Кьыршьал Чачхалиа
АԤСУАРА
Аԥсуара,
уаԥсыуазар,
Ишақәнаго инагӡа.
Аԥсуара атәы удыруазар –
Ицәгьам, ихаҵа.
Аԥсуара – хаҵгылароуп –
Инымҵәо ламыс.
Аиҳаб иҿы угылароуп
Улаԥш анихьыс.
Аԥсуара – гәабзиароуп,
Уаҩроуп, лахьынҵоуп.
Аԥсуара – шәыуаҩроуп,
Аԥсуара ԥшӡоуп.
Хамеигӡароуп,
џьабаа бароуп, –
Аныҟәгара мариам.
Аԥсуара иунарҟаҵом
Акгьы иаԥсам.
Иулазар – иузкажьуам.
Иурҭаргьы – иузгом.
Излам дагьашьҭам,
Излоу – изхом.
1969
