Рыԥсадгьыл рыхьчар акәын.
Уажэы-уажэы лгәаҵанӡа дқәыԥсычҳауан. Нас акы згәы иалаӡам леиԥш лчырӷәӷәаны лԥацәа ирыдҳәалоу аҭоурых ахь дынхьаԥшны аиҭаҳәара дналагон. Лгәырҩа- ахьаа аҩныҵҟала илыцрыхуа акырӡа лгәабзиара ишанырызгььы , ахаара цәа илыҟәну лнумбааларц залшомызт. Аԥҳәыс нырҳа-ԥшӡа лцәа иҭалмыгӡо арбану?Аԥсҭазаара мчыла дахьынҳаланы , дықәԥаны, даиааины ахәшҭаара хәыжжаӡа еиқәызҵаз ан- ахцәышла лоуп…хыхьла шаҟа дыӷәӷәоу , убри аҟара ҩныҵҟала дхуп, лгәы зынӡа иԥшкаҳаз, уажәы -уажәы лылаӷырӡқәа лыла иаахгылоит. Мгәыӡырхәа ақыҭан наҟнатә аахыс инхон Гәонџьуаа . Ҭӡала ирацәаӡамызт. Инхацәан. Асасдкылареи ачеиџьыкеи рыгмызт. Еснагь рашҭа ҭәын. Рмаҷра зыхҟьаз зырҳәо ҳажәлар зегь рзы итрагедиахаз амҳаџьырра ауп . Урҭ иӡхырҵоз рхыԥхьаӡара аҿы иҟан Гәонџьуаагьы. Урҭ ирыццаз реиҳабы Ҭемыр ихьӡын. Уаҟа иахьнеиз , иахьынхоз , рхылцшьҭра зегьы рзеиликааит аҭоурыхҭҵааҩ Баџьгәыр Саӷариа. Ҳаиҭанааиааиуеит , ҳара ҳабиԥареи Ҭемыр ихылҵызи – лҳәеит Лиуда Гонџьуа ишьҭра ахьыҟаз зегьы еиликааит сыԥшәма ..Сынтәагьы уаантә Гәонџьуак даан ҳаибабеит… Аимадара ҳамоуп. Амҳаџьырра иацәынхаз зегьы ашыӡ иқәнахит.Гәонџьуаа рыҩны аҟынтә ааҩык ачымазара ҿкы иагеит. Иаанхаз аӡәзаҵәык Михаил акәын ихьӡыз. Убри 1942ш.иҟалаз ачымазара иахҟьаны иҩны-идәны зегьы ааныжьны дықәҵны Аҟәаҟа дааит. Уи нахыс Михаил анхара дахьалагаз аҳҭнықалақь аҟны иаанхеит уи ихшаз ирыхшаз. 1968 ш.Анатоли Гонџьуа дхынҳәуеит иабду идгьыл ахь. Зыԥсҭазаара иалҵыз иан абраҟа анышә дарҭоит. Гонџьуа Анатоли иԥшәма Лиудмилеи рыхшара : Руслан , Асида , Беслан рыман иаауан арахь Мгәыӡырхәаҟа аԥсшьара мшқәа раан. Беслан ақыҭа иԥсы алан,- лҳәеит иан Лиудмила -ашәыр ҵлақәа еиҭеиҳауан , урҭ ршьаԥқәа ижуан. Аҩныҟа дыҩнамлаӡакәан хәлаанӡа адәахьы илшоз ҟаиҵон. Анатоли Лиудмилеи рхәыҷқәа рзын ргәы ҭынчын .Рыхҩык аҵара бзианы ирҵон. Иалгеит Аҟәатәи 10 тәи абжьаратә шҟол. Абас рхы иақәгәырӷьо рыҩны ишыҩназ арыцҳара дуӡӡа иақәшәеит. Иаалырҟьаны ичмазаҩхаз Асида 16 ш.дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит . Дахьыҳамга акгьы ыҟаӡам , Москва ахәшәтәырҭаҿы иҳарҳәеит лхы ажьымдыр иаанахәаз хәшәтәышьа шамамыз… Лыԥсҭазаара абас икьаҿхеит. Аҷкәын еиҳабы Руслан ашкол даналга арра дыҟан Прибалтика, ақалақь Сарема уаҟа аракетатә хәҭаҿы иуалԥшьа ихигон . Иаҳәшьа лыԥсҭазаара даналҵ дааргеит.Уи ашьҭахь арратә уалԥшьа анихига дҭалоит афатә-ааглыхратә институт, ақалақь Ҭаҭарсҭан аҟны. Уаҟа Руслан аҭаацәара далалоит , дырхылҵуеит аԥа.Абас еицгәырӷьо ишеицынхоз аԥхын лабраа рышҟа Ҭаҭарсҭанҟа ицеит. Убраҟа Аԥсны аибашьра ишалагаз иаҳаит.Итаацәа ааныжьны амҩа дықәлеит .Шамиль Басаев ицны иааз аҷкәынцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Руслан Гәонџьуагьы. Ашьха ианылбаауаз Агәыхаа амҩаԥгаҩ имҩаԥигоз иреиуан Руслан дызлаз агәыԥгьы.
Аиҵбы Беслан аԥсуа гвардиа далан . Уи иуалԥшьа анагӡара ҩымз заҵәык роуп иахьилшаз , избанзар аибашьра иалагеит. Дҭан иара ААУ аекономикатә факультет 2 тәи акурс аҿы . Иоура, иҭбаара , илахь ҟьаҟьа цәгьала дарԥыс ԥшӡан . Аибашьра амҩа аамҭазы рани раби Аҟәа иалаханы иҟан , урҭ еиҭнырыԥсахлеит жьҭаара 13 рзы Хыԥсҭа инхоз ақырҭцәеи дареи. Уи ашьҭахь Лиудмила маӡала илыдырҵоз адҵақәа рынагӡаразы ҩынтә Аҟәа дцаны дааит, “Усҟан ақырҭцәа рнапаҿы иҟан ҳаҳҭны қалақь Аҟәа Витиос Аҩӡба идҵала ашәаӡа иагәылаҵана иаазгеит исырҭаз аинформациа. Гәымсҭа ацҳаҿы дысзыԥшны дгылан Витиос иахьадагьы саламцәажәацт ари аус. Ҽнак Гагра ахы ианиқәиҭыртә Лиудмила дцеит лыҷкәнцәа лбарцазы. Адәаҿы илԥылаз Шамиль Басаев иалҳәеит Гонџьуа аишьцәа лбарц шылҭахыз , иаразнак ибжьы рдуны ҿиҭит аишьцәа Гонџьуа ” ҳәа , рҩыџьегь ран данырба ирҳәо рҿамшәеит. Шамиль ус иҳәеит аҷкәынцәа бзиақәа шәымоуп , арҭ иреиԥшу рацәазароуп , избанзар Аԥсны еиқәырхатәуп. Уи ихы иархәаны лхы днагәӡын дындәылҵит. . Беслан аибашьраҿы ахьӡ ҿыда “Рембо “ҳәа ирҭеит. 20 шықәса ракәын ихыҵуаз , аха еиԥш зеиԥшыз дмаҷын. Аҟәа аҭарцәразын аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан , Руслан Беслани Мгәыӡырхәа иааит . Цәыббра 6 рзын акәын. Беслан инапала еиҭаиҳаз алаҳа акы ҟаланы иҿан, иааҿихын ифеит. Аишьцәа аибашьра ианца нахыс раб Анатолии илшоз ҟаҵо аҳәаахь дцеит. Уахгьы -ҽынгьы иуалԥшьа наигӡон имашьына УАЗ ала. Ахәцәа ралгараҿы, илиршаз даара ирацәоуп. Уи амашьынаныҟәцаҩцәеи иареи зҵагылаз ангар иақәҳаз аснариад иахҟьаны аконтузиа ӷәӷәа иоуит . Уи иахҟьаны ахыхь бааԥсы иман. Аишьцәа аҳҭнықалақь аҭарцәразы” Учхоз” ала ицоз агәыԥ иалан. Уи лдыруан ран Лиудмилагьы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ауаа хыҵны игылан. Иҭахази ахәцәеи рацәаны иааргон . Сашьа еиҳабы дахьгылаз дтәеит. Амцашоура ҩасыхҟьеит… Џьонсони Иуреи Жьиаа ҩасыдгылан исарҳәеит Руслан ӷәӷәала дышхәу, Бесик дышҭахаз.. илгәалалыршәон Лиудмила. Лиудмила аҩныҟа ацара мап ацәылкит. Лыҷкәын иҭахаз дахьыҟоу дыргарц дрыҳәеит. Дрыманы аморг аҿы ианнеи еилаҳәара иаҿын. Учхоз ианалала хыхьынтә-ҵаҟантә ирыларыжьуа иалагеит. Ԥхьаҟа инаскьахьан еиԥш ахура иоуит Беслан. Уи ацхыраара иҭаны, днаскьаганы ацҳа аганахь дааныжьны иҿанынаихоз дкаҳауеит Руслан , уи акымкәа-ҩбамкәа ахқәа иаахоит, ихдыррагьы ицәыӡуеит. Абраҟа Аҟәа ршьапы аналадыргылоз ауп данҭаха 20 ш зхымҵыцыз Беслан Гонџьуа . Беслан аҩныҟа данаарга , анышәынҭра иалацәажәо ианалага Лиудмила ҽнак ала агәырҩа иафаз лажәа налҳәеит:- Агоспиталь аҟынтә Руслан даазгоит , уи дыԥсраны дыҟаӡар еицыԥсааит ҳәа ҳәаны. Уи ахҭыс иахьагьы ианырҳәо ужьы еиланаргылоит.Ахәра ӷәӷәаӡа змаз Руслан асакаса данҵаны иашьа дивагылан. Беслан анышә данарҭаҵәҟьа амҩа длыманы ддәықәлеит. Урҭ Черкесск ахәшәтәырҭа иҭан. Анаркоз даналҵоз Бесик даажәга ҳәа дыҳәҳәон. Исхашҭӡом сара счымазаҩ дсыман сцеит , Жьиба Кукуша иҭаацәа сцәымза аркуа иадтәалан .Руслан 2-тәи агәыԥ ахымхуа ҳәа дыҟоуп “Леон иорден ианашьоуп. Раб Анатоли ахыхь ӷәӷәа иман. Аҽыхәшәтәра мап ацәикит . Уи лҳәеит иԥшәма Лиудмила -агәыхь изацлеит ихы изамымхит.Уахынла ихчы аныбаӡалакь иааирҳәуан , деихәлаҳаит. Ахәшәтәырҭаҿы сидтәалан . Ахәаша дҭызгеит срыҳәаны , асабшеи амҽышеи аҩны дыҟазааразы . Аха сахьнышьҭалаз Беслан ԥхыӡ дызбеит. Игәалаҟазаара цәгьала ибзиан ус сеиҳәеит” Сан ашәахьа саб сишьҭалан саауеит ҳәа. Сыҭрысны саапшит . Иашацәҟьан ашәахьа иԥсҭазаара далҵит. Аԥсҭазаара цәгьала икыднаҟьаз Лиудмила Гонџьуа лыҷкун аҭаацәара иалалара шхымԥадатәу еснагь илҳәон .Еилыскааит ԥҳәызбак игәы шлызцоз. Уи Асҭанда Резик -иԥҳа Кәыҵниа лакәын . Уи- лҳәеит иааӡоу ахәыҷ ссирқәа аԥсҭазаарахь ҳзыргьежьыз ҳхәышҭаара змырцәаз ԥҳәысуп. Лара лабгьы аибашьра дхымхәаны даанажьит . Дызлыҵыз аҭаацәа илырааӡаз абзиарақәа зегьы смоҭацәа рыхҩык ирыцуп Аслан , Анатолии , Арзадин – среигәырӷьоит, срызгәдууп. Зегьы зҽырхьызыгӡо Лиудмила лыҷкәын Руслан иԥсҭазаара даналацәажәоз амҵәыжәҩақәа лымазар дԥыррашәа убон.Уи лхы лҿы иқәыз агәыҭбаареи ,агәыҳалалреи анубаалауан. Атәым здызымкылаз , зџьабаала инхо Гонџьуа рҭаацәара анаԥшыҩ дреигәырӷьоит . Х-ҩык ахацәарԥар ари ашҭаҿы иахьрызҳауа раби раб иашьеи рфырхаҵарақәа иргәылаҳәан иазҳалоит. Лҽырӷәӷәаны , лхы ҩышьҭыхны лыҷкәынцәа дрызгәдууны ус лҳәеит , Лиудмила : Рыԥсадгьыл рыхьчар акәын, ишрықәнагаз иныҟәеит. Уи хаҵаран, ус аҭахын.
20ш ҵуеит аибашьра еилгеижьҭеи.Лиудмила дара рыхьӡала ацәажәаоеи ажәа аҳәареи мап ацәылкуеит”сара исҭахым ус аҟацара.Схала ашәҭқәа аахәаны абраҟа аҿы снеиуеит , ихьӡи ижәлеи ахьану снапы нахьшьны , сышәҭқәа нықәҵаны , сгәы аарданы аҩныҟа саауеит. Аҩны исзыԥшуп адунеи аҿы зегь реиҳа исҭаху сыҷкәни уи иҭаацәареи. Ан лыхшара изын дгәырҩауа аамҭа ҟамлааит. Гонџьуа Беслан Анатолии -иԥа дҭахеит цәыбрра 19 1993 ш.рзы .Джуп Мгәыӡырхәа ақыҭаҿ . Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ иҟоуп.
Ахыҵхырҭа
Ашәҟәы апроект Роман Ажиба
Атекстқәа равтор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа
Аԥхьажәа Ваниа Ҭарба
Атекстқәа ирыцу ажәеинраалақәа Леуа Леиба
Азеиԥш редакциа Енвер Ажиба
Ашьҭахьажәа Павел Пкьын





































