Site icon Abhaz Online

Есра Балҧҳа- Есра Бал

Есра Балҧҳа

Афинансист

Есра  Ерол-иҧҳа  Балҧҳа диит жьҭаара 19, 1984 ш. Иозгаҭ ақалақь аҟны . Аҭаацәараҿы ирызҳаит аҧеи аҧҳаи. Абжьартә школ ашьҭахь, Есра  дҭалоит . Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак , англыз бызшәала аекономикатә факультет далгоит.  Анаҩс аекономикатә-политиказы лдыррақәа еизлырҳауеит. Аҵара ашьҭахь , аинформациктә маҵура .”  Reuters “аҟны, амаркетинг  аҟәшаҿы аусура далагоит.  Аамҭакы ашьҭахь диасуеит жәларбжьаратәи аекономикатә журнал  ” Bloomberg Business Week”  ахь. Акраамҭа аус луеит журналистс, нас еиҭагаҩс.Иахьа аҧҳәызба Сҭамҧыл ақалақь ,анемец фирма “Siemens” амедицинатә аппаратура адкылареи аҭииреи аҟәшаҿы афинансист хадас дыҟоуп. Есра  Балҧҳа аҭоурых дазааҭгыло , илҳәеит  амҳаџьырран  Ҟарачы-  Черқьесск ,   Ҟәбина ақыҭантәи  Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз лабду иабду  Қрым  шиакәу. Аишьцәа -аижәлантәқәа Балааи ,рыуацәеи , уҳәа гәыҧҩыуаак   Иозгаҭ ақалақь азааигәара рҽеидыркылеит , нас х-қыҭакны рыҽдырҭбааит . Сара саб Аҧсни Ҟарачы- Черқьесски дцахьеит , имоуп аҧсуа атәылауаҩшәҟәы. Ицқьаны иҳәоит аҧсуа бызшәеи абаза бызшәеи. Сашьеи сареи ҳныҟәо ,ҳцәажәо ак еилаҳкаауа ҳаналага инаркны , ҳҭаацәа ,ҳмилаҭ иашьашәало ахымҩаҧгашьеи алеишәеи  ҳдырҵеит , амала абызшәа аҳәараҿы маҷк ҳхьысҳауп , аха аҭагылаазашьа ҳарҽеиуеит. Ҳара иаҳҭахуп ҳџьынџьдгьыл ахь ҳаннеиуа , ҳашьцәа ҳхытәы бызшәала рацәажәара -лҳәоит аҧҳәызба . Есра лыҧшәма дшаҧсыуамгьы , иабхәараа ркультура ҳаракны ишьоит. Рҧа хәыҷы  Али- Ердемгьи аамҭала иан леиҧш , Кавказ амилаҭтә кәашарақәа рахь дныҟәоит. Аҭаацәара қәыҧш ирҭахуп еицны Аҧсны аҭаара. Есра лыҧсадгьыли лыуаажәлари лгәаҵаҿы иҷыдоу аҭыҧ ааныркылоит, лара илымоу абзиабара зхәаҽуа мчык  ҟалом.

Ахыҵхырҭа:. С . Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа

Exit mobile version