Site icon Abhaz Online

Ҳақан Ажәанд-Хакан Ажванд

Ҳақан  Неџьдеҭ- иҧа  Ажәанд

Ҭырқәтәыла Мармара иаҧну ақалақьқәа ааба рымаҵ зуа аилахәыра “Algida .” аиҳабы.

Ҳақан  Неџьдеҭ- иҧа  Ажәанд диит рашәара 1. 1967 ш. Ҳендеқь ақалақь . Иаби иан  Елианур Чкәакәҧҳаи ирхылҵит ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи. Абжьаратә школ ашьҭахь ,  Ҳақан Анкара аекономист изаанаҭ ала ауниверситет далгоит. Ҩышықәса  Ҳендеқь иҟаз  Таивантәи ахәҳахәҭратә фирмаҿы еиҳабыс аус уны , диасуеит аршәы ҟазҵо , адунеи аҟны еицырдыруа аилахәыра  “Аlgida” ахь. Ҭырқәтәыла , Мармара амшын иаҧну ақалақьқәа ааба “”Аlgida аалыҵ ала еиқәзыршәо афирма 24 ш.амаҵ азиуеит, аҵыхәтәантәи 12 ш.уи наҧхгара аиҭоит, инапынҵа нарыгӡоит 300-ҩык аусзуҩцәа . 2014 ш..  Ҳақан раҧхьаӡакәны . Аҧсны даҭааит . Уи алагьы иааиртит иҧсҭазаараҟны иҿыцу аҭоурыхтә даҟьа. Амҳаџьырра аан,  Ҭырқәтәылаҟа зан илыцны, ихәыҷны иахнагаз сабду иаб Тофа иоуп. Дара  Есқьишьеҳир ақалақь инхеит, ашьҭахь Ҳендеқь ицеит. Сабдуи саби рџьынџьдгьыл алақҭа изҭамҧшыцызгьы агәра ганы иҟан адунеи аҿы иреиӷьу атәыла шакәыз. Саргьы Аҧсны саннеи , уи шҵабыргыз еилыскааит еиҭеиҳәоит Ҳақан.. Ҳақан Аҧсны иҟазаара иалагӡаны сасра диҭан ,Ҭырқәтәылантәи  Аҟәаҟа нхара иааз , .Аҧсны  Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз , ааигәа адунеи зыҧсахыз  Шьандуан Ажәанд. Аиашьа ибзоурала  Ҳақан иман алшара ақалақьқәеи ақыҭақәеи жәпаки рҭаара, иуаажәлар рыбзазара анырра. Зҭоурых дгьыл аҟны згәыблыра нхаз Ҳақан ,   Ҭырқәтәылаҟа данаа иаб изеиҭеиҳәеит иибаз, иаҳаз Шьандуан ида ижәлантәқәа имбазаргьы , аҧсуаа зегь рҟынтә асалам ииҭеит. Абырг иҧа иажәақәа рыла ихаҿы иҧсадгьыл асахьа шьақәиргылеит, аҳәарагьы ҟаиҵеит Аҧсныҟа дигарц , аха илахьынҵамхеит.. Неџьдеҭ ианаамҭаз Аҧсныҟа ацара алшара имоуит , аха зегь акоуп иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзи ичирҭынчит, иара агәра игеит ишьҭанеиуа абиҧара рџьынџьдгьыл ахь ирыхо ишалагаз. Ҳақан игәы иҭоуп Аҧсныҟа иҭаацәара ргара . Иҧа Каан лассы-лассы изеиҭеиҳәалоит хаҭала иҭиҵааз иабдуцәа рыбаҩ ахьамадоу атәыла аҭоурых, иуаажәлар знысыз амҩа хьанҭақәа , илаиааӡоит агәыбылра . Ҳақан Ажәанд еиҧш гәыҧҩык рџьынџьдгьыл ахь ихьадырҧшыр , уи лҵшәак амаиур залшом.

Ахыҵхырҭа: С. Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа

Exit mobile version