Site icon Abhaz Online

Ҭимыр  Агрба- Тимур Агрба

Ҭимыр Феҳми-иҧа   Агрба

Ҭырқәтәыла иҟоу жәларбжьаратәи ажәабжьтә афинанстә информациатә маҵзура “REUTERS”административтә зҵаарақәа рзы аиҳабы.

Ҭимыр  Феҳми – иҧа  Агрба диит жәабран 7 1969ш.. Сҭампыл ақалақь . Аҭаацәараҟны ирызҳаит аҧеи аҧҳаи . Аб Феҳми ан  Медиҳа Капҧҳаи рхәыҷқәа ирырҭеит ааӡара бзиа. Ҭимыр абжьаратә школ даналга дҭалоит . Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак , аекономикатә факультет. Қәҿиарала иҵара хыркәшаны аусура далагоит адунеи аҟны еицырдыруа ,   Ҭырқәтәыла иҟоу жәларбжьаратәи ажәабжьтә, афинанстә информациатә маҵзура “REUTERS” административтә зҵаарақәа рзы аиҳабыс. Ари амаҵура дахагылоижьҭеи акраамҭа ҵуеит. 2014 ш. Ҭимыр иҩызцәа дрыцны . Аҧсныҟа дааит усҟан дара еибырҳәеит араҟа анхарҭа ҭыҧқәа аархәарц. Ҳҭоурыхтә ҧсадгьыл сшьапы анықәсыргыла , сыуаажәлар анызба , иаразнак иснырит , ари адгьыл ҳара ишаҳтәыз , аҩны сшыҟаз. Аҧсны сцо саауа сыбжьалар еиҳагьы агәыбылра скуеит абызшәагьы ирласны исҵоит- иҳәоит ҳџьынџьуаҩ. Иҧсадгьыл аҧшӡареи, ахаареи дышхырхыз еиҧш, иҟалеит . Ҭимыр игәы изырхьызгьы , уи иахьа уажәраанӡа инханы иҟоу аибашьра ашьҭақәа роуп.. Ҭимыр  Агрба иабду иаб  Ламшьықә иакәын амҳаџьырра иахнагаз. Ҭырқәтәыла данӡхыҵ ,  Адаҧазар ақалақь азааигуара анхарҭа ҭыҧ алыхит.  Скбдшыхәыҷыз сабду идунеииҧсахит аҟнытә, Аҧсны аӡбахә зынӡа имаҷны идыруан. Сара саныхынҳә изҵаарақәа ҵыхәаҧҵәара рмоуит. Сажәабжьқәа рышьҭахь хаҭала ибарц иҭаххеит аха ачымазара иахҟьаны дзымцеит- еиҭеиҳәоит аҧа.

 

Ҭимыр  Агрба. Аҧсны иҟазаара иалагӡаны драбадырит ижәлантәқәа. Уи иара изы игәахәара духеит. Ҳаҧхьаҟа Ҭимыр игәы иҭоуп иҭаацәа иманы иҧсадгьыл даҭаарц , иҧҳа Дуру илбарц лабдуцәа рџьынџьдгьыл.

Ахыҵхырҭа : С. Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа

 

Exit mobile version