Ҭальҳа Бирол-иҧа Аџьынџьал
Анџьныр-геолог
Ҭальҳа Бирол-иҧа Аџьынџьал диит мшаҧы 4, 1982 ш.. Ҳендеқь ақалақь аҿы. Аҭаацәараҿц ирызҳаит хҩык ахгара, ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи. Адаҧазартәи абжьаратә школ ашьҭахь , Ҭальҳа дҭалоит . Измиҭ ақалақь ауниверситетқәа руак, иоуит анџьныр -геолог изаанаҭ. Аҵара ашьҭахь арра маҵура дахысуеит, анаҩс аусура далагоит. Иара рхаҭабзиара ҭиҵаауеит зыргылара иаҿу амҩақәа , ацҳақәа , атуннельқәа уҳәа. Ҭальҳа Аџьынџьал амҳаџьырра далацәажәо,еиҭеиҳәоеит иабду иабду Кадыри, уи иаб иашьа Маҳмеҭи, ҩыџьа иаҳәшьадуцәеи еиманы аҽыуардынла Џьгьардантәи Ҭырқәтәылаҟа иқәымҵыр шамуз. Кадыр иаб Абдуллаҳ Аҧсны даанхеит, уи иҧсҭазаашьахаз еилкаам 1991ш.Ҭальҳа иабду иашьеиҳаб (Кадыр имоҭа )Феҳми Аҧсны дыҟан. Усҟан сара схәыҷын ,аха исгәалашәоит заҟа игәы шьҭыҵны дааз. Зегь раасҭа дзеигәырӷьаз, аҩны дшыҟаҵәҟьаз агәра ахьигаз ауп. Дзабадырыз аҧсуаа аиҳарак аҵара дуқәа ирылганы азаанаҭ бзиақәа рыман иахьыҟаз игәы азнарҳаит. Дыхнахит аҧсабара аҧшӡара,ауаа реизыҟазаашьа-иҳәоит Ҭальҳа. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь 1994 .Ҭальҳа иабду Ҳильми иҧсадгьыл даҭааит. Аха абырг игәы ихьны дхынҳәит. Сабду Аҧсныҟа дандәықәла саргьы исҭахын сиццарц ,аха сышҵәыуоз сынижьит. Иара игәалаҟара бжьысны дхынҳәит, даара игәы инархьит аҳәынҭқарра амч ахькәадахаз гәырҩас иман ажәлар аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭа ахьырныруаз . Акзаҵәык дзеигәырӷьоз иашьцәа Џьынџьалаа ахьиҧшааз, аҩызцәа ахьирҳаз ауп-ҳәа азгәеиҭоит Ҭальҳа . Ҳильми Аџьынџьал Ҭырқәтәылаҟа данаа, ихшареи имоҭацәеи ирабжьеигеит рыхәшҭаара ахьыҟоу атәылахь ихынҳәырц, рыжәҩахыр еибыҭаны Аҧсны иацхраарц. Ҭальҳа Аџьынџьал иуацәа ,иҭынхацәа, иҩызцәа лассы-лассы . Аҧсны иаҭаауеит. Иара иҭахәуп Аиааира амш азын иџьынџьдгьыл ахь дцаны, ари аныҳәа ижәлар ирыцеиҩишарц. Ҭальҳа иҳәеит Аҧсны аҩны аахәаны , нхара даангыларц гәҭакыс ишимоу.
Ахыҵхырҭа:
С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа.
