Муҳеҭҭин Наазым-иҧа Гьечба
Анкара иҟоу ,Кавказ аҭҵаарадырратә фонд аиҳабы
Муҳеҭҭин Наазым -иҧа Гьечба диит хәажәкыра 5 ,1944ш. Каисери ақалақь иаҧну ашьхарыуа қыҭа Ҟазынџьық. Иаби иан . Ҳансиде Шьқәааҧҳаи ирааӡеит фҩык ахшара, ҧшьҩык аҧацәеи ҩыџьа аҧҳацәеи. Абжьаратә школ даналга , Муҳеҭҭин дҭалоит . Кониа ақалақь ауниверситет, арҵаҩратә факультет. Анаҩс алицеи аҿы аусура далагоит, иашьцәеи иаҳәшьцәеи арҵаҩыс дроуеит. Аамҭакы ашьҭахь ,Анкаратәи ауниверситет аекономикатә факультет дҭалоит. Муҳеҭҭин Наазым-иҧа аҵара анхиркәшалак, аихачаҧарҭатә фабрикаҟны инспекторс дҟарҵоит. Араҟа 23 ш.амаҵура ныҟәигеит. Муҳеҭҭин . Гьечба 35ш.раахыс аизгара даҿуп . Кавказ иадҳәалоу архив. “Раҧхьанатә сара салагеит Османтәи аимпериа имҩаҧнагоз аибашьра иалахәызи, иҭахази Кавказ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа рсиа ашьақәыргылара . Дара рхыҧхьаӡараҿы иҟан ар ркомандаҟаҵаҩцәа, аинралцәа уҳәа. Усҟан сгәы иҭаскит аҩрагьы,”-иҳәоит ҳџьынџьуаҩ. Иазгәаҭатәуп , ари атема иазкны Муҳеҭҭин Гьечба иакымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа шҭижьхьоу. Муҳеҭҭин Гьечба Ҭырқәтәыла инхо Кавказ абыргцәа гәыҧҩыуаак иҟарҵаз аҳәарала , Кавказ амилаҭқәа реидгылақәа . Рфедерациа шьақәзыргылаз дыруаӡәкуп .Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ҩышықәса шагыз иара Аҟәеи Нальчики дцеит . Кабарда -Балкариа жәларбжьаратәи ачерқьесстә еиҿкаара дахәҭакхеит. Далахәын . Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар . Рконгресс раҧхьатәи аизара. 2000 ш. Муҳҳеҭин Гьечба Анкара Кавказ аҭҵаарадырратә фонд аҧиҵеит. Еизганы имоуп 40 нызқь Кавказ аӡбахә зҳәоу адокументқәа , ашәҟәқәа, ажурналқәа уҳәа. Ибзоурала , Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иблыз аҧсуа-ҭҵааратә институт ихадароу архив ахәҭак шьақәыргылоуп. Муҳеҭҭин Гьечба иабшьҭра Ҟарачы – Черқьессктәқәоуп . Иара иабду Аҳмеҭ ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи иманы Ҭырқәтәылаҟа дықәымҵыр амуит. Уи иашьа Саалих хҩык иҧацәеи иҧҳаи Мрагыларатәи атәылақәа руак ахь иахцан. Иахьа Америкагьы инхоит дара ирхылҵқәаз.
Ахыҵхырҭа:. С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа
