Site icon Abhaz Online

Дысхашҭыр ҳәа сшәоит-Дудлан Ажьиба

Ипатреҭқәа ӡныз альбомқәа рацәан.Уи иԥсы ҭаны диацәажәозшәа , абӷьыцқәа акакала еихыршәшәо лыҷкәын иҭоурыхқәа ҳзеиҭалҳәон. Ҩнуҵҟала ахьаа илымаз лхы лҷы ианубаалон. Уажәы -уажәы зсахьақәа цәырҵуаз аҷкәын даныҵрашәа духәаԥшуан. Ԥшьҩык ахшара ҳааӡеит , аха   ари апатреҭ шҭихәаз еиԥш аӡәгьы изҭихӡомызт. Даныхәаҷыз инаркны саргьы иара еиҳа  дҭысхыр сҭахын . Иахьа ашә ахьаауртлакь ипатреҭқәа ҭагылоуп , иқәуп , альбом иагәылоуп. Ус сеиҳәалон сан сальбомқәа аӡәгьы ибымҭан , џьаргьы ибымган , былаԥш иахьыҵашәо  иҟазааит ҳәа . Ииашаҵәҟьан аҩны  аҩныҵҟа санаҩнахалак иахьабалакынтә ,,”дсыхәаԥшуеит ” Дысхашҭыр ҳәа дшәозшәа. -лҳәеит Лиалиа Ҷанба -Ажьиба.

Аԥсны ахы аҵыхәа дырдыруан Ажьиба Пас. Уи амҳаџьырра иӡхырҵаз  уаҩын . Уаҟатәи аԥсҭазаара дызлаԥшыз ала изымԥсахит иԥсадгьыл. Аҭырқәа матроск диацәажәаны, араӡны иҭаны , Аԥсныҟа иабиԥара еицыз зегьы иргьежьуеит. Абраҟа иахьааиз адгьылқәа зегьы Манаа иркын. Алсабед захьӡыз Маан-ԥҳа длацәажәан адгьыл ааихәеит.Уаҟа амшын азааигәара инхо иалагеит зегьы . Пас дуаҩы ӷәӷәан , уи аҟынтә дахьыгьежьыз аӡәгьы алацәажәо иҟаимҵеит. Абас Ажьиаа рхәышҭаара амца ҿыц инеиқәырҵеит усҟан. Ажьиба Пас имоҭа иоуп Акаки. Уи иԥацәа аҩыџьегьы Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын . Ажьиба Дудлан Акаки-иԥа диит 1970ш. ԥхынҷкәын 3 рзы , Тҟәарчал ақалақь аҟны. Дудлан иаб Акаки еиуырдыруа шахтиорын. Иан Лиалиа Ҷанба -Ажьиба заанаҭла дхәаахәҭҩын. Ари аҩнаҿы ирызҳаит Дудлан, Роланд, Анета, Дауҭ. Зҳәоу еиқәшәаны еицынхоз ҭаацәаран. Ажьиба Дудлан далгеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ,  уи ашьҭахь дҭалоит  Риазантәи ақыҭанхамҩатә институт аламбартә ҟәша. Уаантә уи аррамаҵура ахысра дыргоит  Казахсҭанҟа , ақалақь Капаганс аҟны. Аибашьра ианалага Дудлан ахԥатәи акурс аҿы дтәан , аусгьы иуан Тула ақалақь аҟны ҩныргылаҩыс. Дудлан -лҳәеит иан Лиалиа -даныхәыҷыз инаркны агәамбзиара иман.  Аҳауа Аԥсны инаалаӡомызт, дхәаҽны дакуан. Уи ашьырхынҵ (астма)ҳәа иашьҭоуп. Уи бри аҟынтә Тула ҳауацәақәак рҟны дыҟан. Уаатәи аҳауа инаалон. Аԥсны данааилакь ирацәаны дзаанхаӡомызт. Дудлан дуаҩы маншәалан, дӡырҩуан, аҵарагьы ицааиуан. Узықәгәыӷшаз ҷкәынан. Аибашьра шалагаз шиаҳаз еиԥш ддәықәлеит Аԥсныҟа.Чечентәыла аҽеизгара иаҿыз ҳашьцәа-ҳацхырааҩцәа ргәыԥ далаланы , дышьхыҵны даауеит иҩныҟа -иҩуеит аибашьҩы апоет Енвер Ажьиба. Иеибашьратә мҩа хациркит Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭақәа рыла . Далалоит В.Начач еиҿикааз агәыԥ. Аамҭак алагьы иҽалаирхәуеит Гагра ахақәиҭтәразы иҟаҵаз ажәылара. Ажьиба Дудлан Аԥсны иҩызцәа , игәылацәа рҽахьеизыргоз аштабаҿ днеит. Џьамал Хагба игәалаиршәоит” Ҳаизеит,, Аха абџьар змаз маҷын . Аҟәаҟа ацара аҭахуп изылшода ,  иззыгәаӷьуада ҳәа ианҵаа зегьы раԥхьа знапы шьҭызхыз дыруаӡәкын Дудлан . Уи Аԥсны дыҟаӡамызт , дмааргьы аӡәгьы гәыбӷан ииҭаӡомызт. Дагьычмазаҩын, Аха Дудлан ус ихәыцуаз дреиуамызт.

Дудлангьы Ролангьы еибашьуан.Цәыббра 9 1992ш. Роланд ахәра ӷәӷәа иоуит. Уи Аԥсны анҭыҵ дгатәхеит. Уахь диццеит иан. Дудлан даныхәаҷыз аахыс имаз ичымазара есааира аҽинардыруан, Аха  иара иҽеиҭомызт. Аҩныҟа ҿыԥсахра ҳәа данаауаз еснагь иааигон Гена Карданови , уи иҩызцәеи. Урҭ рааира ҳара ҳзы акраҵанакуан -лҳәеит Дудлан иаб иашьа иԥҳәыс Сарсаниа Дарикәа Рхәы -рыԥхь излаҳалшоз ала акрырҿаҳҵон. Дудлан дырхагьежьуан, рашәаҳәареи рыкәашареи дара ирыцын. Ҳгәы шьҭырхуан , аиааира агәра ҳдыргон . Дудлан иани иашьеи рыҟамзаара иныԥшуан, аха ицәыригомызт.. Урҭ аҵхқәа абраҟа ианҳалаԥхьоз схашҭӡом.

1993 ш. -иҩуеит Енвер Ажьиба -алагамҭазын Дудлан дызлаз аибашьцәа даарылукаартә ихы аарԥшуа дрылан.Дгәымшәан инапы ианҵахалоз адҵақәа ихмырԥаӡакәа инаигӡон. Аха уи иман даҽа хьаа дукгьы . Иара ихаҭа иҵәахырц ииҭахыз иҩызцәа аргама ирбо иалагеит ичымазара аҿыхара ишаҿыз, аҟәкы фҩы зҭышәшәоз аҭабиатә ԥсҭазаара иара изы даара ишәарҭаз, Аха Тҟәарчал ақалақь , ашахтиор гәымшәа итаацәараҿы ииз, Мгәыӡырхәатәи арԥыс игәыӷрақәа ԥхьаҟа рынаскьагаразы иҩныҵҟатәи қәԥаракгьы мҩаԥигон. Аха Аха , ииааит ичымазара. Уаҳа ԥсыхәа аныҟамла ддәықәҵан Тула ақалақь ашҟа ҽыхәшәтәра. Дудлан иҩызцәа рыбжьара Дудлик ҳәа ишьҭан, ус Баџьа ҳәа иазҳәозгьы ыҟан. Аҩны уахьыҩнашылоҵәҟьа ипатреҭқәеи инапҩымҭақәеи улаԥш нарықәшәоит.Зыԥштәы цахьоу , ианугьы аилкаара уадаҩны салам шәыҟәқәакгьы рылоуп. Иубартә иҟоуп лассы-лассы ишаԥхьо. Сахәаԥшуашәа аналба Дудлан иан, ус лҳәеит ацәалашәара сымазшәа ииҩыз акгьы сырӡӡомызт, еидыскылон. Арҭ асалам шәҟәқәа аррантә иааишьҭыз роуп. Уаҟа иану ажәақәа шәынтә саԥхьозар ҟалап. Санаԥхьо ибжьы слымҳа иҭыҩуеит. Азнаказы џьара ихараны дцаны , дмаацызшәа саахәыцуеит. Илкыз асалам шәҟәы аԥхьара сналагеит:

Салам шәымоуп зегьы ! Сара сгәабзиара хар амам. Шәара шәышԥаҟоу? Аԥсны хҭыс ҿыцс иҟоузеи? Зегьы шәыгәхьаазгоит, еиҳагьы  иқәхьаазгоит Аԥсны . Исымбар ҳәа сшәошәа есымша сазхәыцуеит. Ҳ-Аԥсны еиӷьу акгьы ыҟаӡам. Абзиараз ! Сҩызцәа зегьы сысалам рышәҭ” Ианбанқәа еихышәшәо , иҩымҭа ԥшӡаӡа иҭаацәа рзы иаанхаз ацәаҳәақәа хара удырхәыцуеит . Дудлан иара убас асахьаҭыхра цәгьала иқәманшәалон бзиагьы ибон. Аамҭак шааиаулакь асахьаҭыхра дналагон  Иҭыхны даналгалакь игәаԥхоз маҷын . Дыччон, инапы наиҟьон ианигәамԥхалакь. Ажьиба Дудлан Акаки-иԥа Тула дахьнеиз иаҳагьы аҽарӷәӷәеит ичымазара . Дзаиааиуазар ҳәа акыргьы дықәԥеит аха иамуит . Иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 15. 1993 ш.

Аибашьра зыԥсвнҵры аркьаҿыз Дудлан анышә дамадоп иаб игәараҭаҿы. Дҭаацәарамызт.

Дудлан Акак–иԥа Ажиба изкны.

Апозициаҿ еснагь уҟан

Ажәылараан ԥхьаҟа уцон

Аԥсадгьыл абзиабара улан

Ула ачыц еиԥш уи ухьчон

Аха аԥсцәаҳа дуԥырхагахт

Учымазара анирҵасы

Уашәақәлацәа наҟ урылихт

Зынӡа иузихит уи уԥсы

Аха Дудлан , умԥсит баша

Уаргьы аибашьраҿ уҭахеит

Ҳ- Аԥсадгьыл хәыҷ , бзиа ианиаша

Уҩызцәа реиԥш уаргьы еиқәурхеит

Зыԥсадгьыл зыхьчоз уи рыхьӡ ԥсра ақәым

Риеҵә кыдуп иҳаракны

Дудлан уаргьы ҩыџьара акәын

Уҟами уҩызцәа рыгәҭаны

Ахыҵхырҭа

 

Ашәҟәы апроект Роман Ажиба

 

Атекстқәа равтор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа

 

Аԥхьажәа Ваниа Ҭарба

 

Атекстқәа ирыцу ажәеинраалақәа Леуа Леиба

 

Азеиԥш редакциа Енвер Ажиба

 

Ашьҭахьажәа Павел Пкьын

Exit mobile version