Site icon Abhaz Online

Елиф Ерҭаи-иҧҳа  Аҭеиҧҳа -Елиф Атеиба

Елиф Ерҭаи-иҧҳа  Аҭеиҧҳа

Ахаҧыц ҳақьым

Елиф Ерҭаи-иҧҳа  Аҭеиҧҳа диит ҧхынгәы 11 1973 ш. Измиҭ ақалақь . Лаби лан  Хавва  Габниаҧҳаи ирааӡеит ҩыџьа ахшара, аҧеи аҧҳаи. Абжьаратә школ ашьҭахь, Елиф дҭалоит Сҭампыл амедицинатә университет, илоуеит ахаҧыц ҳақьым изаанаҭ . Аҵара ашьҭахь , аҧҳәызба шықәсык клиникак аҿы аус уны ,аҧышәа лырҳауеит. Ашьҭахь , хҩыкны еилахәны иаадыртуеит рхатәы ахаҧыцхәышәтәырҭа клиника. 20 ш инареиҳаны  Елиф лнапы алакыуп бзиа илбо аус.  Ҳџьынџьуаҩ лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгыло иаҳзеиҭалхәеит амҳаџьырра аамҭа хьанҭақәа раан ,  Аҧснытәи . Ҭырқәтәылаҟа дықәымҵыр шамуз лабду иабду . Ҳаниф ҩыџьа иҧацәа  Саадыки  Османи иманы . Ахәыҷқәа ран илразҟхаз еилкааны ирыздырӡом. Раҧхьанатә аби ихшареи еицны . Сҭампыл иааит, аха араҟа акәыбырқәа рацәан аҟнытә ,анхамҩа ашьақәыргылара хьанҭахеит. Уимоу ирынеит еиуеиҧшым ауадаҩрақәа . Анаҩс , Адаҧазар ақалақь иаҧну, аҧсуа қыҭа  Каиалар нхара ицеит . Уаҟа рышьаҭагьы адыркит. Елиф дшыхәыҷыз инаркны лыҧсадгьыл аӡбахә лаҳауан. Аҭаацәа рыхшара рыхшыҩ иҭаргалон ртәыла хаҭа мшын нырцә ишыҟоу , уи Аҧсны  шахьӡу, џьанаҭ ишеиҧшу . Сара макьана  Аҧсныҟа сымцазац аха сани, саби, сашьеи ыҟан даара ибзиан ирыдыркылеит. Ирабадырит ҳауацәа Аҭеиааи Габниааи , идырҳаит аҩызцәа. Ргәы иҭымҵо ихнахит ауаа реизыҟазаашьақәа аҧсабара аҧшӡара, аҳауа зҩыда -еиҭалҳәот ҳџьынџьуаҩ . Елиф  Аҭеиҧҳа аҧсуа культура даара ҳаҭыр лзақәуп. Лара амырзаҟан арҳәашьа аҵара даҿызаап. Елиф дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара лымоуп. Лҧа  Џьани лыҧҳа  Аишье  -Нази лыманы . Аҧсныҟа даарц лгәы иҭоуп. Елиф лыҧшәма даҧсыуаӡам, аха лхәыҷқәа лҭоурыхтә ҧсадгьыл агәыбылра длыркырц лҭахәуп. Аҧсуа шьа злоу, зегь акоуп .  Аҧсны ишьапы анықәиргылалакь дызхылҵыз идоуҳа илаҽуеит, есқьинагьы ари адгьыл ахь ихо иалагот.

Ахыҵхырҭа : Амра ашәахәақәа

С.. Ажьиҧҳа

Exit mobile version