Левент Феҭи-иҧа Аҭрышба
Ҭырқәтәылатәи амобилтә оператор “Vodafone” ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы
Левент Феҭи-иҧа Аҭрышба диит ажьырныҳәа 10, 1968 ш. Ҳендеқь ақалақь. Иаби иан Бельқьес Агрҧҳаи ирааӡеит хҩык ахшара, ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи. Левент абжьаратә школ даналга , дҭалоит Анкара аполициатә коллеџь, анаҩс аполициатә . Академиа. Аҵара ашьҭахь , Сҭампыл ақалақь аполициаҟны атеррор иаҿагыланы ақәҧаразы аҟәшаҿы аусура далагоит, уи ашьҭахь ҩаҧхьа Анкараҟа дхынҳәуеит, араҟагьы аполициаҿы аамҭа-аамҭала анаркоманиеи, иӡаны иҟоу архынҳәреи рыҟәшақәа еиҳабыс дрыман. Левент даҽа заанаҭк аҿгьы ихы ҧишәоит, иара далгоит . Анкаратәи ауниверситет , афилологиатә факультет, англыз бызшәеи алитературеи рыҟәша. Ҭырқәтәыла, аполициатә центр Ахадараҟны шықәсык аус уны диаргоит Хаккари ақалақь аполициа иҷыдоу ахырхарҭа еиҳабыс. Устәи аҳәынҭқарра ахарџь ала , Ниу- Иоркҟа изаанаҭ аҩаӡара ашьҭыхразы дрышьҭуеит. Анаҩс , ҩаҧхьа Хаккари даауеит. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аполициа ахырхарҭала аус иуит Еиду амилаҭқәа реилазаараҟны – Либериеи Косовеи. Аҵыхәтәантәи Текирдаг ақалақь аполициа аиҳабыс дшыҟаз тәанчара дцоит. Уи ашьҭахь , Ҭырқәтәыла иҟоу афирма “Nestle ” ашәарҭадаратә маҵзураҟны бжьышықәса аус уны диасуеит амобилтә оператор ” Vodafone “ашәарҭадаратә маҵзура наҧхгаҩыс. Левент Аҭрышба ҩынтә иҭоурых ҧсадгьыл ахь даахьеит. Иара иҳәоит 40 тәыла дшырҭаахьоу, аха Аҧсны еиҧш иҧшӡоу џьаргьы иҟам ҳәа. Иахьа Аҧсны инхо ҳашьцәа – ҳажәлантәқәа Баҭымынтә иаақәаз роуп , убас Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ҭырқәтәылантәи днеит, нхарагьы даанхеит Муҳарем Аҭрышба. Сара уахь санцо дара срысасуп. Даара пату сызрықәуп, бзиа ҳаибабот. Сашьцәа рааигәарагьы ҩнык аргылара сгәы иҭаскит-ҳәа азгәеиҭоит Левент . Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Аҭрышаа Гәбаады . Красная поляна )аҟнытә иқәҵқәаз роуп.
Ахыҵхырҭа: С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа
