Site icon Abhaz Online

Назра Навуз-иҧҳа Алкьынҧҳа-Назра Навузовна Алкин

Назра Навуз-иҧҳа Алкьынҧҳа

Сҭамбыл иҟоу , “Фенербаҳче” аспорттә клуб хада аиҳабы

Назра Навуз-иҧҳа  Алкьын-ҧҳа диит рашәара 18, 1991 ш. Сҭампыл ақалақь . Абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит Сҭамҧылтәи ауниверситетқәа руак, анапхгараҭаратә факультет. Анаҩс аусура далагоит ахәҳахәҭратә фирмаҟны, алогистика аҟәшаҿы. Аамҭакы ашьҭахь,  Сҭампыл иҟоу “.  Фенербаҳче” захьӡу аспорттә клуб хада аиҳабы имаӡаныҟәгаҩ имаҵура аанылкылоит. Назра  Алкьынҧҳа лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгыло еиҭалҳәеит амҳаџьырра ҟалаанӡа лаб ишьҭра Аҟәа ишынхоз. Рнапы шалакыз ахьы аҭира. Ахҵәара аныҟала ,Самсунҟа иахган лабду иабду  Рышьҭуи , ҩыџьа иаҳәшьцәеи, 2.5.бжаки шықәса зхыҵуаз иҧа хәыҷы Аҳмеҭи. Атәым дгьыл аҟны  Рышьҭу иаҳәшьцәеи иареи еицәыӡит. Ауадаҩрақәа ихыганы, исаби диманы Сҭампылҟа даауеит, устәи нхара дцоит еиҳа аҧсуаа ахьырацәаз . Сақариаҟа. Назра Алкьынҧҳа лаб диҧҳазаҵәуп аҟнытә, еиҳагьы аҭаккҧхықәра лхы иадырҵоит лаҧсуара аиқәырхаразы . Аҧҳәысба аҵасқәеи ақьабзқәеи ныҟәылгоит. Сҭампыл аҧсуа  Дернеқь аҟны еиҿкаау акәашаратә ансамбль  Редада далан. Маҷк абызшәа аҳәараҿы деиҵахгит, аха уи арҽеира лгәы иҭоуп. Аҧсныҟа дцаанӡа. Иахьатәи аҿар адунеи аҿы еицырдыруа аҭыҧ ҧшӡарақәа рахь ирыхозаргьы , Назра илбаҵәҟьар илҭаху, лдацқәа ахьынтәаауа , аамҭала лабдуцәа ахьынхоз адгьыл ауп.. Илыҧшаарц лгәы иҭоуп лыжәлантҭәқәа , еилылкаарц рҭоурых. Насгьы , лхала лакәымкәа, лыуацәеи лҭынхацәеи рҽеибаркны рџьынџьдгьыл иаҭаарц хыкәкыс илымоуп. Иахьатәи аҭахрақәа схы иархәаны сыҧсадгьыл ганрацәала иҭысҵааит. Ицаны иаахьоу ишырҳәо ала џьанаҭ еиҧшҵәҟьоуп. Аҧсабара акәзар, ауаҩы инапы зкьымсыц акэны избоит, аҳауа цқьоуп. Абарҭқәа зегьы ҳахызбааз роуп , ҳажәлар аџьамыӷәа цәгьа иҭазыргылаз. Аха иахьа аҭагылазаашьа аҽаҧсахит , убри аҟнытә ҳҽеибакны ҳаҧсадгьыл ахь ҳхынҳәыроуп, амала ажәала акәымкәа , иҵабыргыцәҟьаны-лҳәоит аҧсуа ҧҳәызба.

Ахыҵхырҭа: . С.   Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа

Exit mobile version