Иунал Абдулваҳаб-иҧа
Тәанчара иҟоу аруаҩ
Иунал Абдулваҳаб-иҧа Чачба диит ажьырныҳәа 15.1962ш. Билеџьик ақалақь. Иаби иан Беҭиуль Чоџьааҧҳаи ирааӡеит ҩыџьа аҧҳацәеи аҧеи. Иунал абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит Анкаратәи иреиҳаӡоу арратә школ,араҟа ҧшьышықәса аҵара ҵаны, Сҭампылтәи арратә Академиа дҭалоит. Анаҩс Ҭырқәтәылеи Болгариеи рҳәааҟны атанктә архәҭа командаҟаҵаҩс дрыман. Курдисҭан ицоз аибашьраҿы , аҭырқәа аршьаҟатә бригада имҩаҧнагоз аоперациақәа напхгара риҭон. Анеара . Ҭырқәтәылатәи . Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дыҟан бжьышықәса . Кипр ,Ҭырқәтәыла аган амеханизациа зызу аполк командаҟаҵаҩс даман. Уи ашҭахь ,30 ш дыззаҧсаз арра ус ныжьны тәанчара дцеит. Иахьа инапы алакуп арратә аналитика, акьыҧхь ианылоит истатиақәа , ааҧхьара ирҭоит ателехәаҧшрахьы. Амҳаџьырра аамҭақәа раан, фышықәса зхыҵуаз Иунал иабду Мусҭафеи уи иаб Шьаақьири Румыниаҟа иахган. Устәи Ҭырқәтәылаҟа иааит. Арҭ ахҭысқәа раахыс ашәышықәса инеиҳаны ишҵхьоугьы , Иунал далаҽхәаны иҳәоит иаби иани , иҧшәмаҧҳәыси ,уи лҭаацәеи рышьҭраҿы аҧсуа шьа шеилагам ,ахатәы бызшәа шеиқәврхоу. Аҧсуа цқьақәа дышрыцкаругьы убоит зцәа цқьоу , зоура , зыҭбаара еинаалоу, зхаҿсахьа гәку Иунал. Иунал иџьынџьдгьыл ахь дмаазацт, аха ибзиаӡаны иаҳахьеит уи аӡбахә. Уажәшьҭа аусураҟынтә ихы данақәиҭха , игәы иҭаикит Аҧсныҟа ацара. Сара ибзиаӡаны издыруеит изакәу аибашьра ,насгьы иацу арыцҳарақәеи агәаҟрақәеи ртәы. Убри аҟнытә , есқьынагьы сгәы иҭоуп ашәышықәса аҧхьа сыуаажәлар зҭадыргылаз аџьамыӷәа цәгьа . Уи анаҩсынгьы ,сазхәыцуеит 20-тәи ашәышықәса ирхыргаз аибашьрақәа ртәы-иҳәоит аруаҩ. Иунал хара имгакәа Аҧсныҟа аара дазхәыцуеит. Иара иҭахуп иҧшәмаҧҳәыс Филиз Арӡынҧҳаи , иҧҳацәа Аилиндеи Алиаареи рабдуцәа рџьынџьдгьыл рбарц , агәыблыра рызцәырҵырц.
Ахыҵхырҭа: Амра ашәахәақәа
С. Ажьиҧҳа