиҭым аҵәа “захьӡу асериалқәеи “Азаҵәра ашәа” захьӡу акинои рҟны. Атеатр аҿы инаигӡахьеит 50 роль. Серқан изы ихадароу аҭыҧ аннакылоит иҭаацәаратә ҭоурых.Иара еиҭеиҳәеит амҳаџьырра аамҭазы , Аҧснынтәи иабду иабду иаб Хәаҭи , ҩыџьа иашьцәа Лами, Џьычи Ҭырқәтәылаҟа ишықәнацаз. Анаҩс Џьыч Баҭымҟа дцазаап, уи алагьы ишьҭа ыӡзаап. Акыр шықәса рышьҭахь ауп имоҭацәа рыҧшаара аналыршаха. Серқан иабдуи иаби, ианшьцәа Агәмааи Аҧсны иаҭаахьеит . Сан лаб Ҭелаҭ раҧхьа Аҧсныҟа дцаны данаа сара схәыҷын ,аха исгәалашәоит шаҟа аҧсабара даршанхаз. Имҳәац џьшьа Риҵа аӡбахә лассы-лассы далацәажәон-ҳәа азгуеиҭоит амоҭа . Аҧсны анхара иалагеит Серқан иан лаҳәшьа Сезари лыҧшәма Олџьаи Ашәбеи. Арҧыс уажәы аҭыхрақәа имоуп, деилахоуп, аха зегь акоуп иџьынџьдгьыл ахь аамҭа ҧшааны ацара игәы иҭоуп. Серқан Аҧсны иадҳәалоу асахьаркыратә адокументалтәи фильмқәа имаҷымкәа дрыхәаҧшхьеит , даҧхьахьеит алитература . Убри аҟнытә инарҵауланы иҭиҵааит аҧсуа жәлар егьырҭ амилаҭқәа ирылазмырҩашьо рҵасқәеи , рқьабзқәеи, ркультура ҳараки ,ибеиоу рҭоурыхи ртәы . Шәҟәык аҟны саҧхьахьеит ,аҧсуаа рыҷкәынцәа ,8-9ш.анырхыҵуаз аҽы ақәтәашьеи ,абџьар ахархәашьеи ддырҵон ҳәа . Убри шьаҭас иҟаҵаны фильмкгьы аҭыхра сгәы иҭоуп-иҳәеит иара. Серқан Аиқәысба дыҧхьаӡоуп аҧеиҧш змок актиорны . Иҟазара анаҩсгьы , иҧшреи исахьеи ихырххьеит зықьҩыла атеатри акинои рыбзиабаҩцәа. Арҧыс имоу аҭагылазаашьа ихы иархәаны ,зехьынџьара идирдыруеит милаҭла дшаҧсыуоу.
Ахыҵхырҭа:. С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа
