Есра Балҧҳа
Афинансист
Есра Ерол-иҧҳа Балҧҳа диит жьҭаара 19, 1984 ш. Иозгаҭ ақалақь аҟны . Аҭаацәараҿы ирызҳаит аҧеи аҧҳаи. Абжьартә школ ашьҭахь, Есра дҭалоит . Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак , англыз бызшәала аекономикатә факультет далгоит. Анаҩс аекономикатә-политиказы лдыррақәа еизлырҳауеит. Аҵара ашьҭахь , аинформациктә маҵура .” Reuters “аҟны, амаркетинг аҟәшаҿы аусура далагоит. Аамҭакы ашьҭахь диасуеит жәларбжьаратәи аекономикатә журнал ” Bloomberg Business Week” ахь. Акраамҭа аус луеит журналистс, нас еиҭагаҩс.Иахьа аҧҳәызба Сҭамҧыл ақалақь ,анемец фирма “Siemens” амедицинатә аппаратура адкылареи аҭииреи аҟәшаҿы афинансист хадас дыҟоуп. Есра Балҧҳа аҭоурых дазааҭгыло , илҳәеит амҳаџьырран Ҟарачы- Черқьесск , Ҟәбина ақыҭантәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз лабду иабду Қрым шиакәу. Аишьцәа -аижәлантәқәа Балааи ,рыуацәеи , уҳәа гәыҧҩыуаак Иозгаҭ ақалақь азааигәара рҽеидыркылеит , нас х-қыҭакны рыҽдырҭбааит . Сара саб Аҧсни Ҟарачы- Черқьесски дцахьеит , имоуп аҧсуа атәылауаҩшәҟәы. Ицқьаны иҳәоит аҧсуа бызшәеи абаза бызшәеи. Сашьеи сареи ҳныҟәо ,ҳцәажәо ак еилаҳкаауа ҳаналага инаркны , ҳҭаацәа ,ҳмилаҭ иашьашәало ахымҩаҧгашьеи алеишәеи ҳдырҵеит , амала абызшәа аҳәараҿы маҷк ҳхьысҳауп , аха аҭагылаазашьа ҳарҽеиуеит. Ҳара иаҳҭахуп ҳџьынџьдгьыл ахь ҳаннеиуа , ҳашьцәа ҳхытәы бызшәала рацәажәара -лҳәоит аҧҳәызба . Есра лыҧшәма дшаҧсыуамгьы , иабхәараа ркультура ҳаракны ишьоит. Рҧа хәыҷы Али- Ердемгьи аамҭала иан леиҧш , Кавказ амилаҭтә кәашарақәа рахь дныҟәоит. Аҭаацәара қәыҧш ирҭахуп еицны Аҧсны аҭаара. Есра лыҧсадгьыли лыуаажәлари лгәаҵаҿы иҷыдоу аҭыҧ ааныркылоит, лара илымоу абзиабара зхәаҽуа мчык ҟалом.
Ахыҵхырҭа:. С . Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа
