Сезаи Ешьреф -иҧа Кәпалба
Сақариа араионтә газеҭ ” Ажәабжь ҿыцқәа” аредактор
Сезаи Ешьреф -иҧа Кәпалба диит ҧхынгәы 10,1966 ш. Адаҧазар ақалақь азааигәара аҧсуаа Хәаҧ ҳәа изышьҭоу Каиалар ақыҭан. Иаби иан Беиџье Аҩӡҧҳаи ирааӡеит фҩык ахшара, хҩык аҧацәеи хҩык аҧҳацәеи. Сезаи абжьаратә школ даналга дҭалоит Сҭампылтәи ауниверситет , аимадаратә факультет, ажурналистика аҟәша. Аҵара анхиркәшалакь ашьҭахь Адаҧазар дааны аусура далагоит афотокорреспондентс агазеҭ аредакциаҟны ,аамҭакызы ателехәаҧшреи арадиои амаҵ азиуан. Жәохә шықәса раҧхьа, Сақариа араионтә газеҭ ” Ажәабжь ҿыцқәа” аҟны аусура далагеит, аҵыхәтәантәи хәышықәса аредактор хадас дыҟоуп. 12ш.раахыс . Сақариа араион ажурналистцәа Реидгыла далоуижьҭеи , сынтәа уи аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дшьақәдыргылеит. Сезаи игазеҭ аҟны икьыҧхьуеит Аҧсны иазку ажәабжьқәагьы . Амҳаџьырра аамҭақәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Сезаи иабду иаб Мусҭафа иоуп. Излардыруа ала Гәдоуҭантәи ихырҵәаз дреиоуп. Мусҭафа иаб Кәыбзач ихьӡын , уи Аҧсныҟа дынхеит акзаҵәык ирдыруа 1839. ш.дышиз ауп, анаҩс илахьынҵахаз аҭоурых иалаӡит. Сезаи 2017 ш.далахәын Аҟәа имҩаҧысуаз Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс. Усҟан хәымш заҵәык роуп иџьынџьдгьыл аҟны дахьыцаз , убри аҟнытә игәы ишаҭахыз еиҧш зехьынџьара дзымцеит. Сезаи иҳәоит раҧхьаӡакәны иҧсадгьыл ишьапы анықәиргыла аҳауа анылбааида ари адгьыл иара ишитәыцәҟьоу шеиликааз. Изныкымкәа Ҭырқәтәылантәи Аҧсны иааны ицахьоу ирҳәалон уи џьанаҭ дгьылуп ҳәа ,ус шакәыз хаҭала агәра игеит иблала ианиба. Аныҟәаразы иҳамаз аамҭа ҧкын, аха уеизгьы ҳахьӡеит Риҵа, Афон Ҿыц рахь ацара . Сгәалашәарақәа рҿы инхаз хҭысхеит Афон ҳаҟанаҵы ацха ааҳхәарц ҳанаанҿас аҧсуа ҧҳәыс ,Ҭырқәтәылантәи иаақәаз шҳакә анеилылкаа , хәыда-ҧсада ишҳалҭаз. Уи патуқәҵараны, гәыблыраны исыҧхьаӡеит. Иахьагьы иҟәандоу ацәаныррақәа сызцәырҵуеит уи саназхәыцуа-иҳәеит ҳџьынџьуаҩ. Сезаи иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла аҧсышәала дцәажәартә еиҧш есымша алшара шимам, аха иҧсадгьыл аҟны уи амч аиуит, ижәар ҭбаахеит. Сезаи Кәпалба дҭаацәароуп ,ирызҳауеит иҧа Чнари иҧҳа . Ирмақи. Аб аҧсшьара аамҭа дазыҧшуп, иара игәы иҭоуп ихшарагьы Аҧсныҟа иааигарц , рабдуцәа рыдгьыл ахь агәыблыра диркырц.
Ахыҵхырҭа:Амра ашәахәақәа
С. Ажьиҧҳа
