Кадыр Рефқьи -иҧа Абаӷба
Ҭырқәтәылатәи Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ , Ҭырқәтәылатәи Аҳәынҭқарра Ахадара аусбарҭа аексперт.
Кадыр Рефқьи-иҧа Абаӷба диит хәажәкыра 16,1960 ш. Месудие ақыҭан Адаҧазар ақалақь азааигәара. Иаби иан Шьуқран Кәышмалҧҳаи ирааӡеит хәҩык ахшара , хҩык аҧацәеи ҩыџьа аҧҳацәеи. Сақариатәи абжьаратә школ ашьҭахь, Кадыр Абаӷба дҭалоит Анкаратәи ауниверситет , аҧсабаратә наукақәа рфакультет . Абиолог изаанаҭ иоуны , ихьчоит адоктортә диссертациа. Аҵара ашьҭахь аусура далагоит Сҭампыл ақалақь , агәабзиарахьчара аминистрра иатәу амикробиологиатә лабораториаҿы устәи диаргоит Анкара агәабзиарахьчара аминистрра алабораториа аҳәынқарратә гәаҭара аиҳабыс . Иахьа, Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩс дыҟоуп ,убас Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра Ахадара аусбарҭа аекспертс. Кадыр Абаӷба амаҵура ду шныҟәигогьы , дшеилахогьы, иара изы раҧхьа игылоу иуаажәлар ринтересқәа роуп. Знызаҵәык ицхыраара зҭаху ҧсыуак мап ицәимкыц. Амҳаџьырра ҟалаанӡа , Кадыр Рефқьи- иҧа иабшьҭра . Гагра араион Багрыҧшь ақыҭан инхон. Иара иабду иаб Ҳасан иоуп ахҵәара иақәшәаз . Раҧхьанатә Ҭырқәтәыла Билеџьик ақалақь иазааигуоу Месудие ақыҭахь дцеит. 2015 ш.рзы Кадыр Абаӷба раҧхьаӡакәны иҩызцәа дрыцны Аҧсныҟа дааит . Аҳәаа саназааигәаха , “Аҧсны . Аҳәынҭқарра ” ҳәа аҩыра анызба еиҳа-еиҳа сгәы еисуа иалагеит . Сыҧсадгьыл сшьапы анықәсыргыла ,исылжжыз ацәаныррақәа еиҭаҳәашьа рымам, сҵәыуару , сгәырӷьару сзымдырит- игәалашәоит ҳџьынџьуаҩ. Кадыр Рефқьи-иҧа Аҧсны дахьынӡаҟаз , иҩызцәеи иаре ахи- аҵыхәеи еимырдеит Егрынӡа ицеит. Кадыр Абаӷба ҩыџьа аҧацәа имоуп. Емир-Куанчи Омер- Гуреи. Арҧарцәа ршьапы ианықәгылалакь , раб игәы иҭоуп иҧсызыҿҳәароу иџьынџьдгьыл ахь ахынҳәра.
Ахыҵхырҭа :С. Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа
