Site icon Abhaz Online

Сефер Ашәба-Сефер Ашуба

Сефер Џьевдеҭ-иҧа Ашәба

Анаплакҩы

Сефер  Џьевдеҭ- иҧа  Ашәба диит хәажәкыра 1, 1957 ш.. Диузџье ақалақь иатәу Ефҭениа ақыҭан. Иаби иани  Сабаҳаҭ Аӡынҧҳаи ирааӡеит , ҧшьҩык аҧацәеи аҧҳаи. Сефер абжьаратә школ ашьҭахь иреиҳау аҵараиурҭа дҭамлакәа, иҽазикуеит ахныҟәгара, инапы алеикуеит афымцеидырҭәалара. Аррамаҵура дахысны данаалак, 24 ш. Измиҭ ақалақь ақьаад фабрикаҟны аус иуеит . Анаҩс , иашьцәа ааидкыланы, иааиртуеит рҭаацәаратә аихаусуадуларатә цех. Ашәаа рнаплакы аҟны акрыруеит аҧсуа ҷкәынцәа гәыҧҩык. Сефер аҭоурых дагәылало еиҭеиҳәеит имаҷымкәа иабшьҭра ирыдҳәало ахҭысқәа. Амҳаџьырра аамҭазы,  Сефер иабду иаб  Емин иҭаацәеи иареи Румыниаҟа иахган, усҟан иҧа  Зеқьериа хышықәса ихыҵуан. Шықәсык ашьҭахь уантәи иқәҵны . Ҭырқәтәыла  Есқьишьеҳир иааит. Устәи  Диузџье ақалақь иаҵанакуа  Ефҭениа нхарҭас иалырхит. Ефҭениа Емин иаб иашьа . Шәлиманбеи дынхон. Иара иуаажәлар рыҩныҵҟа убриаҟара ҳаҭыр иқәын, уи аҭыҧ аҧсуаа рыбжьара  Шәлиманбеи иқыҭа ҳәа  ахьӡырҵеит . Балкантәи адгьыл бжьаха аҟынтә (Румелиа )иашьа иҭаацәа иманы даннеи , иааигуара инирхеит. Аамҭаа анца ,  Зеқьериа иқәра аншәы , ақыҭа ахахьы  адгьыл ҿыцқәа хитит, уаҟа  Ашәаа реиланхара ақәхеит.-иҳәоит  Сефер . Зеқьериа 12 ҩык ахшара драбын. Иара иҧсҭазаара даналҵуаз имоҭа . Сефер хышықәса ракун ихыҵуаз. Сан исзеиҭалҳәалон сабду Аҧсныҟа ацара шиҭахыз, уахи -ҽни аиҩабацәа дрызҵаауан изеиҧшраз уи атәыла , арахь ҳаара шҧаҟалеи ҳәа -ажәабжь иациҵоит ҳџьынџьуаҩ. Сефер иашьа   Аафер  Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь шықәсык аихаусадуларазы иҧсадгьыл аҟны дыҟан.Владислав Арӡынбеи иареи анеибадыр  Аафер иан   Сабаҳаҭ  Аӡынҧҳа лахь аҭел дасын еирцәажәеит. Усҟан рыҩџьегьы аҭоурых шҭырҵаауаз , еилкаахеит шьала -дала ишеиуацәаз. Сефер иџьынџьдгьыл ахь дмаазацт , аха аратхи ижәлантәқәеи иареи аимадара рыбжьоуп , аӡәырҩы аҩны идикылахьеит. Сефер уажәшьҭа тәанчара дыҟоуп аҟнытә игәиҭоуп иаарласны  Аҧсныҟа аара. Иҧҳацәеи . Еџьеи Елифи ракәзаргьы ирабжьеигот рабдуцәа рыдгьыл иазхьаҧшларц.

Exit mobile version