Ендери Ондери Кәыҵниаа
Аргыларатә фирма анаҧхгаҩцәа
Ендери Ондери Кәыҵниаа еициит ҧхынгәы 20,1973 ш. Германиа ,Франкфурт азааигәара, Ҳанау ақалақь . Аишьцәа дрыцызҳаит раҳәшьазаҵәгьы. Ендери Ондери аиҳабыратә классқәа рахь ианиас аҭаацәа хынҳәит Ҭырқәтәылаҟа, Адаҧазар ақалақь ахь. Араҟа алицеи иалганы аҷкәынцәа цоит Трабзонҟа. Амшынеиқәатә-техникатә университет иҭалоит. Ендер афымцатә-нџьныртә факультет далгоит, Ондер архитектор изаанаҭ иоуоит. Аишьцәа рдыррақәа рыҩаӡара ҳараркуеит, Ендер Сақариатәи ауниверситетқәа руак аҟны, Ондер-Сҭампыл. Аҵара ашьҭахь Ендер ахәшәҟаҵаратә фабрика аҟны аусура далагоит. Ондер ихатәы ргыларатә фирма аартны , иашьа иара иахь дааиҧхьоит.14ш. раахыс аишьцәа Кәыҵниаа рхатәы фирма амаҵ азыруеит, еиуеиҧшым аргыларатә проектқәа шьақәдыргылот. Аишьцәа Аҧсныҟа имаӡацт , аха аҭаара ргәы иҭоуп. Дара ираҳахьеит рџьынџьдгьыл аҟны рашьцәа -рыжәлантәқәа шырацәоу, уи даараӡа еигәырӷьоит. Ҳара иахьынӡаҳдыруа, Ҭырқәтәыла инхо Кәыҵниаа рхыҧхьаӡара 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ҳазегьы Адаҧазар иазааигәоу ақыҭа Џьгьарда – Ақҭефек иҭыҵқәаз ҳауп. Аҧсны аӡбахә раҳахьеит. Ибзианы ирдыруеит иагыуи аихьӡарақәеи ртәы. Аишьцәа рџьынџьдгьыл ахь ианнеиуа, рыуаажәлар рыцхыраара рҭаххоны иҟалозар, гәахәарыла адгылара рырҭоит. Иџьаумшьар залшом, аишьцәа ран дшаҧсыуамгьы , Германиа ишрызҳазгьы , рхатәы бызшәа ахьырдыруа, аҧсуара ахьныҟәырго. Ендер дҭаацәароуп, ҩыџьа аҧацәа Ҭаарық – Емре Ҭаҳа – Селим, аҧҳа Зеинеб- Нур драбуп. Ондер макьана дҭаацәараӡам. Иара Ҭырқәтәыла х-қалақьк еидызкыло архитекторцәа Рхеилак напхгара азҭо хҩык рхыҧхьаӡараҿы дыҟоуп. Амҳаџьырраан, Аҧснынтәи ихырҵәан Ендери Ондери рабду иабду Шьханыҟәа Кәыҵниеи иҧшәмаҧҳәыс Ҷаҷеи лыжәла еилкаам ҩышықәса зхыҵуаз рҧа Ламшьацәи. Иахьынӡардыруа Аҟәантәи иқәҵқәаз роуп.
Ахыҵхырҭа:. С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа
