Site icon Abhaz Online

Бааи сылашара

Амҩа сықәуп амра цара

Ашәахәа са исҿаҧхоит.

Хәыцрак салоуп сымацара

Схы-сыхшыҩ еилагоит.

Бааи сылашара, бааи сыблеиқәара

Ба бами сгәаҵа иҭоу.

Оооо

Амҩа сызқәыу хара сагашам

Ба бахь ауп уи ахьцо.

Амра икыду зынӡа иҭашәашам

Ҳа ҳзами уи зкаҧхо.

Бааи сылашара, бааи сыблеиқәара

Ба бами сгәаҵа иҭоу.

Exit mobile version