Ешьреф Шьаабан-иҧа Гындиа
Зҭоурых змырӡыз абырг.
Ешьреф Шьаабан-иҧа Гындиа диит мшаҧы 1, 1928ш. Ҳендеқь ақалақь азааигәара аҧсуаа Џьгьарда ҳәа изышьҭоу ақыҭан. Иан Феҭҳие Гьерхьелиаҧҳаи иаби ирааӡеит ҧшьҩык ахшара, хҩык аҧацәеи аҧҳаи.1952 ш. Шьаабан ихшара нхара Адаҧазар ақалақь ахь ииасит. Араҟа рнапы аларкит амҿы иалхны аҩнымаҭәақәа аҟаҵара,иагьаадыртит рхатәы “Кавказ аҩнымаҭәа “захьӡыз ацех , уи аус ауеит иахьагьы. Ешьреф дреиуоуп Асовет Еидгыла аамҭазы раҧхьаӡа акуны зџьынџьдгьыл ахь Ҭырқәтәылантәи инеиз аҧсуаа. 1977 ш, гәыҧҩык ,иҩызцәеи иареи жәамш Аҧсны иҟан. Сабду Гәдым Гындиа иоуп амҳаџьырра иахнагаз. Аҧсны сахьынӡаҟаз саҭааит ҳабдуцәа рқыҭа Ҧақәашь. Усҟан Алиоша Гындиа ачара ду ҳзиуит , ҩнызқьҩык рҟынӡа ажәлар еизеит, ҳџьашьаны азҵаарақәа ҳарҭон . Ҳара Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз зегьы ҭахаз џьаҳшьон , шаҟаҩы шәынхада , иарбан жәлақәоу уаҟа иҟоу, уҳәа изызҵаауаз рацәахеит-игәалашәоит абырг. Ешьреф Шьаабан-иҧа иуаажәлар ирзеиҭеиҳәеит, ӷбала ианыӡхыргоз аҧсуаа зыниоз, иабду иҟынтә иаҳахьаз ахҭысқәа. Шәҩыла аҭаҳмадацәеи ахәыҷқәеи, амлеи ахьҭеи, ачымазареи ирхырҟьаны атәым жәҩан аҵаҟа рыҧсҭазаара иалҵит . Урҭ анышә иахьамардоз адгьыл рҭаацәа ианырмоулак, рыҧсыбаҩ атыша иарҭар акухон ,афҩы цәгьа ҵысуан азын. Анацәа аӡәырҩы рысабицәа млашьуа ианалага , ирцәымҧсырц азы хәмариала ирҭиит -игәыҭшьаагаз ахҭыс дазааҭгылеит Ешьреф Шьаабан -иҧа . Ажәлар шгәынқьуазгьы зҿы сасра иҟаз Алиоша Гындиа ҳџьынџьуаҩ иажәабжь иациҵарц диҳәеит. Уи ашьҭахь деиҭазыхынҳәит аҭоурых. Аҧснынтәи ахҵәацәа згоз ӷбак ача ақәзаарын. Самсун ианҿықәгыла ,амлаиакуаз ахәыҷқәа ирҿарҵарц , ахацәа рнаҧқәа рыла ача ахьышьҭаз ахәаша еидкыланы, рхылаҧақәа ирҭарыҧсеит. Абас арыцҳара дуқәа рхыргеит атәым дгьыл аҟны зыҧсадгьыл иахцаз аҧсуаа . Убри инаваргыланы абџьар зкратәы иҟаз аибашьра идәықәҵан -иҳәеит абырг. Ешьреф иџьынџьдгьыл аҟны дахьыҧшра изымдыруа, аҧшӡара даршанхазаап. Иара уи аҧхьаҟа быжьтәылак еимидахьан. Иибахьоу рҟынтә зегь раасҭа Вена ҧшӡоуп ҳәа ақьаад ианҵаны имазаарын , Аҧсны данаа , уи аҩыра аҵәаӷәа ахьшьны Гагра ауп ҳәа иаирбазаап. Ешьреф Гындиа хҩык ахшара драбуп, ҧшьҩык амоҭацәа драбдууп. Абырг уахи-ҽни еиҵагылаз абиҧара ирабжьеигот рыҧсадгьыл ахь ихынҳәырц , реиҳабацәа рыгхақәа дара иҟарымҵарц.
Ахыҵхырҭа : С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа
