Site icon Abhaz Online

Аиаҵәақәа рыхьӡ

Аиаҵәақәа рыхьӡ

  1. Еҵәаџьаа
  2. Хулԥы-иаҵәа
  3. Шарԥы-иаҵәа
  4. Џьамҳасараа (5 иаҵәак ыҟоуп)
  5. Сылҭашьаҟараа (астәы иаҿатәаны имоуп илеиԥшуп.
  6. Жәгараа (ҩыџьа ажә раԥцаны илшоит, хҩык ашьҭазацәа рышьҭоуп , лак рыцуп)
  7. Еишәахьчашьапраа
  8. Мышәцәарҟацараа
  9. Ашәуа ииаҵәа (Ҵхыбжьон игылоит) (Шарԥиаҵәа акуз џьышьаны ашәуа дҽыжәлеит , ахьҭа баапсуп, имшо иалагеит , ицхаху еихагылом. Зынӡак аԥсра даналага , иҽы шьны амгуп рҟьаны даӷралеит , убас иулакь иршеит. Иԥсы анеиқуха , ауаа ирылеиҳәеит уи аиаҵәеи шарԥыиаҵәеи рцәеиламҩашьаларц.

Басила  Жьажьа -иԥа  Шьынқәба иҳәамҭоуп , Очамчыра араион , Члоу ақыҭа. Ианҵоуп 1946 ш.

Ахыҵхырҭа: Б.Шьынқуба : Ахьырҵәацәа.

Exit mobile version