Site icon Abhaz Online

Зафер Ажьиба- Зафер Ажиба

Ашәҟәыҩҩы-апублицист

Зафер  Дурсун-иҧа  Ажьиба диит нанҳәа 26, 1951 ш.Самсун ақалақь азааигәара,   Аҭаацәараҟны ирызҳаит ҩыџьа аҧҳацәеи ҩыџьа аҧацәеи. Зафер абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит апедагогикатә институт, аматематикатә арҵаҩы изаанаҭ иоуразы .  Аха усҟантәи аамҭазы , . Ҭырқәтәыла иҟалаз анархиа иахырҟьаны иҵара нижьуеит.Анаҩс, аҳасабеилыргаратә курсқәа дырхысны, аусура далагоит Сҭампыл ақалақь,автосервис аҟны. Тәанчара данца, 2005 ш. Зафер иҩызцәеи иареи, Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа аҧшьгаратә гәыҧ аҧҵаны , ирыӡбоит . Жьинеҧс (адыга бызшәала аӡаӡа)   ҩыс захьӡу есымзатәи агазеҭ, аҭыжьра иагьрықәманшәалахоит. Араҟа ианылоит  Кавказ иазку астатиақәа , аочеркқәа , аиҿцәажәарақәа,   Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа , ҳауаажәлар ринтересқәа ирықәшәо ажәабжьқәа . Зқьы екземплиар иҟоу агазеҭ ҳџьынџьуаа еихшаны ирырҭоит. Зафер Ажьиба иҭижьхьеит   Ҭамкыҭ ааҧынра ааиӡом” захьӡу , иажәеинраалақәа реизга шәҟәы , убас аҧсуа жәлақәа рдамыӷқәа ирызку ашәҟәгьы. Иусумҭақәа изныкымкәа агазеҭ. Аҧсны адаҟьақәа ирнылахьеит. Иахьагьы икалам иҵыҵуа ҳҭоурыхи , ҳабзазареи ртәы зҳәо астатиақәа икьыҧхьуеит Жьинеҧс аҟны.  Амҳаџьырра аамҭақәа дырзааҭгыло,  Зафер  Ажьиба иҳәеит, ахҵәара иақәшәаз иабду иаб  Ҳатати иҧшәмаҧҳәыс . Ҧынҵаҷаҧҳаи лыхьӡ ргуалашәаӡом )бжьышықәса зхыҵуаз рҧа хәыҷы  Абтыти шракәу. Самсун иӡхыҵыз . Ажьиаа , уаҟа аҧсҭазааратә уадаҩрақәа рхыганы анхара иалагеит. Зафер 1994 ш.далахәын аҧсуа-абаза жәлар адунеи зегьтәи рконгресс. Аибашьра ашьҭахь . Аҧсныҟа саннеи ,даараӡа сгәы сыхьит , аамҭа хьанҭа ажәлар зныруаз ажәлар рыцҳасшьеит иҳәоит иара. Зафер   Ажьиба ивхьагьы иҭахуп иџьынџьдгьыл ахь ацара аха макьана азын алшара имам. Лассы-лассы  Аҧсныҟа сызцаӡом азын ,исыӡбеит . Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар срыхәарц ринтересқәа акьыҧхьала иӡырызгарц, -ҳәа ҳалиркааит ашәҟәҩҩы  . Зафер Ажьиба дҭаацәароуп , димоуп аҧҳа Сылагәыҧсе.

Exit mobile version