Енвер Ҭаҳир- иҧа Бзагәа
Апрофессионалтә боксиор
Енвер Тахир-иҧа Бзагәа диит ажьырныҳәа 10.1995 ш. Чорум ақалақь. Аҭаацәараҿы ирызҳаит хҩык ахшара, ҩыџьа аҧацәеи аҧҳаи. Енвер ашкол дахьынзаҭаз атлетика хьанҭазы аҽазыҟаҵарақәа рахь дныҟәон . Анаҩс , Анкара ақалақь Ахадара иатәу аспорттә комплекс дахыҧхьаӡаланы абокс азы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит. Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра аофициалтә спортсмен ҳәа дыҧхьаӡоуп. Бжьышықәса ирылагӡаны абаза ҷкәын, зыхьӡ хара инеҩхьоу абоксиор 17- нтә Анкара дачемпионхахьеит , бжьынтә арегионалбжьаратә чемпион ҳәа ахьӡ даҧсахахьеит, изныкымкәа Ҭырқәтәыла дачемпионхахьеит. Сҭампыли Украинеи имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны аҭыҧқәа игахьеит. Енвер иаб Ҭаҳир Бзагәа, Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анҵәамҭазы мчыла зыҧсадгьыл ахь аара зылшаз дреиуоуп. Усҟан иҩызцәеи иареи атәыла ашьапы ақәыргыларазы рашьцәа ацхыраара рыдыргалеит. Сара сшыхәҷыз Аҧсны аӡбахә здыруан. Саб иҭахызаарын аибашьра ашьҭахь уахь данца , нхара даангыларц , аха иҭаацәа ибоит ҳәа Ҭырқәтәыла дахьааиз , сабду димышьҭызаап, уи иахьа уажәраанӡагьы гәалас имоуп-иҳәоит Енвер. Бзагәаа рҭаацәара Ҟарачы- Черқьесскынтжи ахҵәара иақәшәеит. Амҳаџьырран , Енвер иабду иабду Мырзеи, уи иаб Ҧшьмафи, гәыҧҩыуаак рыжәлантәқәеи, рыуацәеи, ргәылацәеи, рҩызцәеи Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит. Чорум ақалақь азааигәара, аишьцәа Бзагәаа ақыҭа шьақәдыргылан инхеит, иахьа уажәраанӡагьы рдацқәа ыҟруп, еиҵагылеит аьиҧара ҿыц. Ҭаҳир Бзагәа ихшаара зегьы аҧсуара злаҽу, зыҧсадгьыли, зыуаажәлари рахь ҵҩа змам абзиабара згәы иҭоу роуп. Енвер дазгәдууп , амчгьы инаҭоит ашьхарыуаа дахьрыцкару, ршьа ахьилоу. Арҧыс агәаҳәара дуӡӡа имоуп Аҧсны абираҟ даҵагыланы адунеи ачемпионра агара.
Ахыҵхырҭа :С. .Ажьиҧҳа
Амра ашәахәақәа.
