Site icon Abhaz Online

Оздан Фарықә- иҧҳа  Аҩӡҧҳа- Оздан Авидзба

Оздан Фарықә- иҧҳа  Аҩӡҧҳа диит хәажәкыра 11 , 1975 ш . Германиа,  Лангенфельд ақалақь . Лаби лан  Леила Аргәынҧҳаи ирааӡеит хәҩык ахшара, аҧеи ҧшьҩык аҧҳацәеи. Абжьаратә школ ашьҭахь, Оздан дҭалоит  Киольн ақалақь ауниверситетқәа руак, асоциал -педогогикатә факультет. Анаҩс далгоит амагистратура , убас илыхьчоит адоктортә диссертациа. Аамҭакәак рзы аус луан  Киольн ауниверситет аҿы рҵаҩыс , аҭаацәа рыхьчара аминистрраҟны. Оздан даныҩнраха , лцҧшәма  Али- Исхан  Сергьегьиа( Чыкь-иҧа)  дицны  Ҭырқәтәылаҟа дааит. 2000 ш. раахыс  Сақариа дынхоит.  Аҭыҧантәи ауниверситетқәа руак аҟны аус луеит, дыпрофессоруп. Лҭаацәаратә ҭоурых далацәажәо , Оздан илҳәеит иахьа  Германиа ишынхо  Аҩӡаа рабиҧарақәа15 . Лаб иашьеиҳабы  Четин еиуеиҧшым атәылақәа рҟны консулс дыҟан. Амҳаџьырраан   Оздан  Аҩӡҧҳа лабду иабду  Шәлимани , иашьа  Ҳалии раб иашьа  Ҳаџьымаҟәеи, уи иҧацәа   Маҭамеи ,  Салмаҟи ирыцны  Ҭырқәтәыла , Синоп иӡхыҵит. Аашықәса  Барҭын ақалақь иҟан, устәи  Диузџье иааны ,Гәыма ақыҭа, аҧсуаа рыгәҭа инхеит. 1967 ш. Оздаг лҭаацәа   Германиаҟа ицеит,  Ҭырқәтәыла , аамҭала аамҭала иахьынхоз ,ҧсабарала еиҧшыз аҭыҧ нхарҭас иалырхит. Аҧсны  Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа , аҧсуа быргцәа рансамбль агострольқәа рыманы . Германиа ианыҟаз , аколлектив иалаз еихшаны ҳџьынџьуаа ирыдыркылеит.” Ҳара ҳаҩны аҧсуа быргцәа ҩымчыбжь иаҳҭан. Уи гәырӷьара духеит ҳҭаацәараҿы . Аӡыхь еиҧш ицқьаз ҳхатәы бызшәа ҳзырҳаз ,ҳҭоурых абла ҳҭазырҧшыз , ҳаҧсуара иаҵоу адоуҳамч атәы ҳазҳәаз аҭаҳмадацәа рыбзоурала ҳгәаҵаҿы иит ҳаҧсадгьыл ахь ҵҩа змам абзиабара, ҳгәы рзыблит ҳауаажәлар-ҳәа азгәалҭоит  Оздан. Оздан  Аҩӡҧҳа ҩыџьа ахшаара лымоуп, аҧа . Баҳаџьани аҧҳа . Берраи..Ҳџьынџьуаҩ лассы-лассы дазхәыцуеит . Аҧсныҟа аара. Лара илҭахәп ишынҭаацәоу рыҧсадгьыл рбарц , уимоу нхара иаанхарц

Ахыҵхырҭа: Саида. Ажьиҧҳа

Exit mobile version